Апоет, аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Владимир Платон-иҧа Анқәаб диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра - практикатә конференциа. Ахатәы бызшәеи, алитературеи, афольклори рҭагылазаашьеи рҧеиҧши ирызкын «Иахьатәи аамҭеи аҧеиҧши» ҳәа хьӡыс измаз аконференциа.

Иалыршоу аихаҳара амҩа

31 Хәажәкыр 2023 12:07
Март 23 рзы Аҟәа иазгәаҭан Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра. Ари аҽны Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуҩцәеи, иара убас Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа уҳәа рҟнытә иааз асасцәеи ақалақь ауаажәларреи еицны Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада имемориали Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарки рҟны, насгьы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы игылоу Кавказтәи аибашьра иалаӡыз рбаҟаҿы ашәҭ шьыҵә­рақәа шьҭарҵеит.
Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Дели имҩаԥысит Жәларбжьаратәи абизнес-форум «Евразиатәи аҵакыраҿы абизнес-диалог». Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба онлаин-формат ала афорум алахәылацәа рҿаԥхьа адныҳәалара ҟаиҵеит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит. Инал Арӡынба атуристтә усхк Аԥсны аекономика аҿиара хадара злоу хырхарҭаны иҟоуп, иара убас, ареспублика анапхгара атуристтә сектор аҿиара ҷыдала хшыҩзышьҭра арҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Москватәи аиԥыларақәа

31 Хәажәкыр 2023 12:06
Хәажәкырамза 21, Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак аҿы имҩаԥысит Урыстәыла ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи реиԥылара. Аиԥылараҿы жәларбжьаратәи амилаҭтәи ашәарҭадара иадҳәалоу, актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас азҵаарақәа жәпакы рыла Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәа ирзааҭгылеит. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ, аинформациатә шәарҭадара аганахьала жәларбжьаратәи аусеицуразы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа…
Аԥсныпресс. Аԥсны аихамҩа аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа аныҟәара иалагоит аконтеинертә дәыӷбақәа. Абри азы абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит Аԥснытәи аихамҩа аиҳабы ицхырааҩ Оқтаи Хазириши. Уи аполитикатә дгылара ада ас еиԥш акрызҵазкуа апроект анагӡра залыршахомызт ҳәа иазгәеиҭеит. «Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иарбоу азҵаараҿы акыр ацхыраара ҟаиҵеит. Актәи адәыӷба адәықәлара аламҭалазы уи хаҭала иаарту ақционертә еилазаара «Урыстәыла Аихамҩақәа» адиректор Хада Олег Белозиоров…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me