Илона Лаша-иҧҳа Матуа абри аус аҿы аџьабаа лбоижьҭеи абар аашықәса инарзынаҧшуеит. Илона Лаша-иҧҳа аус луеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҟны аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс.
«Сара сзанааҭ алхраҿы даараӡа анырра ҕәҕәа ҟалҵеит сан. Иахьа рҵаҩыс аус зуазар, изыбзоуроу лара лоуп. Уи дхәыҷаахыс илҭахын дырҵаҩхарц. Изыхҟьазаалакгьы лыгәҭакы лзынамыгӡеит, аха ҳара есымша иҳалҳәон: «ҩыџьа аӡҕабцәа шәыҟоуп, шәуаӡәк дырҵаҩхароуп», – ҳәа. Ҳаиҿцәажәара абас ихацлыркит Илона Матуа. Лара лажәақәа рыла, арҵаҩы зегьы раҧхьа иргыланы дырҵаҩхарц иҭахызар, бзиа иибаша изанааҭ акәӡам, ахәыҷқәа бзиа ибароуп. «Арҵаҩы ашкол ахь даазго ахәыҷқәа рыбзиабара ауп», – ҳәа азгәалҭеит уи. Илона Лаша-иҧҳа лажәақәа рыла, лара лзы зегьы реиҳа ихадоуп ахәыҷы ииҵаз иаҧхьаҟа иҧсҭазаара ашьақәгылараҿы ихы иаирхәартә еиҧш алшара иоур. «Аҷҷаҳәа аҵатәхәқәа рҵара хымҧада ишьахәуп, аха убри инаваргыланы ахәыҷқәа реизыҟазаашьа акыр аҵанакуеит, арыцҳаибашьара, аҿаҵеиҩшара, аҩызара аныҟәгара, абарҭ аҟазшьақәа рылааӡара даара ихадоуп ҳәа сгәы иаанагоит», – лҳәеит арҵаҩы. Аиашазынгьы иара ус ауп уи лхәыҷқәа дышрызнеиуа. Иахьа хәыҷык иҷыдоу фатәыхаак икызар, иахьынӡауала еиҩшаны ирфартә еиҧш аҭагылазаашьа ҟалҵоит, иралҳәоит, ирабжьылгоит, ҿырҧшыла идлырбоит ахымҩаҧгашьа. Иара убасгьы Илона Лаша-иҧҳа ахаан ахәыҷқәа еилылхӡом.
Аҵараҟны убас еиҧш иҟалоит, маҷк иуадаҩны изцааиуа. Ус еиҧш иҟоу ахәыҷқәа аган иавалыжьӡом. Сара хаҭала избахьеит аҵатәхәқәа рышьҭахь ашкол аҟны даангыланы, хәыда-ҧсада, ахәыҷы аҧхьараҿы маҷк дхьысҳауп, иҩызцәа дырхьысыгӡап ҳәа даналырҧхьоз. Ас еиҧш ҟазҵо ҧсабарала ирҵаҩу лоуп. Иара убас иҳамҳәар ауам Илона Лаша-иҧҳа лоушьҭымҭацәа, иахьа аабатәи акласс аҟны итәоу, аҭыҧҳацәа роума арҧарацәа роума, аҧсшьарахь аҵәҵәабжьы ангалак, раҧхьатәи рырҵаҩы лыкласс ашә ишылагыло. Урҭ рымаӡақәа еилоуп, рыгәҭыхақәа еибырҳәоит.
Хымҧада, арҵаҩы лусураҿы илҧылоит ауадаҩрақәагьы. Еиҳараӡакгьы раҧхьатәи лусуратә мшқәа лгәаларшәо иазгәалҭон даараӡа ишылцәыуадаҩыз. «Сгәы хыҭ-хыҭуа сырзыҧшын раҧхьатәи схәыҷқәа. Аиаша шәасҳәап, сагьшәон. Аҭаацәа рхәыҷқәа рнапы ианкны иааганы иуырҭоит, иуыдлоит аҭакҧхықәра дуӡӡа, унапы ианырҵаз ахәыҷқәа амҩа иаша рықәҵаразы, иаҧсоу ҵеицәаны рыуаажәлар ирылагыларазы», – лҳәоит уи.
«Сусуратә ҧышәаҿы сақәшәахьеит, ахәыҷы шықәсыбжак иназынаҧшуа аҵара ицмааиуа, даара ицәыуадаҩны, аха нас дузымдыруа иҩызцәа дрыҵамхо даныҟало. Ахәыҷы уиҩызахароуп, деилукаароуп. Аџьабаа мбаӡакәа алҵшәа ҟалашьа амаӡам. Ахәыҷы знык сара акгьы сылшом ҳәа аҵара игәы анацәкаҳа, нас зынӡаск аҧынгыла ҕәҕәақәа изцәырҵуеит, уи аҵараҿы мацара акәхаӡом, иаҧхьаҟагьы ихы агәра имго дҟалоит. Убри азы ҳарҭ арҵаҩцәа иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ахәыҷы илшарақәа рҽаадыртырц азы. Ахәыҷы дыхҭакны, мчыла акәымкәа , маанала изнеитәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иара убри инаҷыданы, аҭаацәеи ҳареи иҳабжьазароуп аилибакаара, аидгылара. Арҵаҩы имацара илшо маҷуп», – ҳәа азгәалҭеит Илона Лаша-иҧҳа.
Арҵаҩы лусураҿы ихаданы лҿаҧхьа иқәлыргыло азҵаарақәа ируакуп ахәыҷқәа ахаангьы реиҿмырҧшра. Аҵара агәазыҳәара рыҭара. Иахьа адунеи зегьы аҟны аҿыцрақәа цәырҵуеит, ахәыҷы иҟазшьа-ицәаҩа, ихәыцра аҽаҧсахуеит. Даҽакала азнеишьа иҭахуп. Аклассҕәи амели рнаҩсан даҽа хырхарҭак идгалатәуп. Убарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны, арҵаҩы илыллыршоит ахәыҷқәа аҵара агәыблра дыркра.
Аҧсуа бызшәа азҵаара дазааҭгыло Илона Лаша-иҧҳа иазгәалҭеит зхатәы бызшәала ацәажәара зцәыуадаҩу ахәыҷқәа шыҟоу. Лара лгәаанагарала абызшәа иҵегьы ашьақәырҕәҕәара алнаршоит аестетикатә ҵатәхәқәа рҟны ахәыҷқәа рырцәажәара. «Абызшәа аурок аҟны уа еиҳа ақәыҕәҕәара аҳҭоит аграмматика, аҧҟарақәа зҳәаз еиҧш. Аестетикатә урокқәа рҟны ахәыҷы иҭихыз асахьа, ихы иаирхәаз аҧшшәқәа уҳәа ихы дақәиҭны данцәажәо, еиҳа абызшәа гәникылоит», – лҳәеит Илона Матуа. Иара убасгьы лара лгәанала, акласс нҭыҵтәи аусурақәа ахәыҷы абызшәа аҵараҿы даара ацхыраара ду инаҭоит.
Илона Лаша-иҧҳа лзанааҭ алхраҟны лан иҟалҵаз анырра дазааҭгыло илҳәоит, ҧсабарала арҵаҩы иҟыбаҩ шлылаз. Илона лаҳәшьеи лареи ашкол аҟынтәи аҩны ианааилак иаразнак рҵатәхәқәа ҟарҵар акәын. Урҭ ахәшьарақәагьы рзықәлыргылон. Ирдыруаз еиҳаны ахә лшьаӡомызт. Илона лаҳәшьа илоуаз ахәшьара дақәшаҳаҭмызт, аҵәыуара далагон. «Бымҵәыуан еиҕьу ахәшьара бысҭоит ҳәа ахаан илалымҳәацызт. Еҕьны ибҵазҭгьы, еиҳаз ахәшьара боуан ҳәа лалҳәон. Иара саргьы сусураҿы убри сықәныҟәоит. Ахәыҷы ихәшьара еиҳастәыргьы еиҵастәыргьы сҭахым», – лҳәоит арҵаҩы.
Илона Лаша-иҧҳа қәрала макьаназ дқәыҧшуп. Ааигәа аҭаацәара далалеит. Дырҭацоуп Адлеиаа. Дахьнанагазгьы лыҧшәма иан дырҵаҩуп, иара убасгьы ианду. Илона лыҧҳа хәыҷы Миа мшызҳа илызҳауеит. Илона Лаша-иҧҳа лгәазыҳәарақәа ирхадоу иреиуоуп илааӡо лхәыҷқәа иуааханы, ҧсыуала, ламысла иааӡаны рыжәлар ирылагыларц. «Ауаҩра еиҳау акы ыҟам сара сзы», – лҳәоит арҵаҩы.
Шарида Торчуа