Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз хашҭра рықәӡам Аҧсадгьыл азы зхы иамеигӡаз аҧсуаа рҵеицәа – агәлымҵәахқәа, еснагь ижжаӡа икыду аеҵәа еиҧш ҧсра иқәымкәан рыгәҭа далагылоуп Лыхнытәи арҧыс Сарсаниа Нурбеи Владимир-иҧа

Ҳҭоурых абылра амш

06 Цәыббра 2022 11:24
Аибашьра еибашьроуп. Шамахамзар иҟамлаӡац аибашьра аан, абџьар зку ар рыдагьы, аҭаҳмадацәа аҭакәажәцәа, аҳәса, ахәыҷқәа, иара убас аҭоурыхтәи акультуратәи ҭынхақәа ҭамхакәа. Уимоу иҟоуп «аибашьра аан хырҧашьа змам аҭагылазашьа» иазку адунеи жәларбжьаратә конвенциа, хыхь еиқәаҳаҧхьаӡаз агәнаҳарақәа рҳәаақәҵара иазку. Уи адокумент астатиақәак урызхәыцыр аруаҩ аибашьраҵәҟьа даналагылоу афронтаҿы иага шьаус ҟаиҵаргьы, шамахамзар гәыбҕан иҭашьа ыҟамшәа агәаанагара узцәырҵуеит! Иҵабыргыҵәҟьан аибашьра ахьцо афронтаҿы, убас еиҧш аҭагылазаашьақәа…
Август 31 азы имҩаҧысыз Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәан аинформациатә усеицуразы, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа рзы електронла аинформациа аимдаразы Аҧсны аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи рзы ақәҵара. Адокумент неигеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба. Уи инақәыршәаны, Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рганахьала амч змоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа инарҭагӡаны електронла аинформациатә усеицура еиҿкаахоит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me