Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Убла ихшәалар иузхымхуа

Аҧсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит «Бла иабохы иаҧсоуп» ҳәа. Аиашазы, ауаҩы иага агәабзиареи агәамч ҕәҕәеи имазаргьы, уи иблабара аницәыӡ – данылашәха, «дуаҩыбжаҵәҟьоуп», аҧсҭазаара иара изы иҵакыдоуп…

Машәырк ианиаз ма ишьҭралатәу (наследственное), мамзаргьы иқәралатәу (возростное) ала зыблабара иагхаз, илашәхаз гәыбҕан уаҩы ииҭартә дыҟам, аха ауаҩы иҧсҭазаараҿы аблабара ҵакыс иамоу, ишхадоу шеилыркаауагьы гәхьаамкрыла иазнеиуа рыхдырраҿы инагатәуп рыблабара гәхьаамкрала азнеира, анаҩс, ашьақәыргылара хьшәахар шалшо иазырхәыцтәуп.

Иахьа даҽа аамҭанык иеиҧшымкәан аблабара агхара аҽацәыхьчара хымҧадатәиуп. Еиҳаракгьы, ахәыҷқәа рыблабара агхаразы имзыз хаданы иҟоу ируакуп аелектронтә хархәагақәа. Ҳаамҭазы, аинтернет ахархәара анырра ҕәҕәа ҟанаҵоит хәыҷгьы-дугьы рзы. Аха, есааира изызҳауа, имшәыц ахәыҷқәа рзы иҧырхага дууп аелекронтә хархәагақәа аҧыжәара рыҭара. Хаҭала, «близорукость»–ҳәа изышьҭоу, ихараны абламбара зыхҟьогьы уи ауп.

Ҳтәылаҿы, ахатә аблахәшәтәырҭатә центрқәа, аклиникақәа рхыҧхьаӡара рацәамзаргьы, зыблабара зхәышәтәырц зҭахәу ауаҩы (ачымазаҩ) алшара имоуп еиҳа иигәаҧхо, изыманшәалоу аблахәшәтәырҭатә Центр, аклиника алхразы.

Хаҭала, 10 шықәса раҧхьа офтольмолог Анна Ақаҩ-ҧҳа лыбзоурала иаартхаз аблахәшәтәырҭа Центр (ахатә), иахьа қәҿиара бзиала аус ауеит.

Араҟа аус зуа аколлектив хыҧхьаӡарала ирацәаҩым, 8-ҩык роуп иҟоу: 3-ҩык аҳақьымцәа, 3-ҩык амедиаҳәшьцәа, адкылара мҩаҧызго, иара убас ацқьара иахылаҧшуа. Аха ҳәоу еиқәшәала еивагыланы урҭ русеицура алыҵшәа бзиа шамоу зыблабара аиҕьтәразы уахь имҩахыҵуа ауаҩы изгәамҭарц залшом. Хаҭала, ари астатиаҿы зыӡбахә ҳазааҭгыло аҳақьым-офтальмолог Анна Вадим-иҧҳа Ақаҩ-ҧҳа лакәзар, лассы-лассы, зыблабара аиҕьтәразы илҭаауа ачымазцәа «арахь аҳақьым лыҿцәажәара мацаразгьы узымаарызеи?» – ҳәа лҿабызшәа хааи лхымҩаҧгашьа ҿырҧшыгеи, ачымазцәа рахь иаалырҧшуа агәцаракреи ргәы иҭымҵәо, гәахәарыла ишлыхцәажәо зныкымкәан хаҭала, арҭ ацәаҳәақәа равтор слымҳа иаҳахьан, сан лаҳәшьа акраамҭа Анна Вадим-иҧҳа лахь данныҟәызгоз аамҭазы. Уи аш (катаракта) ҳәа изышьҭоу операциа сан лаҳәшьа лыҩблак рҿы иҟалҵеит. Аха аҩбатәи аан, аҳақьым лабжьгарақәа ишахәҭаз иахьыналмыгӡаз иахҟьаны, лызблак аблабара ацәыӡит. Уи ашьақәыргыларазы аҳақьым даара аџьабаа лбеит. Ҩымз-хымз иназынаҧшуа, сан лаҳәшьа лыжәҩа кны уахь дныҟәызгон, аха сара знымзарзны исымбеит, исызгәамҭеит Анна Вадим-иҧҳа гәамҵрак лныҧшуа, ма даҕьны ажәак лҳәо. Лхымҩаҧгашьа ҭышәынтәаланы, лажәақәа раӡо, лыблақәа ччо, ҭынч абжьгарақәа ишрықәныҟәатәу угәаларшәо агәаҭара аахлыркәшон.

«Зус даара ибзианы издыруа аҳақьым Анна Вадим-иҧҳа, «уалбагас» исхызгандаз ҳәа акәымкәан, гәык-ҧсыкалаҵәҟәа ачымазаҩ иблабара ашьақәыргылара зымч-зылша азызкуа дыруаӡәкуп. Уи ачымазцәа рызнеишьа дақәшәоит, згәы каҳаз игәы ашьҭыхшьа лыллыршоит, аҳақьым иабжьгарақәа ирхымхәыцуа гәыҧҵәарада идеиллыркаауеит, анаҩс уи алыҵшәақәа иахькылнаго. Ажәакала, гәцаракрыла дыззыҟоу ачымазцәеи лареи еиуацәақәак реиҧш, реибабара аҧхарра аҵаны иаанхоит. Хаҭала, сара сыблақәа алашара рзырхынҳәра зыбзоуроу лара лоуп, уи убриаҟара сгәы дақәшәеит, слышьцылеит ҳақьымк иаҳасабала мацара акәымкәан уаҩык иаҳасабала дызбаландаз, дсаҳаландаз ҳәа еснагь агәаҳәара сымоуп», – абас дҳацәажәон Анна Вадим-иҧҳа лахь зыблабара ахәшәтәразы акраамҭа иныҟәоз, уи згәы дҭымҵәо Роза Канџьариа-ҧҳа.

«Даара дҳақьым бзиоуп ҳәа лыӡбахә саҳахьан, аха лыуаҩы­шьагьы зынӡа ишхазыназ збеит агәаҭаразы лара лахь саннеи. Еиҳаракгьы, иҟазшьа ҷыданы илыдызбалаз, уи шьоукы-шьоук аҳақьымцәа реиҧш, ачымазцәа «операциа ада ҧсыхәа шәымам, ирласынгьы иҟаҵатәуп» – ҳәа амц ижьаны ачымазцәа аҧара рымызхуа дреиуам. Хаҭала, саргьы ҳақьымцәақәак исарҳәаз агәҩара исымаз шиашамыз ааҧшит Анна Вадим-иҧҳа лҿы саннеи. Уи лымчала, операциагьы аҟаҵара сҭахымхеит, сыла ахәшәқәа рыхҭәаларала ахәшәтәра алыршахеит. Аиашазы, иахьа уаҩ зыгәра иго, зус ҧсыцқьала иазнеиуа Анна Вадим-иҧҳа леиҧш иҟоу аҳақьым даара акыр даҧсоуп» – лҳәеит ҳаиҿцәажәараан Анна Вадим-иҧҳа илҭааз Наала Гәажәба.

Анна Вадим-иҧҳа дыздыруа, илыҿцаауа, знык ада дзымбацгьы аҧхарра аҵаны лыӡбахә рҳәоит, напхгара зылҭо аколлектив рҿы акәзар, аҳаҭыри агәрагара дуи лымоуп. Ҳаиҿцәажәараан, урҭ рахьтә аӡәырҩы лызгәыдуны иҳацәажәон: «Сара Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны абиологиа-географиатә факультет аныхсыркәша ашьҭахь медиаҳәшьас аусура салагеит ари Ацентр аҟны. Аусура аҧышәеи хаҭала, офтальмолог изанааҭ аганахьала аҵара ахьсымамзи рзы раҧхьа аусура сцәыуадаҩын, аха сгәы камыжькәан, Анна Вадим-иҧҳа дсывагыланы сусура сгәы ахмыршәакәан, зегь сыҵаҳәо, исеилыркаауа, лҧышәа сымадо ари азанааҭ ала аус зуртә аҭагылазаашьа сылҭеит. Уи аус лыцуреи лыҿҵаареи даара иманшәалоуп, зегь раҧхьа инаргыланы, лҧышәа рымалдоит амедицинахь зшьаҿа еихызго аҿар. Анна Вадим-иҧҳа илыбзоуроуп аколлектив русеицура бзиа, реидкылара, иара убас, ачымазцәа рыхәшәтәраҿы иҟоу алыҵшәа бзиақәагьы», – лҳәеит 3 шықәса раахыс медиаҳәшьас аус зуа Мадина Царгәыш-ҧҳа.

Аҧышәа бзиа змоу ахәыҷтәы ҳақьым-офтальмолог, Таганрог ақалақь аҟны ззанааҭ ала аус зуаз, Аннеи лареи акыр шықәса раахыс ирыбжьоу аиҩызара аҳаҭыр азы Аҧсныҟа усура дшааз азгәаҭо, Валентина Григори-иҧҳа Скоморохина ҳаиҿцәажәараан инаҵшьны илҳәеит ари аклиника аартра амш инаркны Анна Вадим-иҧҳаи лареи аус шеицыруа, уи лзанааҭ ала аусура инаваргыланы Аҧсныгьы лыҧсҭазаара ишахәҭакхаз, нхара арахь дшиасыз.

«Ари аклиникаҿы, асабицәа шықәсык рхыҵаанӡа урҭ ирыциз алаҕырӡтә каналқәа ҳрыцқьоит, иаҳхәшәтәуеит. Зыблабара иагу ахәыҷқәа абласаркьақәа рзалаҳхуеит, зыблақәа кьаҳәу (косоглазие), ма ихараны абламбара – (близорукость), иааигәаны абламбара – (дальнозоркость) уҳәа еиуеиҧшым апроблемақәа змоу рыхәшәтәраҿы лассы-лассы слыдҵаалоит, лабжьгарақәа сыдыскылоит, ларгьы сгәаанагара дазҵаауеит иуадаҩу операциақәа рымҩаҧгараан. Ажәакала, ҳдырреи ҳҧышәеи еицырхырааны, аӡәи-аӡәи, ҳаизҵаауа, ҳхеибарҭәаауа ҳҩыџьагьы ҳаивагыланы аус аауеит. Ҳусеицура даара иманшәалоуп, избанзар, ҳҩыџьегь хықәкык ауп иҳамоу – уи ачымазцәа рыцхраара, рыхәшәтәра ауп» – лҳәеит ахәыҷтәы офтальмолог Валентина Скоморохина ҳаиҿцәажәараан.

«Анна Вадим-иҧҳа хәыҷгьы-дугьы рызнеишьа дақәшәоит, зегьы дырнаалоит. Уи илыбзоуроуп аколлектив ҳажәҩахыр еибыҭаны ҳусеицура. Аӡәи-аӡәи ҳаизыҧшӡом, хаҭала, иаҳуалымзаргьы, иҳаҵанамкуазаргьы, еилахарак аныҟало, зыҧшрак ҟамҵакәан, досу иҳалшо ала ҳаивагыланы аус еицаауеит, ҭаацәакны ҳаҟоуп! – ҳәа дҳацәажәон ари ацентр аадыртижьҭеи ацқьара иахылаҧшуа Светлана Вашьишена.

Амедиаҳәшьцәа қәыҧшцәа Есма Ешбеи Милана Узун Бекир-оглыи ракәзар, урҭгьы еицҿакны ирҳәоз ак акәын, реиҳабы Анна Вадим-иҧҳа ишлыбзоуроу рзанааҭ аҿы иаадырҧшуа аихь­ӡарақәа.

Анна Вадим-иҧҳа алазертә операциа анымҩаҧылга ашьҭахь дааҧсаны дшыҟазгьы ҳаиҿцәажәара мап ацәылымкит. Раҧхьатәи ҳазҵаара, хаҭала, амедицина, офтальмолог изанааҭ залылхыз азы, аҭак ҟаҵо илҳәеит даныхәаҷыз лан лыблабара иахьагыз аҟнытә, еснагь аҳақьымцәа рахь дышныҟәоз. Анна, усҟан даара ишылҭахыз лан лыцхраара, аха алшара шлымамыз.

«Сшыхәаҷызнатә игәнызгоз сан лгәырҩа схьанарҧшит хаҭала, офтальмолог изанааҭ алхрахь» – лҳәеит уи.

Уи акәхеит, заҧхьаҟа иҳақьым-офтальмологхараны иҟаз Анна Ақаҩ-ҧҳа дҭалеит Уфа ақалақь аҟны, Башкириатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет. 6 шықәсатәи лҵара аныхлыркәша ашьҭахь, аинтернатура дахысит – Красноиарсктәи амедицинатә университет аҿы. Анаҩс, иара уаҟа Красноиарсктәи атәылаҿацә хәшәтәырҭа аблатә Центр ахирургиа аҟәша аҿы аус луан.  Шықәсқәак рышьҭахь Анна аҧышәа змоу ҳақьымны дхынҳәуеит Аҧсныҟа, 3 шықәса Аҟәатәи ақалақьтә аблахәшәтәырҭа аҿы аус анылу ашьҭахь, ҩаҧхьа дхынҳәуеит лдырра аизырҳаразы, аординатура дахысуеит Красноиарсктәи Амедицинатә университет аҟны, лзанааҭ алагьы аусура хацлыркит уаанӡа аус ахьылуаз ахәшәтәырҭаҿы.

Аҧышәа бзиа змоу, акыр шықәса Урыстәыла аус зухьоу, иахьа 10 шықәса ҵуеит ахатә клиника, аблахәшәтәырҭа Центр аартны напхгара алҭоижьҭеи.

Аусура иахьабалак аҭакҧхықәра ацуп, аха ачымазцәа рыдкылара, рызнеишьа, рыхәшәтәра аҿы Урыстәылеи Аҧсни рҟны аиҧшымзаара, аҷыдара ыҟоума? –ҳәа ҳанлаз­ҵаа, Анна Вадим-иҧҳа лхы-лҿы аихаччан, «аиҧшымзаара ыҟоуп ҳәарада»- лҳәан лажәа дна­лагеит:

– Красноиарск ақалақь аҟны, хаҭала, сара аус ахьызуаз араион иқәынхо ауааҧсыра 200 нызқь рҟынӡа рхыҧхьаӡара наӡоит. Ачымазцәа зегьы иахьатәизаалакгьы аблабара иазгәышьуеит. Урыстәыла иҟоугьы, Аҧсны иҟоугьы ачымазцәа проблемак ауп ирымоу – аблабара. Аха Урыстәыла иага ачымазцәа рхыҧхьаӡара еиҳазаргьы, уа аҳақьым ихырхарҭа иаҵанакуа, хықәкыла иара дзызку, инап иану ауп инаигӡо, насгьы знык ацхыраара зиҭаз ачымазаҩ уаҳа дибаӡом.

Аха Аҧсны зегь ҳаибадыруеит, ҳаибабоит, ҳаиҿцаауеит. Ҳара ҳҿы аҳақьым иҵанакуа ахырхарҭала мацара аус изуӡом, уи ачымазаҩ ицәа иалоу ачымазарақәа ҭҵааны, изцәырҵыр зылшогьы дырны, дазхәыцны аус иуроуп ззанааҭдырра ҳараку ҳақьымны.

Насгьы ҽыхәшәтәра иаауа ауаа злеиуеиҧшым ала, досу еиликаартә еиҧш изнагатәуп ичымазара ауадаҩра, инагӡатәу аҳақьым иабжьгарақәа.

«Сара урҭ зегьы срызнеуеит, хаҭала, сара исызныҟәарц шысҭахәу еиҧш. Ҭынч, гәамҵрада срацәажәоит, иҟаҵатәу рабжьазгоит, игәамҵуа аӡә дҟаларгьы уи ацхыраара зҭахәу чмазаҩык иаҳасабала сихәаҧшуеит, анаҩс, ҳақьымк иаҳасабала исуалу насыгӡоит» – дҳацәа­жәон Анна Вадим-иҧҳа.

Иахьа, аблахәшәтәырҭа центр аҟны Анна Вадим-иҧҳа, ҩыџьа аҳақьымцәа: лхатә ҩыза Дмитри Чанчикови Валентина Скоморохинеи лываргыланы аус луеит.

«Ҳцентр аҟны ахәыҷтәы офтальмологиа аҟәша аартуп, уи напхгара алҭоит аҧышәа змоу аҳақьым ахәыҷтәы-офтальмолог Валентина Скоморохина.

Араҟа имҩаҧааго еиуеиҧшым алазертә операциақәа, аш (катаракта), аультробжьытә операциақәа, ашьақар чымазара уҳәа рҿы дсывагылоуп, дсыцхраауеит Дмитри Чанчиков» – лҳәеит аҳақьым, русура аҭышәныртәаларазы еснагь ашьақәгыла ҿыцқәа рыла ишеиҿыркаауа, ишхадырҭәаауа азгәаҭо.

«Офтальмологиа ада сыҧсҭазаара аҵакы амам. Хаҭала, ари азанааҭ аҿы еиҧш аҳақьым иусура алыҵшәа ахьибо ыҟаӡам, уи агәышьҭыхра, агәеизҳара, ҧхьаҟацара узҭо ак ауп» – ҳәа лзанааҭ даара лгәы азҭаны дҳацәажәо, иаҳзеиҭалҳәеит уи зырҵабыргуа раҧхьатәи лымала имҩаҧылгаз операциа иадҳәалоу ахҭыс.

– Операциақәа мҩаҧызгахьан акырынтә, аха сеиҳабацәа сываргыланы. Ҳақьымк иаҳасабала, аӡәгьы акгьы сыҵаимҳәо хаҭала, операциа анымҩаҧызгоз зыҩблак лашәыз дсықәшәеит. Азныказы, уи излак операциа ҟасҵеит қәҿиарала. Адырҩаҽны, «Иҭабуп, алашара ахьысшәырбаз»–ҳәа ачымазаҩ данааи дысзымдырӡеит, избанзар, операциа анизыҟасҵоз аҧсҭазаара аҵакы зцәыӡны иҟаз ауаҩы, саҧхьа дгылан шьҭа аҧсҭазаара згәы азыҳәо уаҩны…

 Сара сзын уи еиҳаз насыҧ ыҟаӡамызт, ҿыц ауаҩы аҧсҭазаара иҭара, уи игәы азыҳәо мышкала аҟаҵара сзаннааҭ абзоурала иахьсылшаз азы, сџьабаа алыҵшәа лабҿаба иахьызбаз азы…

«Имариоу, иуадаҩу операциа ыҟаӡам. Еснагь аҳақьым операциацыҧхьаӡа игәы хыҭхыҭуеит, уи игәы каршәны, гәхьаамкрыла дазнеир ҟалом. Заа дазхәыцуазароуп уадаҩрас ицәырҵыр алшо, амала уи аамҭазгьы ихы агәрагара ицәмырӡкәан аҭагылазаашьа алҵшьагьы иҽақәиршәароуп» – лҳәеит Анна Вадим-иҧҳа аҳақьым изанааҭ иацу аҭакҧхықәра дазааҭгыло.

Имҳәакәан высшьа амам, аҳақьым Гиппократ илҭаз аҭоуба ҧсыцқьала ишыналыгӡо. Уи лыцхыраара зҭахәу илылшо ала дрыцхраауеит, имҩаҧылгоит агәыҳалалратә акциақәа. Хәыда-ҧсада, ес – мчыбжьа, мҽышала Дәрыҧшь ақыҭаҿы зыблабара иагу ачымазцәа рҿы агәаҭарақәа мҩаҧылгоит. «Лыхны, Џьырхәа, Хәаҧ ақыҭақәа рҟнытә мҽышала Дәрыҧшьҟа зыблабара агәаҭаразы иаауа рхыҧхьаӡара маҷым» – лҳәеит А. Ақаҩ-ҧҳа, маҷк иадамхаргьы ауаа ргәы аҟаҵара, рыцхраара ахьлылшо, хаҭала, лара лзгьы ишгәахәароу азгәаҭо. Мчыбжьык знык, ҧшьашала Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ахәрақәа зауз аинвалидцәа рҽахьырхәшәтәуа КБРЦ агәаҭарақәа мҩаҧылгоит, Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи аблахәшәтәырҭа Ацентри ирыбжьоу аиқәышаҳаҭра инамаданы.

Анна Ақаҩ-ҧҳа Жәларбжьаратәи амедицинатә ҵарадырра Академиаҿы лдыррақәа реизырҳаразы лассы-лассы еиуеиҧшым акәырсқәа дырхысуеит. Ааигәа, лыквалификациа шеизҳаз ала аршаҳаҭга лнапаҿы илыҭан.

«Ауаҩы еснагь иидыруа иациҵозароуп, деизҳауазароуп, аҿыц аҧшьгарақәа дрызҿлымҳазароуп» – ҳәа дҳацәажәо, илдыруа аҿы дшаанымгыло, офтальмологиа инаҷыдангьы, егьырҭ ­ ахырхарҭақәа рыҭҵаареи, урҭ рҿы аҽҧышәареи лгәы ишҭоу лҳәеит.

Ҳаиҿцәажәараан еилаҳкааит аҳақьым мышкы иеиҳаны, лзанааҭ ада ишылзымычҳауа. Аҧсшьаразы аамҭа маҷны ишлымоугьы, лхы данақәиҭу бзиа ишылбо аҧсабараҿы аҧсшьара, иара убас, асахьаҭыхреи аспорти дышрызҿлымҳау.

Анна Ақаҩ-ҧҳеи Дмитри Чанчикови 20 шықәса зхыҵуа рыҧҳазаҵә Лиагьы лҭаацәа рышьҭра дықәлеит. Уи сынтәа Москватәи амедицинатә институт хлыркәшоит.

Аҧхьаҟа амедицина аганахьала агәҭакқәа маҷымкәан измоу аҳақьым-офтальмолог ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, иахьа даҽа аамҭанык иеиҧшымкәан, адунеи зегь аҟны, ҧхьаҟа ицо, иҿио амедицина, ҳтәылаҿгьы аҿиареи аихьӡареи аманы аҟалара лгәы шазыҳәо, илбарц шылҭаҳәу.

Аиашазы, аҵарадырреи агәабзиарахьчареи ахьыҕәҕәоу – Аҳәынҭқаррагьы амч амоуп! Анна Ақаҩ-ҧҳа леиҧш ҧсыцқьала зус иазнеиуа, зҧышәагьы аҿар ирымаздо рацәаҩхар ҳтәылаҿгьы амедицина аҿиара амҩа инылоит!

Алиса Гәажә-ҧҳа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me