Шьалодиа Аџьынџьал диижьҭеи 90 ш. аҵра иазкны Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Шьалодиа Аџьынџьал диижьҭеи 90 ш. ҵит.
Сентиабр 1 азы – адыррақәа рдунеи ахь Мышқәак роуп иаанхаз – аҧхынра ииасуеит,ишаҧу еиҧш, иааит ҭагалан. Уи инамаданы – иҳамбаӡакәа аҵарашықәс алагамҭагьы. Ақалақь аҩныҵҟа ацәажәарақәа ыҟоуп ахәыҷқәа сентиабр аказы ашкол ахь ицаӡом, октиабр мзазы ауп ҳәа. Уи ҵабыргны ирҳәоу, мамзаргьы ус цәажәароу, насгьы Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны ашколқәа аҵарашықәс алагара иахьынӡазхиоу еилаҳкаарц ҳлыҿцәажәеит Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ…

Аалыҵқәа рџьармыкьа

25 Нанҳәа 2022 12:10
Гагра ақалақь аҟны ақыҭанхамҩатә дгьылҵакырақәа рырҿиаразы ПРООН еицырзеиҧшу апрограмма инақәыршәаны имҩаҧысит Аҧсны иаадрыхуа, иагьҭрыжьуа аалыҵқәа рқыҭанхамҩатә џьармыкьа. Уи аҧсуа фермерцәа алшара рнаҭоит раалыҵ ацәыргаразы, аҭиразы, Аҧсны ауааҧсыреи асасцәеи ракәзар, ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа раахәара, аинтерес роур, ҳаҧхьаҟагьы аусеицуразы аарыхыҩцәа рҟны ишиашоу аимадарақәа рышьақәыргыларазы.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me