Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афырҧҳәызба лнысымҩа

Ҳажәлар ҵәымаҕҵас ргәаҵа иалалаз аибашьра анцоз, аҕа ихымҭа иаҿагылан зықьҩыла Аҧсны аҧацәеи аҧҳацәеи.

Аибашьра адәаҿы афырхаҵа ахы даҿагылоуп, аха аҕа ихымҭа ахәра инаҭар ацхыраара изҭо амедиаҳәшьцәа роуп. Дара ирхәышәтәуа ихьаа рхьаауп.

Уажәы сзыхцәажәо афыр­ҧҳәызба, амедиаҳәшьа Шьазина Џьапуаҧҳа, диит Ҷлоу ақыҭан.

 Ҷлоутәи абжьаратә школ далгеит, нас дҭалоит амедицинатә ҵараиурҭа.

Аҵараиурҭа ашьҭахь дҭалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, иахьа аҧсуаҭҵааратә институт аҿы аус луеит.

 - Аибашьра шалагаз атәы абеилышәкааи?

Аибашьра ианалага аҧхьатәи амш азыҳәан аусураҿы сыҟан, убра исаҳаит, убраантәи сцеит амза 14 инаркны аҧхьатәи ацәаҳәаҿы сыҟан, убраантәи иалагеит сара сеибашьра ахҭысқәа.

 - Иарбан хырхарҭаз шәахьыҟаз?

Ешыратәи ахырхарҭаҟны. Ацҳа ҟаҧшь ала салагеит, нас дара аибашьцәа ҳрыцны Гәымсҭа ахырхарҭахь ҳцеит.

 - Зегь реиҳа шәхаҿы иаанхаз ахҭыс?

Аибашьра ахҭысқәа жәаҳәарада егьырҭ ирылаҩашьаӡом, аибашьра даҽакала иҟоуп, иара иала­хәыз ибзианы ирдыруеит.

Аибашьраҟны егьи аҧсҭазаараҟны иуҧымло аизыҟа­заашьақәа рацәаны иубоит, аихӡыӡаареиҧш иҟоу, агәеибаҭареиҧш иҟоу. Цәгьала ибзианы иубоит убри аибашьра аҟны. Аҧсреи абзареи ауаҩы данрыбжьагылалакь даҽакала иҟоуп хымҧада, уи азыҳәан акәхап ауаҩытәыҩса еиҳа даартхоит, еиҳа дразхоит, усшәа сгәы иаанагоит. Сара избон шаҟа дара-дара еихӡыӡаауаз аибашьцәа, шаҟа игәеибаҭоз. Аҭынч ҧсҭазаараҟны хи-ҧси ҳәа иҟало, аҩыза ыҟаӡам, аибашьраҟны, ус иҟамлар уагьзалымҵуазар акәхап.

 - Шәара шәзы еиҳа ихьанҭаз амш?

Аибашьра амшқәа зегь хьанҭан хымҧада, аха ажәыларақәа рҟны иаҳа ихьанҭан.

Иузааигәо, узлагыло ауаа уганаҟны иахьеи-уахеи иубоз анувыршьаауа, уи даҽакы иалаҩашьаӡом хымҧада, убырҭ зегь гәыхьны уҧсҭазаара зегьы ианугоит нас. Урҭ реиҧш иҟоу ахҭысқәа хашҭшьа рымаӡам. Сара хаҭала Ешыра-Афонтәи абаталион салахәын ишысҳәаз еиҧш, аҧхьатәи амшқәа инадыркны Гәымсҭатәи ахырхарҭахь ҳаргеит, ар ҳашрыцыз уахь ҳаиаргеит нас еиҿыркаауа иалагеит хәыҷ-хәыҷы абаталионқәа, убас Ешыра-Афонтәи абаталион анеиҿыркаа ҳаргьы убрахь ҳрышьҭит, хаҭала Качубеи Аҩӡба напхгара зиҭоз аротахь ашьҭахь иара Качубеи Аҩӡба даҽа хырхарҭак ахь диаргоит, аха ҳара уа абаталион аҟны ҳшыҟаз ҳаанхеит аҵыхәтәанынӡа.

 - Ишәыцыз шәҩызцәа аӡәык-ҩыџьак рыхьӡқәа?

Иазгәасҭар сҭахуп аӡҕабцәа еицқәаз, урҭ заанаҭла амедецина иадҳәалаӡамызт, аха аибашьра ианалага абра ҳаҭахуп ҳәа азыҧхьаӡаны инеиз Иулиа Багаҭелиаҧҳа, Зина Қаҩҧҳа, Ламара Чамагуаҧҳа абарҭ дареи сареи аханатә инаркны ҳаицын.

Ламареи Зинеи даҽа ротак аҟны иҟан, ҳара даҽа ротак аҟны ҳаҟан, аха баталионк акәын ҳаидызкылоз. Иҟан егьи аротаҿгьы аӡҕабцәа, нас ихьшәаны инеит урҭ Гәлиаҧҳа Аидеи, Мактина Џьениаҧҳаи.

Абраҟа лымкаала рыӡбахә сҳәарц сҭахуп ҩыџьа аиҳәшьцәа Кәыркьҧҳацәа, дара убарҭ аӡҕабцәагьы абри абаталион аҟны иҟан, аҧхьатәи амшқәа инадыркны.

Раиса дҭахоит Ахбиуктәи ажәылараан, ахәра бааҧс лоуеит. Дагьахыҧсаауеит лыхәра. Света аибашьра ашьҭахь март азыҳәан Галҟа ирышьҭит, убысҟан аибашьрашьҭахьгьы абас рҽеиҭныҧсахланы ицалар акәын убрахь. Убрахь иахьцаз амина рыҵаҧжәеит, Иулиа Багаҭелиаҧҳа ҕәҕәала дхәын, ахәра баҧс лыман, Света дҭахоит убраҟа март азыҳәан.

Исҳәарц сҭахуп Светеи Раиеи аишьцәа гәакьақәа рыҧҳацәа шракәыз, шҭак еицҭанхон, Света лашьа Славик Кәыркьба, Гагра агаразын дҭахеит ҳәоуп ишысгәалашәо сымҩашьозар. Иура Раиа лашьа гәакьа, Аҟәа агараан цәыббрамза 17 азыҳәан дҭахоит. Ажәакала, ҧшьҩык ауаа шҭак аҟынтәи иҭахоит, шҭак еицҭыҵыз, ҩыџьа аӡҕабцәеи, ҩыџьа аҷкәынцәеи.

Иагьа уҳәаргьы урҭ рзы акагьы зымыцхәхаӡом, ирықәнаго ажәа аҳәашьа амаӡам. Рыдгьыл рхы ахҭнырҵеит.  Ҽыҧхьакшьа ззымдыруаз ракәын абарҭ аӡҕабцәа.

30 шықәса ҵит, аха ирыхәҭоу ажәа ҳәоуп ҳәа сгәы иаанагаӡом. Уи нас изҳәашагьы ҟалап аҧхьаҟа, ҧшӡала. Зыӡбахә ҳәалатәу иҭахаз роуп, иҟоу ҳтәы ҳәара аҭахӡам, иҟоу усгьы ҳаҧсы ҭоуп. Убарҭ зегьы игәыхьны иузынхоит жәаҳәарада, ихьаан ҳаҧсҭазаара зегь иҳаман ҳалсуеит абарҭ реиҧш иҟоу ахҭысқәа.

 - Аиааира амш шәабаҧылеи?

Ишысҳәаз еиҧш абаталион ҳацны ҳаауан, ҳазцыз Ачадарала ихалеит, уи иахьа «Ешера-Афонтәи» абаталион ззырҳәо, хьӡи-ҧшеи змоу баталионуп. Џьара заҵәыкгьы ирыдыз адҵа рзыҟамҵакәа ихнымҳәӡеит, иахьнеиз иҟаҵан аус. Убри абаталион саргьы сахьацыз насыҧ сыманы схы сыҧхьаӡоит, рхыҧша бзиан, еибашьцәа ҕьеиҩқәан.

Ачадара ихалеит, Ачадарала ажәытә ҳабла ргеит, нас убысынтәи аҩсырҭа ыҟоуп, ажра ду ҳарны аҳабла ҿыц ахь ҳабжьалеит. Аргун ала, убри аҳабла азбжа ганы, ауха убраҟа иҧхьеит, адырҩаҽны ДЕПО ҳәа иахьашьҭоу аихамҩа ҳахысны, аџьырмыкьаҟны ҳкылсит. Нас «Проспект мира» ҳәа усҟан изахьӡыз, иахьа «Аиааира» амҩа ҳшаныз асааҭ аҧхьанӡа ҳааит. Амза 27 рзыҳәан Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа ҳаҟан, Аҟәа ган. Амза 28 рзыҳәан абаталион сацны Кәыдры ацҳаҟны ҳцеит. Убра еиҧылеит ҩ-фронтк реибашьцәа.

Аха ибныри ҳәа бсазҵаауазар? Акгьы сымнырӡеит, избан акәзар, абни хаҭала уара ахьаа анумо, убри акгьы ихнамҽуазар ҟалап, уи нас аамҭақәа бжьалоит, ахәра зыхәшәтәуа аамҭа ауп рымҳәеи, аха усҟантәи аамҭазы ҳаҳәшьаҧа заҵә дыӡит, ихырхарҭа ҳзыҧшаауамызт, ибаҩгьы усҟангьы уажәгьы иаҳмоуӡеит. Агәырҩа сыман, сзазымиааиӡеит схьаа, гагаҵас саҧылеит аиааира, ус уҳәар ауазар.

Абас инҵәеит сара сиааира амш, ашьҭахь аҧхьаҟа ицазгьы ҳрыцны ҳцеит Охәуреинӡа ҳнеит, Охәреи ҳаннеи еилаҳкааит уаанӡа иҳамаз аинформациа, ҳаҳәшьаҧа џьара дыҟазар ҳәа гәанагарак иҳамаз убраҟа инҵәеит. Охәуреинтәи ахәцәеи аҧсцәеи ҳаманы ҳгьежьуеит саҳәшьагьы саргьы. Нас иҧсыбаҩ ҳашьҭалоит, аха иҧсыбаҩгьы ҳауӡом. Абас еиҧш ишьақәгылан сеибашьра аамҭа. Ари аибашьра атема ихьааны, игәырҩаны исыцзаауеит есыҽны.

Аиааира амш аҟынӡа изымааиз, ҳара иахьа абас ҳҭынчны ҳанхартәеиҧш, аиааира ҳзаазгаз рыҧсқәа ҭынчзааит. Ирымҳәо «Зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз џьанаҭ дцоит» ҳәа. Урҭ џьанаҭ иҟоуп, џьанаҭ ишыҟоу агәра ганы сыҟоуп. Ҳара абрахь инхаз рыҧсқәа гәаҭеиуа адәы иқәлартәы анцәа иҳаумырҟаҵан. Еиҵагыло аҿар шәҟынӡа аиашара азнагара, ииашаны шәҳааӡаратәы алшара анцәа иҳаиҭааит. Аҧсадгьыл абзиабара Аҧсадгьыл азыҳәан ақәҧараз ахәыҷы аду дыҟаӡам, шәара ишәылшааит шәахьгыло аҭыҧаҟны, шәыуаажәлари шәыдгьыли бзиа ижәбартә, убри шыжәбо шәнырыртә, ишәҳәаратәы, ишәыхьчартә анцәа алшара шәиҭааит.


Миранда Сабекьиаҧҳа,

афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша 2- акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me