Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынба зхадараҿы дыҟоу аделегациа усутә визитла Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет иаҭааит. Аганқәа хшыҩзышьҭра арҭоит ареспубликаҿы абжьаратә ҵара асистема аҿиара иазырхоу ирҿыцу аформат. Аиԥылараан Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет анапхгара ишьақәдырӷәӷәеит аусуратә занааҭқәа ркадрқәа разыҟаҵараҿы акомплекстә цхыраара аҟаҵара ишазыхиоу. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра апресс-маҵзура. Афедералтә университет аԥснытәи аколлеџьқәеи атехникумқәеи рырҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аизырҳараҿы ацхыраара ҟарҵоит, иара убас арҵаратә…
ҞБА Ахада Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ҳамҭас иеиҭеит ҳаамҭазтәи УЗИ-аппарат Mindray M6. Аппарат рыҭан агәабзиарахьчара аусхк аҟны ареспубликақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицуреи аиҩызаратә еимадарақәеи рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Амшаҧы – еицырдыруа аныҳәақәа рахьынтә даараӡа ҳаҭыр зқәу, ауахәаматә традициақәа еидызкыло, аҭоурыхтә гәалашәарақәеи аҭаацәаратә ҵасқәеи еимаздо ныҳәоуп.
Адаул – ҳмилаҭтә музыкатә рҳәагақәа рыхкқәа ируакуп. Ажәларқәа, Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ҳашьцәа уахь иналаҵаны, ирымоуп амузыкатә ритмика ҳәа изышьҭоу, амузыка аритм ала ихазырҭәаауа, амузыкатә рҳәагақәа ируаку адаул.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me