Аҟәа ақалақь Ахадара аусзуҩ Ирина Шониа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Брианск ақалақь Амш инамаданы иааишьҭыз адныҳәалара даԥхьеит. «Ақалақь ауааԥсыра реизҳазыӷьара ахьӡала аусеицура ацҳақәа бжьаҳҵоит, адыррақәа рыла, акультурала, аԥышәеимадарала аусқәа еиҿаҳкаауеит. Акыр ҳаҭыр ҳзақәуп аиҩызаратә, аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа. Ари амш азы азин сышәҭозар, Брианск ақалақь аҭынчреи аизҳазыӷьареи азеиӷьасшьар сҭахуп!» иазгәаҭоуп Аҟәа ақалақь ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Ақалақь асасцәа «Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Брианск ақалақь ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 80 шықәса аҵра» ҳәа агәалашәаратә медалқәа ранашьахеит. Ақалақь агәалашәаратә ҭыԥқәеи арратә мемориалқәеи рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭаҵан.