Екатерина Шьаҟрыл лгәалашәара иазкыз амитинг аҟны иқәгылеит афилалогиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апоет Владимир Занҭариа, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аректор Алеко Гәарама, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Владимир Занҭариа инаҵшьны иазгәеиҭеит амилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥараҿы аиҳәшьцәа Шьаҟрылаа акырӡа шрыҵаркуа:
«Аиҳәшьцәа гәакьацәа Екатерина Платон-иԥҳаи Ҭамара Платон-иԥҳаи Шьаҟрылаа алагаламҭа ду ҟарҵеит Аԥсны амилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥараҿы, уи культурала аиҭарҿиараҿы. Аԥсуа жәлар рзы даара ихьамҭаӡам аамҭақәа раан, аԥсуа школқәа анаркыз, аԥсышәала ацәажәара ианақәиҭырымтәуаз 1952 шықәсазы аспирантура иҭаз аиҳәшьцәа Екатеринеи Ҭамареи аԥсуа жәлар рзинқәа шырҿаҟәо азы Сталин ихьӡала ашәҟәы рҩит.
Урҭ рҽазышәарақәа ирыбзоураны аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра еиҿкаан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҟны. Ари аԥсуа бызшәеи акультуреи реиқәырхареи рырҿиареи рганахьала шьаҿа дуун.
Екатерина Платон-иԥҳа аԥсуа бызшәа апроблематиказы афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵаратә хьӡы зауз Аԥсны раԥхьатәи ԥҳәызбан. Аригьы имариамыз аамҭақәа раан акырӡа зҵазкуаз еихьӡаран. Екатеринеи Ҭамареи Шьаҟрылаа реиԥш иҟоу ахьӡқәа рхаршҭра алыршатәым. Екатерина Платон-иԥҳа дахьынхоз аҩнаҿы амемориалтә ӷәы аартрагьы шаҳаҭра ауеит аҵарауаҩ, арҵаҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз лылшамҭақәа разхаҵаразы», – иҳәеит иара.
Ҵарауаҩык, рҵаҩык лаҳасабала Екатерина Шьаҟрыл лхаҭара, лыуаҩра дазааҭгылт Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба:
«Аиҳәшьцәа Екатеринеи Ҭамареи аҵареи, ааӡареи, ауаҩреи рганахьала зегьы рзы иҿырԥшыган. Амемориалтә ӷәы аартра ҳара ҳзы ныҳәак иаҩызоуп. Иахьа астудентцәа аҵара зларҵауа ашәҟәқәа акыр ҭлыжьхьан. Насыԥ рыманы исыԥхьаӡоит уи ллекциақәа ирзыӡырҩхьоу. Арҵаҩра инаваргыланы аиҭагара аусгьы лнапы алакын, аурыс бызшәа аҟнытә аԥсшәахь ирацәаны арҿиамҭақәа еиҭалгахьан», – иҳәеит ашәба.
Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аректор Алеко Гәарамиа иаҵишьит ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаараҿы Екатерина Шьаҟрыл лҵакы:
«Иааҳартуеит амемориалтә ӷәы. Лара дреиуоуп абызшәадырра аганахьала адиссертациа зыхьчаз раԥхьатәи аҳәса. Сара слахьынҵа иаџьысшьоит иналукааша аԥҳәызба дахьыздыруаз. Иаҳхаҳмыршҭыроуп Екатеринеи Ҭамареи Шьаҟрылаа аԥсуа культуреи абызшәеи реиқәырхара, рырҿиара аганахьала аус ду шыҟарҵаз», – иазгәеиҭеит Гәарамиа.
Агәалашәаратә митинг ахыркәшамҭаз Екатерина лԥа Ахра Бжьаниа еизаз ҭабуп ҳәа реиҳәеит: «Зегьы иҭабуп ҳәа ҳәасҳәоит. Иахьа даара ажәаԥхақәа шәҳәеит. Иара убас ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп абри аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз зегьы, амемориалтә ӷәы аартразы ажәалагала иадгылаз Аҟәа ақ. ахадареи Ақалақьтә еизареи. Даара агәахәара снаҭоит иахьа абра иахьыҟоу аҿар – Екатерина Платон-иԥҳа акыр шықәса аус ахьылухьаз Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет астудентцәа. Шәыҩнаҭақәа рҿы иҟалааит аҭынчра, аманшәалара, агәабзиара ӷәӷәа», – иҳәеит иара.