Апоет, ажурналист, алитератураҭҵааҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II-тәи, III-тәи аҩаӡарақәа занашьоу Владимир Константин-иԥа Занҭариа 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз имҩаԥган аконференциа. «Агәацԥыҳәареи ахандеиреи рымҩала» зыхьӡыз аконференциа мҩаԥысит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.
Аԥсуа ихатәы бызшәа аԥсшәа шакәу зегьы еицырдыруеит. Уи ихатәы бызшәала дцәажәо, дхәыцуа, аԥшӡара, ахаара ихы-игәы аҿынӡа инеиуа аҟаҵара даара акрызҵазкуа усуп.
Ноиабр ҩажәи жәаба рзы­ Б. У.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи ажьаратәи ашкол аҿы имҩаҧысит аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи, Урыстәыла имҩаҧысуаз еиуеиҧшым аолимпиадақәа рҿы аҧхьахәтә ҭыҧқәа аанызкылаз, Аҧсны абжьаратә школқәа рҵаҩцәеи реиԥылара. Аиҧылара иалахәыз ашколхәыҷқәа алкаахеит Шәача имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи иаарту астраномиа иазкыз аолимпиадеи, Анапа имҩаҧысуаз амҩатә шәарҭадара иахылаҧшуа аинспекторцәа ҿарацәа реиҧылара дуи, Маиҟәаҧ имҩаҧысуаз «Ассара» зыхьӡыз Урыстәылазегьтәи аҩбатәи аматематикатә аолимпиадеи иара…

Аҿар реиҵааӡараҿы

07 Ԥхынкәын 2023 12:49
Сынтәа Аҧсны аҵара Аминистрра аиубилеитә шықәсуп. Убри инамаданы, ҳиҿцәажәарц ҳаӡбеит кыр шықәса аус зухьоу, зыҧсҭазаара абжа зегь ззанааҭ иадызҳәалаз, абаҩрҵәыра рылааӡареи, аспорти, аррақәранӡатә зыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл.

Сингапуртәи аметодика

07 Ԥхынкәын 2023 12:48
Ааигәа ажәабжь рылаҩит ашколқәа рҟны Сингапуртәи аҵаратә методқәа арҵаратә процесс аҿы рхы иадырхәоит ҳәа. Иахьынӡаиашоу еилаҳкаарц ҭелла ҳаҽлымаҳдеит Сингапуртәи аҵаратә метод зхы иазырхәо Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы англыз бызшәа рызҭо, рҵаҩыс аус зуа Илона Бжьаниа-ҧҳа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me