Мшаҧы 18, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афырхаҵа имра ҭашәаӡом

Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз хашҭра рықәӡам

Аҧсадгьыл азы зхы иамеигӡаз аҧсуаа рҵеицәа – агәлымҵәахқәа, еснагь ижжаӡа икыду аеҵәа еиҧш ҧсра иқәымкәан рыгәҭа далагылоуп Лыхнытәи арҧыс Сарсаниа Нурбеи Владимир-иҧа

Сарсаниа Нурбеи диит ианар 2 1968 шықәсазы иҭоурыхтә ҭыҧу Лыхнашҭа азааигәара анхаҩы иҭаацәараҿы. Иаб Володиа аҭаацәара ду аҧиҵеит, жәҩык ахшара ихылҵит. «Ахшара рацәа зыҩноу аҩнаҭа ччоит» – рҳәоит. Шамахамзар имаҷуп аҧсуаа рыҩнуҵҟа аба сеиҧш игәазырҳагоу аҭаацәара ду аҧҵара зылшахьоу аҩнаҭақәа. Ари гәазырҳагоуп, избанзар ахшара рацәа аҧсуа милаҭ ирыздырҳауеит. Аҧсадгьыл зыхьчаша, изырҧшӡаша аҵеицәа азгылоит. Иуадаҩуп ус иааинырсланы Нурбеи иҧсҭазаара, уи дызлиааз аҭаацәа ирхыргахьоу зегьы рылацәажәара. Ишыхәыҷқәаз ран Габниа Анна Кҷуи иҧҳа данырхыҧсаа ахәыҷқәа раҧхьаҟа ирзыҧшын аеҭымра, амамзаара, аџьаха-џьафара. «Иааг» ада ззымдыруаз ахымхәацәа рааӡара шыуадаҩызгьы рхы аџьыка ықәхны рандуи раби ршьапы иқәдыргылеит, дара рхаҭагьы еиҳбы еиҵбыла еибааӡеит. Ахәыҷқәа Ганҭиадтәи ашкол-интернат № 1 иҭарҵан, иҟәба-ҟәшәо уаҟа аҵара рҵон. Абасала иааӡаз ахшара заа ишьҭыркаахьан ауаҩытәыҩса иреиҕьӡоу иҟазшьақәа гәык-ҧсыкала азнеира, аџьаус абзиабара, ацәгьеи-абзиеи реилыргара, агәыҭбаара, ауаҩра, аламыс.

Нурбеи Сарсаниа Лыхнытәи абжьаратә школ аҿы аа-класск данрылга ашьҭахь аррахь иҧхьоит. 1986-1988 шықәсқәа рзы аррамаҵура дахысуан Белоруссиа ақалақь Гродно. Арра дахьынӡаҟаз атанкист изанааҭ иадҳәалоу адыррақәа қәҿиарала инапаҟны иааигеит. Уи дҿырҧшыганы арратә уалҧшьа ахьынаигӡоз азы архәҭа анапхгара аҟынтәи ианашьан Аҳаҭыртә грамота.

Аррахьтә даныхынҳә ашьҭахь Нурбеи иқыҭа гәакьаҿы адгьыл амихын анхара иҽазикит. Атракторныҟәцаҩцәа рыбригадаҟны аус иуан. Аҭаацәара даламлацызт.

Имҳәа-мырӡа иҳақәлаз, ҳадгьыл зхәаҽырц иашьҭалаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар еиларгеит ҳауаажәлар рҭынч нхара. Зыҧсадгьыли зыуаажәлари згәы рзыбылуаз Нурбеи иқәлацәа аҿар реиҧш Аҧсадгьыл ахьчаразы хаҵаҵас днагылеит. Нурбеи иашьеиҵбы Ремзик игәалаиршәоит: «Аибашьра ишалагаз Гәдоуҭа исаҳан, сылахь еиқәҵаны схьагәгәа аҩныҟа схынҳәит. Аҩны ашә аартны санааҩнашыла Нурбеи ажәжәаҳәа аҽеилаҳәара даҿын. Ари ажәабжь сара саҧхьа иаҳахьазаарын.

Аҧсуа милаҭтә гвардиа анеиҿыркаа ихатәгәаҧхарала далалеит. Хымз раҟара Агәыӡера дыҟан. Дызлатанкистыз ала аҿарацәа атанк ныҟәцашьа дирҵон. Имч-илшара, идырра иҧышәа зшьапы иқәгылоз аҧсуа милаҭтә гвардиа иадиҵон Аррамаҵзура ицахысуаз иҩызцәа иҧсы рыҕран, ашәарҭара ҟалеит ҳәа шааиаҳазҵәҟьа хьаҧшрак ҟамҵкәа дыццакит Аҟәаҟа».

Нурбеи Аҟәа дахьнеиз атанк дақәдыртәеит. уаҟа иҩыза дибеит, нас атанк иҩыза днақәыртәаны аҩныҟа аамҭала дхынҳәит. Аха араҟагьы игәы рҭынчны дзымтәеит. Лхаа рыҷкәынцәа дрыцны Ешыраҟа дцеит. Ари аибашьыгатә система ахархәара дызлазҟазаз ала ҧыҭраамҭак уиала деибашьуан, нас ҳархәҭақәа аҧхьатәи рхырҕәҕәарҭақәа рахь аҳәара иҟаиҵаз ала абџьар иҭаны ддәықәырҵеит. Нурбеи иара убас дрылахәын Гагра ақалақь аҕа хәымга иҟынтә ахыақәиҭтәраан ажәыларақәа Гагра ахырхарҭахь еибашьуаз ахәцәа машьынала иааигон.

Абҵара мза 2 рзы Нурбеи машьынала ахәцәа иманы дшаауаз ҧҳәыск дыхәны амҩаду дшаныжьлаз ибеит. Ауаҩы ирыцҳашьара злаз арҧыс игәаҟуаз аҧҳәыс длывсны ҟалашьа амазма! Имашьына дааҭыҵны аҧҳәыс дышьҭысхуеит, деиқәсырхоит ҳәа иҿанынеиха убри аамҭазы џьара ицәыҵатәаз ҵмыҳәҳәарк зҿааирхаз ихымҭа дзацәымцеит.

24 шықәса заҵәык роуп иниҵыз Нурбеи Сарсаниа. Уи иқәыҧшра ашәҭымҭа дҭагылан. Аҧсҭазаара ду дәеиужьҵас иаҧхьаҟа ишьҭан. Нурбеи иахьа иҩнаҭа дагуп, дрылагылам иашьцәеи иаҳәшьцәеи, дрылагылам иуаажәлар, аха уи иҩызцәеи иареи ззықәҧоз аусҧшьа изхьымӡаз аиааира иаанхаз аҵеицәа инарыгӡоит.

Нурбеи дуаҩ ҭынчын, дуаҩы ҟәымшәышәын, игәы разын. Убас ауп уи дыздыруаз ргәалашәараҟны дшынхо. «Афырхаҵа имра ҭашәаӡом» рҳәоит, Нурбеи ихьӡ кашәара ақәымкәа. Аҧсадгьыл ахьыҧшымра дазықәҧаҩны аҧсуа жәлар ыҟанаҵы ргәалашәараҿы, рҭоурых аҿы даанхоит. Уи иҧсҭазаара, ифырхаҵара наҟ-наҟ еиҵагылараны иҟоу абиҧара ҿыцқәа рзы иҿырҧшыгахоит.

Даур Занҭариа


Апроект автор Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me