АХҬЫСҚӘА

Аҟазара – аӡыхь ахьыҵхәраауа

Аԥсуа жәлар рмилаҭтә рҳәагақәеи рыкәашарақәеи ахьиз, аҿиара ахьроуз, урҭ хыҵхырҭас ирымоу культуратә хәышҭаароуп сынтәа 70 шықәса ахыҵра аиубилеи азгәарҭо Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә  ҵараиурҭа.

Ари аҵараиурҭа аиубилеи аламҭалазы, уи аихьӡарақәеи раԥхьа ишьҭоу аиубилеи амҩаԥгаразы ргәалаҟазаара зеиԥшроуи́  реилкааразы ҳара ҳамҩахыҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, 50 шықәса инареиҳаны аҟазара иазааԥсахьоу, Аԥсны  Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, хаҭала, 1995 ш. инаркны, иахьа  уажәраанӡа ари акультуратә хәышҭаара аиҳабыс аус зуа Сира  Михаил-иԥҳа Аҩӡба лахь.

Уи ҳаиҿцәажәара хацыркуа инарҭбааны дазааҭгылеит аҵараиурҭа  аҭоурых, изнысхьоу аҿиара амҩа.

«70 шықәса рыҩнуҵҟала ари аҵараиурҭа аҭыӡқәа рҟны  зҟазара ашьапы акыз, еизҳаз абиԥарақәа маҷым. Ирацәаҩуп узызгәдуны  зыӡбахә уҳәаша ҳмилаҭтә  культура ӡырзгаз, Аԥсны аҩнуҵҟа аиԥш анҭыҵгьы еиуеиԥшым атәылақәеи ажәларқәеи ирдырыртә аҟаҵара зылшаз, ҳҟазара аиқәырхареи арҿиареи рҟны зџьабааи злагалеи  рацәоу ҳҵараиурҭа аушьҭымҭацәа. Ҿырԥшыс иаагозар, Аԥсны жәлар рартистцәа: Едуард Бебиа, Кандид Ҭарба, Фазылбеи Ҟәыруа, Вахтанг Возба, Владимир Кәарҷиа, Радион Бигәаа уҳәа  убас егьырҭгьы», – лҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист.

Ҳаиҿцәажәараан уи ҷыдала дазааҭгылеит аҟазара аҭоурых зырбеио  ахҭысқәа ишыруаку, хаҭала, ари акультуратә хәышҭаараҿы хьӡи-ԥшеи  змоу, хәыҷгьы-дугьы бзиа  еицырбо ансамбльқәа  рира.

«Аԥсны жәлар рартист Едуард Бебиа  еиҳабыси  сахьаркыратә напхгаҩыси дызмаз, иахьа Леон иорден  занашьоу, аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» раԥхьаӡа акәны 1970 шықәсазы ари  аҵараиурҭа аҭыӡқәа рҟны иит. Уи аԥҵареи аиҿкаареи  ибзоуроуп  абаҩхатәра ду злаз, иналукааша аԥсуа балетмеистер, зҟазара аҩаӡара ҳаракыз Е.Бебиа. Ҳәарада, ансамбль «Шьараҭын» ацәырҵра, ашьақә́гылара, усҟан  еиԥш уажәгьы  акрызҵазкуа хҭысны иаанхеит. Уи зыхьӡ иацназгоз, асценахь  ацәырҵра  еснагь ахәаԥшцәа ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз, изыршанхоз рҿиаратә коллективуп.

Аҳәынҭқарратә аҭыԥҳацәа рвокалтә-инструменттә ансамбль «Гәында» акәзар, «Шьараҭын»  аира ашьҭахь рацәак  мҵыцкәан 1977 шықәсазы иаԥҵан.  Уи еиҳабыси сахьаркыратә  напхгаҩыси  дамоуп «Гәында» аԥҵареи аиҿкаареи  заԥшьгамҭоу Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа», – дҳацәажәон Сира Аҩӡԥҳа.

Аҟәатәи  аҳәынҭқарратә акультурат́ә ҵараиурҭа аҭыӡҭыԥ акы­рынтә ишырԥсаххьоу  еиԥш, иара аҵараиурҭа ахьӡгьы рыԥсаххьеит. 1956 ш. раԥхьаӡа акәны ианеиҿкааха Аҟәатәи  акультура  ҵаралашаратә ҵараиурҭа ахьӡын, 2008 ш. Аҟәатәи  аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа ҳәа ахьӡ рыԥсахит. Раԥхьа ари аҵараиурҭа аиҳабыс даман Анатоли Қаԥшь, аамҭаказы, Едуард Бебиа, анаҩс Алексеи Аршба. Иахьа, 30 шықәса инареиҳаны иҵуеит ламыс цқьала, ҳаҭырла  еизыҟоу «аҭаацәара ду» еидкыланы иаазго Сира  Аҩӡԥҳа ари аҵараиурҭа напхгара  алҭоижьҭеи.

Ҳәарада, аҵараиурҭа иахҭнагеит аԥсуа жәлар ирхыргаз ахьаа, агәырҩа зегьы, изацәымцеит аԥсуа жәлар рлахьынҵа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә  еибашьраан зыԥсадгьтыл аиқәырхара  зхы-зыԥсы ахҭнызҵаз, адауаԥшь иаҩызаз, абаҩхатәра ду злаз ари аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа хьӡырҳәагақәа 16-ҩык дырзааҭгыло  Сира Аҩӡԥҳа лажәа  дналагеит.

– Аибашьра  ашьҭахь, зегьынџьара еиԥш, ҳҵараиурҭа ахыбрагьы ааха ӷәӷәа  аман, аиҭарҿыцра аҭахын, аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Аха ҳара  зегь зымҩа инышьҭаҵаны раԥхьа излахацҳаркыз, ҳазлалагаз 16-ҩык ҳаушьҭымҭацәа гәымшәақәа ргәалашәара амырӡра  иазкыз  астенд аиҿкаара алоуп. Уи  уахгьы-ҽынгьы имыцәа-имтәа, абиԥара ҿа ирбартә, ирдырыртә аџьабаа адбаланы аҟаҵара рылдыршеит  Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩцәа: Баҭала Џьапуеи Руслан Габлиеи.

Ҳаиҿцәажәараан, лассы-лассы ажәеи ажәеи шеихылҳәаалоз, иӡбахә дазааҭгылон адирижиор, акомпозитор, Аԥсны жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа. Уи жәлар рмузыкатә рҳәагақәа реиқәырхараҿы, рыԥсы аҭаҵараҿы иџьабаа шырацәоу азгәаҭо, илҳәеит 2016 шықәсазы астудентцәа рыла Аҟәатәи аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа аҟны ишеиҿикааз жәлар рмузыктә рҳәагақәа роркестр.

Аха ари аоркестр Аҳәынҭқарратә статус аиура марианы изыҟамлеит, ауадаҩрақә́а ирхысит, уигьы ахатә ҭоурых амоуп. Ҳаиҿцәажәараан излеилаҳкааз ала, Сира Аҩӡԥҳа лыбзоурала, изаамҭанымкәан зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны жәлар рартист игәалашәара  амырӡра  шьаҭас иҟаҵаны жәлар рмузыкатә рҳәагақәа роркестр О.Хәынҵариа ихьӡ ахҵахеит  уи аҳәынҭқарратә статус аиура инамаданы.

Аҟазара арҿиара, аизҳара дазааҭгыло, Сира  лцәажәараҿы иазгәалҭеит, ҳмилаҭтә кәашарақәеи жәлар рмузыкатә рҳәагақәеи шмыӡуа, ишеиқәхо, избанзар уи ахырхарҭала адырреи аԥышәеи  змоу аҟазарауаа аӡәырҩы еиҵагылеит. «Аԥсуа жәлар рашәақәа рҟны  ҳҭагылазаашьа  уадаҩуп, Аԥсны жәлар рартистцәа Уасил Царгәыши Кәасҭа Ченгелиеи рыԥсҭазаара иалҵит, Оҭар Ферзба агәамбзиара ихьӡеит. Иахьа  урҭ рус иацызҵо ирыҵагыло, рус рымыздо дҳамаӡам, даҳзымааӡаӡеит» – лҳәеит жәлар рашәақәа уаҵәтәи  рԥеиԥш дазхьаауа.

Сира Аҩӡԥҳа  лажәақәа рыла, иахьа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа  аҟны иҟоу ахореографиеи жәлар рмузыкатә  рҳәагақәеи рыҟәшақәа рҿы аҵара зҵо астудентцәа рхыԥхьаӡара 80-ҩык инарзынаԥшуеит. Уи инаҷыданы, 2008 ш. раахыс ари аҵараиурҭа аҩнуҵҟа иаартуп ахәыҷтәы хореографиатә школ. Уахь ирыдыркылоит 6 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа инадыркны 11 шықәсак зхыҵуа  рҟынӡа.  Сира  Михаил-иԥҳа излалҳәаз ала, аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хазы-хазы агәыԥқәа рҟны иазыҟарҵоит, анаҩс, 4-5-тәи аклассқәа рҟны еидырҵоит.

Аҵараиурҭа аиҳабы лцәажәараҿы инаҵшьны иазгәалҭеит, ахәыҷтәы хореографиатә школ аҿы аҵара зҵои астудентцәеи ааидкыланы иахьазы 400-ҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара шынаӡо. «Аха адкылара макьана ихаҳмыркәшаӡацт,  аҟазарахь  зшьаҿа  еихызгарц, зыԥсҭазаара уи иадызҳәаларц зҭаху ҳарзыԥшуп, урҭ рзы аҵараиурҭа ашәқәа аартуп», – лҳәеит уи.

Аҵараиурҭа аушьҭымҭацәеи дареи аимадареи аиҿкаара бзиеи шрыбжьоу азгәаҭо Сира илҳәеит, ззанааҭ ала аус зуа аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа шырацәаҩу, 300-ҩык инарзынаԥшуа ишыҟоу. «Хаҭала  аҵыхәтәантәи ҳаушьҭымҭацәа 16-ҩык рҟнытә 6-ҩык еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалеит. Урҭ рахьтә ҩыџьа аҭыԥҳацәа хаҭала ахореографиа аҟәша алырхит, руаӡәк  Рада Ашԥҳа Москватәи  акультура аинститут дҭалеит, Сали Ӷәынџьиаԥҳа – Краснодартәи акультуратә институт», – лҳәеит аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа дрызгәдуны.

Ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны лыӡбахә ҳалҳәеит Санкт-Петербургтәи аурыс балет  Академиа иҭалаз Кристина  Чкотуа. 

Ажәакала, Сира  Аҩӡԥҳа напхгара зылҭо аколлективи лареи даара ирызҿлымҳауп, иагьреигәырӷьоит роушьҭымҭацәа рықәҿиарақәеи реихьӡарақәеи. Ишаабо еиԥш, имаҷҩым роушьҭымҭацәа рахьтә узхыҽхәаша, иреиҳау ахьӡ ҳаракқәа ирыԥсахахьоу зхатә ансамбльқәа аԥҵаны, еиҿкааны напхгара рызҭо, ззанааҭ ала аус зуа.

Ҳаиҿцәажәара хыркәшо Сира Аҩӡԥҳа иазгәалҭеит: «Ҳара иахьа иҳамоуп еиуеиԥшым акәашаратә ашәаҳәаратә ансамбльқәа,  аха ҳмилаҭ культура аизырҳара, ашьҭыхра, аихаҳара аҭахуп, иҳамоу аҟны ҳаанымгылароуп.

Иҿыцу ансамбльқәа рира, рышьақәгылара ҳҟазара аизҳара иацхраауеит, иханарҭәаауеит. Ҳаргьы  аҟазара иаҵагылаша абиԥара ҿа  рааӡара излаҳалшо ала ҳаҿуп», – лҳәеит уи.

Иҿымцәааит нас, аԥхьаҟагьы еихсыӷьра ақәымлааит аӡыхь еиԥш иҵхәрааны иаауа ҳҟазара, ҳмилаҭтә  культура. Ҳмилаҭтә кәашарақәеи ҳашәақәеи адунеи иақәлахааит. Сынтәа 70 ш. зхыҵыз, уи ахыҵхырҭа, аҟазара агәбылра, абзиабара ашьапы ахьакуа, иахьынтәаауа акультуратә хәышҭаара, иагымхааит аԥхарра.

Алиса  Гәажәԥҳа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image