Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Ауашәшәыра»

Абас ахьӡуп арҭ амшқәа рзы Аҟәа ақалақь абаа аҭыӡқәа рҿы еиҿкааз ацәыргақәҵа. Уи рыбзоуроуп асахьаҭыхыҩцәа Диана Хынҭәба, Аҧшьа Ҳагба, акуратор Саид Гьезердаа, Аинар Инал-иҧа, Азамаҭ Багаҭелиа, амузыкала аиқәыршәаҩ Надир Џьинал.

Ари ацәыргақәҵа уаанӡатәиқәа иреиҧшым, ишьақәгылоуп арт-обиектқәа 9 рыла. Урҭ зегьы ҳақалақь апроблемақәа ҳзаа­дыруеит, уи ахаҿра, ажәытә-аҿатә аиқәырхараз иҳақәҿырҭуеит. «Ауашәшәыра» ҳәа рцәыргақәҵа изахьӡырҵазгьы машәыршәа акәӡам. Ҳазқәынхо ҳдунеи иахьазы даара иуашәшәыроуп. Уи изацәымцеит ҳақалақь Аҟәагьы.

«Хаҭала ҳара зегьы иреиҕьаҳшьо, ҳзыхӡыӡаауа – ҳахьынхо ҳақалақь гәакьа Аҟәа ауп. Ара иубарҭоуп ицахьоу аамҭақәа, иаҳхаагахьоу зегьы рышьҭақәа, урҭ ашьҭақәа акы иалаҩашьом, џьара-џьара ишьыхзаргьы, макьана имыӡӡакәан иааиуеит.

Ақалақь – абиҧарақәа ргәалашәара ахьцәырҵуа ҭыҧуп, убри азоуп ҳгәы заҳнархьуа уи иатәу артефактқәак, уи ҩнума, ҭӡума, шәума, баҳчоума, шҭоума, ҵлоума, изакәызаалак акы анацәыӡуа. Аҟәа иамоуп иара ахатәы, даҽакы еиҧшым аестетика, уи ус аламала иузеиҭаҳәом, иуҭаххаргьы аиҧш зеиҧшу ҿыц иузаҧҵом. Ҳақалақь ианыҧшуа абри ауашәшәырара уажәшьҭа акыр ҵуеит аӡәгьы дазхьамҧшуеижьҭеи, уи иаҳа-иаҳа иҳацәтәымхо, џьара-џьара ҳаблаҿы имааиуа иалагахьеит, избанзар ҳақалақь гәыкала акәымкәа, ҳхы иабаҳархәари ҳәоуп ҳазнеиуа ҳшалагаз», – иҳәеит Саид Гьезердаа.

Асахьаҭыхҩцәа Аҧшьа Ҳагбеи Диана Хынҭәбеи ари ацәыргақәҵала Аҟәа изхысхьоу аамҭеи иахьатәи амши ҳрызхьадырҧшыр рҭахуп, уи адагьы, дара ҳаҳҭны-қалақь уаҵәтәи аҧеиҧшгьы зеиҧшрахар ауа ҳдырбарц рҽазыршәоит. Дара агәра ганы иҟоуп ақалақь иахьатәи аамҭа аҧҟарақәа рыла иҿиозаргьы иара иамоу ахатәы ҭоурыхтә, акультуратә феномен еиқәнархар шалшо.

Асахьаҭыхыҩцәа мап ацәыркит зегь зышьцылахьоу атематикатә ҿыханҵа, уи ахаҭыҧан дара раҧхьаӡа акәны ахәаҧшцәа рахь ицәырыргеит аинсталлиациақәа, еиуеиҧшым асахьаҭыхратә техникақәа рыла иаҧҵоу: аколлаж, ахырҷара, абаҿы аҭыхра, ақьаад иалху амаҭәарқәа, абзазараҿы ауаҩы ихы иаирхәо амаҭәахәқәагьы. Абарҭқәа зегьы зызку ҳаҧсҭазаараҿы иаҳҧыло артефактқәа шаҟа рҵакы дуу, урҭ аҭоурыхтә гәалашәара аҿыцәаара шалдмыршо аарҧшроуп.

Ҳара ҳзыҿцәажәаз ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа руаӡәк, асахьаҭыхҩы Диана Хынҭәба иазгәалҭеит ахәаҧшцәа шаҭаауа иааиҧмырҟьаӡакәа ишааиуа аҿар, арҿиара знапы алаку, аҧсшьаҩцәа, аха уи еиҳарак иззынархоу ачынуаа зымааит. Ҳара иаҳҭахуп арҿиара, аҟазарала ҳақалақь ахазынарақәа хызшьаауа, аҧсабара, архитектуратә ргыларақәа ааха рызҭо рхыргәаҿы инаҳгарц иҟарҵо шҽеим. Иаҳҭахуп аҭоурых ду згәыҵаҵәаху ҳақалақь Аҟәа аиқәырхара.

Аҭыӡқәа ирыҩныҩуаз амузыка абжьы амхылдыз еиҧш, уаднаҧхьалон. Ацәыргақәҵаҿ асаркьала ихҩоуп ҳақалақь ахазынарақәа, апроблемақәа, уи аҭорыхтә ргыларақәа рыхьчара. Зегь раҧхьаӡа инаргыланы ҳақалақь аҧшӡара, ашәышықәсқәа иргәылсны иаауа ахазынарақәа рыхьчара рхахьы иргароуп ачынуаа. Убарҭқәа зегьы рзы ҵаҳәагак иаҩызоуп ацәыргақәҵа. Иара аиҿкааразы шықәсыбжак аџьабаа рбеит зегьы. Иахьымҩаҧысуаз Аҟәатәи абаа аҭыӡҭыҧқәа ракәзар, ихьчатәу ақалақь ахазынарақәа ируакуп. Издыруада, аҟазацәа иашақәа рымчала ари аҭыҧ-ҧшьа аҭоурых ҵаула змоу аиқәырхарагьы алыршахар.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me