Аха мзызс иамоузеи афронт акырӡа иацәыхароу аҭыҧаҿ, ақалақь агәҭаны аӡәгьы иҧырхагамкәа игылоу аҭоурыхтә усҳәарҭақәа зыҩноу рхыбрақәа рбылра?! Аҧхьаҩ изымдырырц залшом ҳарҭ ҳазлацәажәо ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы аруаа ирыкәырша иргыла, Аҧсуа институти, Аҧсуа архиви аҽны шьыбжьон амца нарцраҵаны иахьырблыз шакәу.
Сара иахьынӡасылшоз ашәҟәқәа срыҧхьаны сҽанысшәеит еилыскаарц абри аҩыза ахҭыс хлымӡаах аҭоурыхаҿ џьаракыр иҟалахьоу иҟамлацу. Аха уаҳа умҧсит, ари иаҩыза авандализм адунеи иаздыруам, – ахаан џьаргьы иҟамлаӡац!
Агәра ганы сызлаҟоу ала, ас еиҧш иҟоу анагӡара аӡәгьы изыгәаҕьуамызт Қырҭтәыла иахьа иахагылоу Шеварднаӡе, Иоселиани, Қиҭовани, иара убас Надареишвили реиҧш ақырҭуа ҵарауаагьы: Т.Гамкрелиӡе, М.Лорҭқиҧаниӡе, Н.Ломоури уҳәа аӡәырҩы алахәымкәа. Ажәакала иахьа ақырҭуа еиҳабыреи ақырҭуа ҵарауаи уаҩ иимбац, уаҩ имаҳац ахлымӡаах авандализм ҟарҵеит!
Абас ҳаҧсуа ҭоурых аусҳәарҭа хадақәа рыблра ҳажәлар ркультура аҿиразы шаҟа ихҭыс хьанҭоу азгәаҭаны ҳпарламент ақәҵарала иаҧҵатәуп абри ашьаус аҭҵаара иазку аҳәынҭқарратә комиссиа. Убри акомиссиа иалахәхо аҵарауаа ракәхап ари ашьаус азы адунеижәларбжьаратә усӡбарҭахь ашшыҧхьыӡгьы зышьҭраны иҟоу.
Е.Аџьынџьал
Аредактор хада Б. Ҭыжәба