Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Уара урызшьышам, Аԥсны!

Ҩажәи жәеиза шықәса раԥхьа Қырҭтәыла Аҳәынҭхеилак арбџьармчтә еиҿкаарақәа Аԥсны ахеиқәырхара аамҭа ианҭадыргыла, наџьнатә аахыс ҳажәлар имырӡкәа иааргоз, ҿыцәаара зқәым ацәанырра ҳаракы – аџьынџь азы ахамеигӡара здоуҳамч арҵасыз зықьҩыла ҳаԥсадгьыл аҵеицәа инарывагылеит, зхатәгәаԥхарала Нхыҵ-Кавказ, ихароу аҳәаанырцә, Урыстәыла еиуеиԥшым акәакьқәа уҳәа рҟнытәи, аҵабырг хәы шамам зеилкаарҭаз, ауаҩра агәаӷь злаз шәҩыла аҵеицәа.

Убарҭ дыруаӡәкын Ҟарачы-Черқьес жәлар рпоет, зыхьӡ ахара инаҩхьоу абаза ажәа сахьарк азҟаза Қьрым Леонид-иԥа Мхцы.

Қьрым Мхцы усҟан аус иуан амилаҭтә газеҭ «Абазашҭа» аредакциаҟны. Иабдуцәа рабшьҭрақәа рхьышьҭра зҭашәаз амишәанра шааиаҳазҵәҟьа иҽазикит Аԥсныҟа даарц, иагьынаигӡеит игәҭакы хара имгакәа. Август анҵәамҭа инаркны Аԥсны амраҭашәаратәи ахәҭа ахы иақәиҭхаанӡа икалами иабџьари еицкны ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрывагылан. Иибоз-иаҳауаз иредакциа ашҟа анҵамҭақәа рзынашьҭуа. Анаҩс, игәамбзиара иахҟьаны дыхнымҳәыр амуит Абазашҭаҟа. Аха, аҵыхәтәантәи – сентиабртәи аиааиратә жәылара аан деиҭааит Аԥсныҟа, дреиуоуп Егры аҳәааҿы Аԥсны абираҟ шьҭызхыз Ахацәа. Ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

Аамҭа уадаҩ аан ҳажәлар зҭагылаз аҭагылазаашьа бааԥси уи аиқәырхаразы зхы иамеигӡоз аҵеицәеи ирызку аибашьра адәы аҟнытә еиԥш, аҩныҟа даныхынҳә иҟаиҵаз анҵамҭақәа – астатиақәа, аочеркқәа, иҟоуп ажәеинраалақәагьы «Аԥсуа тетрад» ҳәа автор зеиԥш хьӡыс изиҭаз, урҭ зынӡа ҩажәи жәаба инареиҳауп.

Иара убас, ҳџьынџьхеиқәырхаратә еибашьра аамҭа иалагӡаны – август 18, 1992 ш. - октиабр 2, 1993 шықәсанӡа агазеҭ «Абазашҭа» 79 номер рдаҟьақәа рҟны икьыԥхьуп 160 инарыцны Аԥсни уи ажәлари усҟантәи рыбзазара аазырԥшуа, ҳажәлар нхыҵтәи рыхәҭа еиуеиԥшым рхаҭарнакцәа – аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа… ркьыԥхьымҭақәа. Урҭ, ҳәарада, ҳажәлар рҭоурых ауп. Ишазгәаҭоу еиԥш, ҳажәлар рҭоурых иаҟәырҷахоу арҭ анҵамҭақәа иеизҳауа абиԥарақәа рзеиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны ауп, шықәсык аԥхьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартыз, ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаимадара арҵаулара зхықәкы хадоу – В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Ацентр аусзуҩцәа: арҭ ацәаҳәақәа равтори, ацентр алаборант еиҳабы – Асмаҭ Беиаԥҳаи, ԥхынгәымза аҩбатәи азбжазы, мчыбжьык инацны, агазеҭ «Абазашҭа» аредакциеи Х. Б. Баирамукова лыхьӡ зху Ҟарачы-Черқьестәи аҳәынҭқарратә – милаҭтә библиотекеи рҟны аԥшааратә-ҭҵааратә усурақәа зымҩаԥыргоз. Арҭ аусурақәа ирыбзоуаны хыхьҟа зыӡбахә ҳәоу анҵамҭақәа аԥсуа-адыга филологиа ацентр архивтә фонд аҟны иҟоуп, абаза бызшәахьтә аԥсшәахь риагара нап аркуп иахьазы. Аиҭагара аус аҿы, ацентр аусзуҩцәа ҳнаҩс лџьабаа рацәоуп хылҵшьҭрала иабазоу, Аԥсны аҿар реиҵааӡараҿы зылшамҭа шьардоу Лиудмила Умар-иԥҳа Ристова.

Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы «Уара урызшьышам, Аԥсны!» ҳәа автор ианҵамҭақәа ахьикьыԥхьуаз арубрика ахьӡ азныжьны, урҭ рцыԥҵәахақәак шәыдаагалоит.


Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me