«Hola, Abjasia!» Латинтәи Америка атәылақәеи Аԥсни рыбжьара акультуратә еимадарақәа рыҿиара иазкуп. Аԥшьгамҭа иазԥхьагәанаҭоит аԥсуа, аузбек, Латинтә Америка атәылақәа рбызшәақәа рыла Аԥсны иазку аматериалқәа зну жәларбжьаратәи аволонтиортә ҳеи ацифратә платформеи раԥҵара.
«Culture Wave» (Аԥсны, Молдова, Таџьикистан) – акультуратә еиҭныԥсахларазы жәларбжьаратәи ацифратә платформоуп. Еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа ркультура алацәажәара, ахҭысқәеи аԥшьгарақәеи реиҭаҳәара, еицырзеиԥшу апроект ҿыцқәа рзы аусеицура ахьрылшо аҭыԥ.
«Project Research» Аԥсни Латинтәи Америкеи ракадемиатә еиҭныԥсахлареи рыҭҵаарадырратә усеицуреи иазырхоуп. Ари Аԥсни Латинтәи Америка атәылақәеи рыҭҵааҩцәеи руниверситетқәеи реидкылара зылшо апрограмма иапрототипуп.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аԥшьгарақәа рыхә ҳаракны ишьеит, иара убас «Аԥсуа цәқәырԥа» аԥхьаҟа амҩаԥгара дадгылеит.
Аекспедициа мҩаԥысит жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль (Екатеринбург) аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахадеи аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Сергеи Кириенкои рыцхыраарала.

