Изхароу ауаа ҳауп

16 Жәабран 2024 08:47
Иаҳаҩсыз амшқәа рзы Аҧсны араионқәа иахьрыҵаркуа акырџьара абнақәа амца ркит ҳәа ажәабжь ааҩит. Аҭагылазаашьа хылаҧшра арҭоит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден І аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусеицура аҳәаақәа

16 Жәабран 2024 08:42
Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиеи» «Евразийская медиа группа» ҳәа изышьҭоу Акционертә Еилазаареи рыбжьара аусеицуразы Амеморандум анапаҵаҩра мҩаԥысит Москва ақалақь, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Амеморандум рнапы аҵарҩит Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥснымедиа» аиҳабы Роберт Џьопуеи Акционертә Еилазаара «Евразийская медиа группа» аиҳабы Сергеи Деменскии.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me