Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Август 31 азы имҩаҧысыз Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы ишьақәырҕәҕәан аинформациатә усеицуразы, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа рзы електронла аинформациа аимдаразы Аҧсны аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи рзы ақәҵара. Адокумент неигеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба. Уи инақәыршәаны, Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рганахьала амч змоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа инарҭагӡаны електронла аинформациатә усеицура еиҿкаахоит.

Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит «Аҧсны астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хлаҧшреи рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Урыстәылатәи афедерациа атехникатә мҩақәҵареи аметрологиеи рзы Афедералтә маҵзуреи рганахьала аусеицура азҵаарақәа рзы наҟ-ааҟ аилибакаара иазку Амеморандум» апроект. Уи хықәкыс иамоуп астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны аганқәа иҵегьы иааигәаны русеицура, иара убас аҧышәа аимдара армариара. Аминистрцәа Реилазаара аиҭакрақәа аланагалеит «Аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыҧантәи аусбарҭақәа ррезервтә фондқәа рмалқәа ахрархәашьазы» 2020 шықәса ииуль 7 азы Аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара.

Иара убас, Аиҳабыра реилатәараҿы аҳәынҭқарратә, аусҳәарҭабжьаратә программақәа аус рыдулареи, рыдкылареи, рынагӡареи ирызку Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара анҵақәак аиҭакрақәа рылагалан. Адокумент неигеит Аиҳабыра раппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа. Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Аҩардан аилатәарахь инеигеит иахьазы акоронавирус «омикрон» алаҵәара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа. Иажәақәа рыла, уи зыхьуа рацәаҩуп, аха ачымазара рхыргоит ирмарианы. Иахьазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 27-ҩык. «Насыҧны иҟалаз, уи марианы ауп ишымҩаҧысуа, аанкылара ауӡом», – иазгәеиҭеит Аҩардан.

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб интересс иҟаиҵеит авакцина аахәатәума, насгьы хыҧхьаӡарала шаҟа ҳәа. «Зҵаара хьанҭоуп, уажәы «омикрон» иаҳа имарианы уаҩы ианихиго аамҭазы, алаҵақәа рыҟаҵара иаҳагьы иуадаҩхеит», – иҳәеит Аҩардан. Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит алаҵақәа рыҟаҵара ишалацәажәалатәу, аӡәгьы издырӡом ҭагалан иаҳзыҧшу, – иҳәеит иара.

Аминистрцәа Реилазаара аиҭакрақәа аланагалеит «Аҧсны иахьаҵанакуа Евразиатәи аекономикатә еидгыла адәныҟаекономикатә усура Атауартә номенклатура ахархәаразы» 2021 шықәса сентиабр 29 азы Аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара. Уи налгеит Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба адырраҭара ҟаиҵеит амҩаҿы аныҟәара маӡала ахылаҧшра шеиҭадырҿыцуазы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me