АХҬЫСҚӘА

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз жәларбжьаратәи аекспедициа «Аԥсуа цәқәырԥа» алахәылацәеи реиԥылара мҩаԥысит «Гәыма» аҿы

Атәыла ахада асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Екатеринбург имҩаԥысуаз афестиваль апрограмма хада анхыркәшаха ашьҭахь ареспубликахь рааразы.

«Имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҿы еиқәхоит ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зхахьы изго абиԥарақәа реимадара. Иарбанызаалак аполитикатә бжьахәаахәҭрақәеи аиҿагылара аларҵәаразы аҽазышәарақәеи ас еиԥш аицәажәара ԥынгыла анаҭаӡом, уи аҭынчрза зцу аԥеиԥш хырԥашьа шамам унарбоит. Ҳара ҳгәы иахәоит аԥсуа ҿар апроект ҿыцқәа ралахәхаразы алшара ахьроуз», - ҳәа азгәеиҭеит ахада.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы акультуратәи аҭоурыхтәи еиҭныԥсахлара аҵакы шамоу:

«Шәара ишәыман алшара ҳажәлар ркультуреи, рҭоурыхи, ртрадициақәеи рдырра. Аԥсны аҭынха беиа амоуп, ахьыԥшымрахь амҩа уадаҩ ианысит. Иахьа аҳәынҭқарра аҿиараҿы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Аԥсны азхазҵаз атәылақәа рхыԥхьаӡара аизырҳара ҳхықәкы хадақәа ируакуп, ҳреспубликеи шәҳәынҭқаррақәеи еимаздо цҳаны шәҟалап ҳәа ҳақәгәыӷуеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

«Аԥсуа цәқәырԥа» алахәылацәа атәыла ахада идыргалоит Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны аус здыруло апроектқәа хԥа.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image