Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада Иусҧҟала

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Гәында Кәыҵниа аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс лыҟаҵаразы.

«Аҳәынҭ­қарратә бызшәатә политиказы Аҧсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабыс дҟа­ҵазааит Кәыҵниа Гәында Сергеи-иҧҳа», – иарбоуп 2023 шықәса ианвар 23 азы аҳәынҭ­қарра Ахада инапы зҵеиҩыз Аусҧҟаҿы.

Кәыҵниа Гәында Сергеи-иҧҳа диит 1965 шықәсазы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Дпоетессоуп, деиҭагаҩуп, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп.

Далгеит Аҧснытәи аҳәынҭ­қарратә университет (1987). 1987-1992 шықәсқәа рзы аус луан Аҧсны ашә­ҟәыҩҩцәа Реидгыла аклуб аиҳабыс. 1993-1994 шықәсқәа рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телера­диоеи­лахәыра аҧсуа  радио аредакторс дыҟан. 2005 ш. инаркны 2016 шықәсазынӡа напхгара алҭон аҧсуа бызшәа арҿиара аҳәы­нҭқарратә Фонд.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me