Мшаҧы 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыԥсадгьыл агәеисра зныруа

Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнак, акыр шықәса раахыс зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны инхо Рыдуан Агрба диит, дааӡеит Инегиоль араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭа Мезиҭ. Уи иқәлацәа реиҧш, ихьааигеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит, аибашьра ҵысит ҳәа аниаҳа. 1992 ш. август 25 рзы Аҧсадгьыл ахьчаразы Ҭырқәтәылантә хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааз 33-ҩык еидызкылоз раҧхьатәи агәыҧ дрылан Рыдуан. Аҧхьа Шәача иааит, уантә аидарамҩангага аҕбала Гәдоуҭанӡа иааӡеит.

Адаҧазар, Инегиоль, Есқьишьеҳир уҳәа ақалақьқәа рҟнытә еицыз аҷкәынцәа аамҭала аҧсшьарҭа ҩны «Черноморец» иҩнарҵеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан Инегиоль еиуаз ҵабалаа: Рыдуан Агрба, Неџьеҭ Аргәын, Арда Аргәын, Зафер Аргәын, Ведаҭ Кәаӡба, Зульфи Аҵәыӡба, Ҳиџьааби Агрба, Синан Агәмаа.

Рыдуан аиҩызцәа рахьтә абџьар зауз дреиуоуп. еицгәарҭахьан дшеилҟьаз, агәаҕьра шилаз.

Октиабр 5 рзы Гагра ахақәиҭтәра иалахәын 21-ҩык абџьар змаз ҳџьынџьуаа. Уи нахыс егьырҭгьы абџьар роуит. Гагратәи ажәылараан Рыдуан аибашьра даӡрыжәит. Аҧсны мраҭашәарахьтәи аҳәаа ахы ианақәиҭыртә Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәыҧқәа анаҩстәи адҵақәа ирзыҧшын, рҽазыҟарҵон.

1992 ш. ноиабр алагамҭаз Рыдуан дызлаз агәыҧгьы адҵа роуит Аҟәа араион Гәыма (Шрома) ақыҭан ақәылаҩцәа рхырҕәҕәарҭа дуқәа руак ахьрымаз аҧшыхәратә жәылара аиҿкааразы. Аидыслара ҕәҕәа ҟалеит. Амчқәа еиҟарамызт. Ақәылаҩцәа авертолиотқәа рхы иадырхәеит. Рыдуан дызлаз агәыҧгьы ацәыӡқәа аиуит: хәҩык ҭахеит, хҩык хәын. Рыдуан ихаҭа деибганы далҵит.

Ноиабр 19 ауыха акәзар, Рыдуан дызлаз агәыҧ анапхгаҩы Шамили аштаб аиҳабы Ҭемыр Жанааи рыцны вертолиотла Мрагыларатәи афронт ахь иҧрит. Тҟәарчал итәеит, уантәи Ҷлоуҟа ииасит. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирыцхрааны Кәачареи Қьеҭуани рхы иақәиҭыртәит. Ноиабр 29 рзы Лашькьындарынӡагьы инаӡеит. Афронт ахыхьчаратә цәаҳәа анышьақәыргылаха Шамиль игәыҧ хынҳәит. Аха амҩан арыцҳара ҟалеит, ақәылаҩцәа рахьтә иалаханы иҟаз гәыҧки дареи рҽиҿахысраан дрыцәҭахеит рҩыза бзиа Ведаҭ Кәаӡба. Аҧсыбаҩ рыманы Тҟәарчалынтә вертолиотла Гәдоуҭаҟа ицеит. Рыдуан иҩызцәеи иареи хьаас ироуит рҩыза иҭахара. Уи еиҳагьы ақәҧарахь ирыҧхьон.

1993 ш. ииуль 2 ауыха Гәдоуҭантә 250-ҩык еидызкылоз амшын десант Мрагыларатәи афронт ахь рхы дырхеит. Тамшь ақыҭан амшын ианӡхыҵуаз аамҭазы аҕа игәеиҭеит. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа аӡхыҵра иахьӡазаргьы, аҕба иақәыз аидара зегьыҵәҟьа ақәхра иахьымӡеит, иахьшәарҭахаз аҟнытә, аҕба хынҳәыр акәхеит. Дара абџьарла еиқәных рхы дырхеит Аҟәеи Очамчыреи еимаздо амҩаду ахь. Аибашьра иацу ахьанҭарақәа зегь рхыргеит, Мрагыларатәи афронт аҟны аибашьцәа ирыдгыланы, рымчқәа еилаҵаны амҩаду ахы иақәиҭыртәит Тамшь ақыҭан. Фымш амҩаду ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа рнапаҿы иҟан. Адҵа қәҿиаралагьы инагӡан.

40 мшы рышьҭахь Рыдуан дызлаз агәыҧ Гәдоуҭаҟа ихынҳәит.

Ишдыру еиҧш, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибшьра зымҽхак ҭбааз аҵыхәтәантәи ажәылараан, аамҭала аибашьра аанкылан, еиҿагылаз амчқәа ирбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала ақырҭқәа рыри реибашьыга атехникеи алыргар акәын. Убасҟан Ҭырқәтәылаҟа днабжьысырц иуа-иҭахы днарылаҧшны дхынҳәырц иӡбеит Рыдуан.

Ашьҭахь излеилкаахаз ала, ақәылаҩцәа аиқәшаҳаҭра аҧҟара еиларгон, аруааи аибашьыга атехникеи алыргомызт. Аҧсны Арбџьар Мчқәа ҩаҧхьа ажәылара хацдыркит. Аҕа мчыла Аҧсны дықәцатәын.

Рыдуан Ҭырқәтәыла дшыҟаз ауп ажәылара шхацыркхаз. Ишааиаҳаз еиҧшҵәҟьа Аҧсныҟа амҩа дықәлеит. Сентиабр 27 рзы Гәдоуҭа дааит. Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа усҟан Аҟәа ахы иақәиҭыртәит.

Рыдуан игәыҧ дзырхьымӡазаргьы ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа дрыцны Аҧсни Қырҭтәылеи рҳәаа – Егры аӡиас аҟынӡа днаӡеит. Абасала Аиааира даҧылеит.

Аибашьра анеилга аахыс Рыдуан иҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны дынхоит. Ихатә ҭаацәарала дгәырҕьартә дыҟоуп. Иҧшәмаҧҳәыс Лиудмила Лакобеи иареи хҩык ахшара рыхшеит. Реиҳабы Лаура Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит аекономист изанааҭ лыманы, иахьа дҭаацәароуп, агәыбжьанытә – Леуан аус иуеит, реиҵыбӡа Баграт иакәзар, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратәи ашкол ажәбатәи акласс аҟны аҵара иҵоит.

Аҭынч ҧсҭазаараҿгьы Рыдуан иҭыҧ иҧшааит, ихатә џьабаала иҭаацәа ныҟәигоит, Аҧсны аихьӡарақәа дреигәырҕьоит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра азхаҵара амш ааиаанӡа зныкымкәа ашәарҭара иҭагылахьан. 1998, 2001 шықәсқәа раангьы ашәарҭара аныҟала Рыдуан Аҧсадгьыл аҭынчра ахьчаразы иҩызцәа дрылагылан.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993) Аиааира 22 шықәса анахыҵуаз аламҭалазы ҳџьынџьуаа рахьтә аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа зауз дреиуоуп Рыдуангьы. Аҧсны Ахада Иусҧҟала ианашьоуп Леон иорден. Рыдуан иҩызцәа дыздыруа зегьы ирҳәо акоуп: «даҧсаҵәҟьаны аҳамҭа ианашьоуп».

Рыдуан Агрба изы ахаангьы хашҭра рықәым Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа. Аиааира 29 ш. ахыҵра инамаданы аибашьра аветеранцәа, иуаажәлар зегьы гәык-ҧсыкала ирыдиныҳәалоит, аҭынчра наӡеи еиҳау аихьӡарақәеи рзеиҕьеишьоит.


В. Аҧҳазоу

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me