Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

2023-2024-тәи аҵарашықәс иазкны

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа сентиабр 12 азы аҳасабрбатә еилацәажәара мҩаԥигеит. Уи азкын аҵарашықәс ҿыц алагара аҵарадырратә усҳәарҭақәа шазыҟаҵаз.

Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҵарадырра ус напхгара азҭо Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аҵара аминистр Инал Габлиа, асоциалтә зҵаарақәа рзы араионқәа рхадарақәа реиҳабацәа рхаҭыԥуаа, аҵарадырра ақалақьтәи араионтәи аҟәшақәа реиҳабацәа.

Аҵара аминистр Инал Габлиа Ахада иҿаԥхьа ажәахә ҟаиҵеит аҵарашықәс алагара иазкны. Уи излаҳәо ала, аҵарашықәс ҿыц – 2023 ш. сентиабр азы ашколқәа рахь ицеит 2 500-ҩык актәи аклассаа, аҳәынҭқарра иатәу ахәыҷбаҳчақәа рахь ирыдыркылеит 1 500-ҩык ахәыҷқәа, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет иахыԥхьаӡалоуп ашколқәа раушьҭымҭацәа 650-ҩык, Россотрудничество аквотала Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь ишьҭуп 84-ҩык абитуриентцәа, аҵара Аминистррала Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәеи аколлеџьқәеи рахь идәықәҵоуп 15-ҩык абитуриентцәа: Белгородтәи аҳәынҭқарратә университет – 3-ҩык, IT-аколлеџь Сириус – ҩыџьа, Нижегородтәи аҳәынҭқарратә нџьныр-економикатә университет – 10-ҩык.

Аԥхынразы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшан Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1, Владимир Маршьан ихьӡ зху абокси, аиқәԥареи, атлетика хьанҭеи Рреспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ, К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат, Калдахәаратәи ашкол-интернат, Аракьыҽы ақыҭантәи ашкол, Мықәтәи абжьаратә школқәа №1, №2, Гагра араион ахәыҷбаҳча «Мрамза», Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №5, ахәыҷбаҳча «Кәыбрыц» рҟны.

Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы атәыла аҵарадырратә усҳәарҭақәа рҟны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы ихарџьын 47 миллион мааҭ, 2023 шықәсазы акәзар – 64 миллион мааҭ рыхә аилаӡарақәа рнапы рыҵаҩын. Хадаратәла абарҭ аусурақәа зегьы хыркәшан аҵарашықәс алагамҭазы.

Аминистр иинформациала, аҵарашықәс алагамҭазы Аԥсны ашколқәа ирзоушьҭын Аԥсны иҭыжьыз арҵага шәҟәқәа 18 272, актәи акласс инаркны ажәеизатәи акласс аҟынӡа. Уажәы иазԥшуп 8-9-тәи аклассқәа рзы Урыстәылантәи арҵагатә шәҟәқәа 32 749 цыра раашьҭра. Уахь иаҵанакуеит амаҭәарқәа 5 (аурыс бызшәа, аурыс литература, Урыстәыла аҭоурых, азеиԥш ҭоурых, алгебра).

Аилацәажәараҿы ажәалагала ҟаҵан ашколқәраҟынӡатәи, абжьаратәи аҵара асистема иалагалахарц ақәрақәа ирыдҳәалоу еиҭакрақәак. Асҭанда Ҭаркьыл, Аҟәа ақ. ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы, лгәаанагарала хышықәса инадыркны ҩышықәса рҟынӡа хымԥадатәи ашколқәраҟынӡатәи аҵарахь инарышьҭуа ақәрақәа реиҵатәра аԥыжәарақәа жәпакы аиуеит: ҩышықәса инадыркны ахәыҷқәа рхатәы бызшәа еиҳа игәныркылоит, насгьы аҭаацәара қәыԥшцәа рыҩнуҵҟа адекреттә ԥсшьара аҟнытә аусурахь аҭыҵра апроблемагьы ӡбахоит, аԥсуа школқәа рҟны алагамҭатә классқәа рырҵаҩцәа рҵара ус иаҳагьы аиӷьтәра рылшоит.

5-6 шықәса ирҭагылоу ахәыҷы ашкол ахь дандәықәырҵауа, уи алҵшәа маҷны иаанашьҭуеит. Ажәалагала ҟаҵан ашкол ахь ахәыҷқәа рдәықәҵара иалагарц быжьшықәса рҟынӡа анырхыҵлак, абри ӷәӷәала иахылаԥшларц.

Иара убас аилацәажәараҿы ишьҭыхын ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны ашәарҭадара азҵаарагьы. Аҵара аминистр иҟаиҵаз адырраҭарала ашколқәа рҟны ашәарҭадара аҭагылазаашьа акыр иҭышәынтәалоуп, хҭыс ҷыдақәак ҟамлац. «Школцыԥхьаӡа ахьчаҩцәа рықәыргылара ахарџь-ԥарџь ацуп, абри аҟнытә иаҳа еиӷьын ашколқәа авидеохлаԥшра акамерақәа рыла реиқәыршәаразы хазы апрограмма аус адулара», – иҳәеит Инал Габлиа. Атәыла Ахада адҵа ҟаиҵеит аԥхьа иргыланы урҭ рыла еиқәдыршәарц ашкол-интернатқәа, анаҩс – Аԥсны егьырҭ ашколқәа зегьы.

Аилацәажәараҿы иара убас ирзааҭгылеит арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи зынио ауадаҩрақәа. Иаҳа иҵарны иқәгылоуп арҵаҩцәа разымхара, абаҳчақәеи ашколқәеи рҟны аԥсуа бызшәа апроблема, ашколқәа рҭагылазаашьа, ашколтә автобусқәа разымхара уҳәа убас.

Аслан Бжьаниа, ашколқәа реилахара азҵаара дазааҭгылауа, аҵарадырра аҟәшақәа русзуҩцәа рнапы ианиҵеит ирыдыркылахьоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, ашколқәеи аклассқәеи рҟны аҵаҩцәа еиҟараны реихшара алдыршарц.

«40-ҩык аҵаҩцәа аҵара ахьырҵауа акласс аҟны ахәыҷы иаҭаху ахшыҩзышьҭра иоуам, ус анакәха иоуа адыррақәагьы хьысҳахоит. Абасеиԥш ианыҟоу, ашкол ахьӡ-аԥша лацәажәашьас иамоузеи?» – иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵишьит, абри аиԥылараҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа реиҳарак аекономика ишахьыԥшу. Убас, ашколқәа рҟны арҵаҩцәа разымхара азҵаара аҭыԥ ақәҵаразы ишьҭыхтәуп ауалафахәы, аҵараиурҭақәа ирыгу-ирыбзоу ҟаҵалатәуп, аклассқәа иаҭаху маҭәа-ҩыҭәала еибыҭалатәуп, иаахәалатәуп ашколтә автобусқәа, ақыҭа мҩақәа рҭагылазаашьа рҽеилатәуп, аха абарҭқәа зегьы ирҭахуп аԥаратә малқәа.

Аилацәажәара еихшьалауа, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит иҟаҵоу шмаҷымгьы, иҵегьы аус зыдулатәу азҵаарақәа шыҟоу. Аҳәынҭқарра Ахада рнапы ианиҵеит октиабр нҵәаанӡа абарҭ азҵаарақәа иахьынӡауа рҭыԥ иқәырҵарц.

Иара убас Бжьаниа иаҵишьит ахәыҷқәа рспорттә, рдоуҳа-цәаҩабзиатә ааӡара хшыҩзышьҭра шаҭаху агаџьетқәеи «амҩақәеи» иҟарҵо анырра бааԥсы рацәыхьчаразы. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас ирыдиҵеит ҷыдала иахылаԥшларц ашколқәа зегьы рҟны аспорттә залқәеи ашҭақәеи рҭагылазаашьа.

«Ахәыҷқәа рааӡареи амилаҭ ргәабзиареи – ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу акырӡа зҵазкуа ауснагӡатәқәа ируакуп», – иаҵишьит Ахада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me