Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амшынҵа аҟынтәи цәаҳәақәак

Ҵаҟатәи Ешыра қыҭа дынхоит Пичуриа ҳәа ихьыӡны ҭаҳмадак. Даагылеижьҭеи дшәарыцон, ихы баша иҭҟьом – ззырҳәо дреиуоуп.

Аӷацәа Аԥсны ианақәла уи шаҟа шықәса ихыҵуа аҟара аӷацәа ишьырц ҭоуба иуит. Иаб иҭынхаз акарабин шәақьыжәгьы аашьҭыхны «шәарыцара» абна дылалеит. Амшқәа ԥыҭк цеит. Аҭаҳмада аҩныҟа даауамызт. Уи дахьыҟаз аҭыԥ ахь имоҭа афатә изигон. Ҽнак ихәы иманы дахьнеиз абду ӷәӷәала дыхәны, аарла иԥсы ҭаны дшыҟаз ибеит. «Ааи, сыҷкәын, сажәа сзынамыгӡеит, еилазгеит сҭоуба. Шаҟа шықәса схыҵуа аҟара… - аарлаҳәа ибжьы ҭикаауан алыгажә. – Ҩынҩажәи хҩык роуп рхыԥхьаӡара иҟасҵаз, сахьырымгӡеит. Ҩынҩажәаҩык ршьа схы иадуп (на моей совести)!..».

«Умшәан, даду, умшәан, агәнаҳа уара ушҟа инеишам», - иҳәон зылаӷырӡқәа хыҟәҟәалаз амоҭа, иабду имбартә аган ахь дыԥшуа.

– Сара ара сыҟами!».


Мыхц Қьарым

Агазеҭ «Абазашҭа»

№№ 145-146, 1992 ш.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me