Август 6 рзы Аԥсны Ахада Иусԥҟала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп Сергеи Шамба.Сергеи Шамба 2020 шықәса раахыс Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дыҟан.Раԥхьаӡа акәны иара адәныҟаполитикатә усбарҭа ахадас дҟалеит 1997 шықәсазы,2004 рҟынӡа ари амаҵура дахагылан. Аҩынтә раан аминистрс дыҟан 2004-2010 шықәсқәа рзы.
Август 6 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала Аԥсны Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩс даҭан Рауль Лолуа.Рауль Лолуа 2017-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатс дыҟан. 2014-2015 шықәсқәа рзы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.2008 шықәсазы напхгара аиҭон Атеррористҿагыларатә центр, уи ашықәсан ацентр урыстәылатәи архәҭақәа ирыцны Қырҭтәыла аҭынчра азаагаразы аоперациа нанагӡон.
Ажәытәӡатәи аҳәамҭақәа инарықәыршәаны, Анцәа ихазы иалхны имаз, аха адгьылқәа ршараан иагхан иааиз аԥсуа ианаишьаз – Аԥсны аԥсабара беиоуп шәаԥыџьаԥла. Адгьыл иҵоу амазарақәа рнаҩсгьы аӡиасқәа, абнақәа, ашьхақәа, амшыни уи иаԥну адгьыл чашәқәеи уҳәа, араҟа ирацәаӡоуп иуникалтәу аекологиатә система шьақәзыргыло аԥсабаратә беиарақәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me