Ноиабр 30 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыс­тәыла Аҳәынҭ­қарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Неверов. Адныҳәаларатәы ажәаҿы Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аҧсны аҵак ҷыда шарҭо Аҧсны Жәлар Реизареи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура.
Декабр 1 азы Аҟәа имҩаҧы­сит Аҧсны Жәлар Реизареи Урыс­тәы­ла­тәи Афедерациа Афеде­ралтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәышаҳаҭра. Уи рнапы аҵарҩит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахан­тәаҩы Виачеслав Володини.
Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини реиҧылара.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы Виачеслав Володин, Аҧсны официалтә визитла иааз.
Аҧсны официалтә визитла иааз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭ­қарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны игылоу 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз рбаҟаҿы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me