Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ишәарҭахаз аҩны

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит Аҟәа, Наӡаӡе лымҩаҿы игылоу, ауада рацәа змоу иуашәшәырахаз аҩны ауааԥсыра рхаҭарнакцәа.

Аиҳабыра иазырыӡбеит анхарҭа злаархәаша аԥара рыҭаны абарҭ ауаа даҽаџьара рнырхара, зыӡбахә ҳәоу аҩны аиҭашьақәыргылара ахьзалымшо аҟнытә.

Аҩнытә еилакы ахаҭарнакцәа Аԥыза-министр иарҳәеит еиҭамҵуа амазара ахә ашьҭыҵреи дара зыҩноу иаҟароу анхарҭа аахәара аганахьала ицәырҵырц зылшо ауадаҩрақәеи агәҭынчымра шырнаҭо.

Алеқсандр Анқәаб урҭ иреиҳәеит рнапы зҵарҩыз адҵа атәы. Уи инақәыршәаны иаарласны Аҟәа ақ. ахадара ашҟа ииагахоит Ареспубликатә биуџьет аҟны иарбо амалқәа рахьтә 50 миллион мааҭ.

Аԥыза-министр иаҵишьит абри апроблема аҭыԥ ақәҵара аԥыжәара шарҭо, избанзар аҩны аҭагылазаашьа уаҟа иҩноу рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара ӷәӷәа иҭанаргылоит. Уи иара убас агәра диргеит иарбоу амалқәа зегьы шрызшәахо.


Арацәамҩангара иԥнаҽыз

Алеқсандр Анқәаб идикылеит Џьымҟәыр (Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа) инхауа рхаҭарнакцәа. Урҭ Аԥыза-министр иахь аҳәара ҟарҵеит 1 километрак инаӡауа Аишьцәа Воуаа рымҩа арҽеира азҵаара ӡбахарц.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Венори Бебиа. Уи Аиҳабыра рахь акырынтә дыдҵаалахьан.

Анхацәа ражәақәа рыла, ари амҩа ԥҽын иааҟәымҵӡакәа арацәа анымҩаныргоз. Уаанӡатәи рыдҵааларақәа рҭакс, ақыҭауаа ақәдыргәыӷуан аҭагылазаашьа арҽеира.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, хықәкыла ақәҵара рыдыркылоит изыхәҭоу амаҵзурақәа иаҭаху аусурақәа рымҽхаки рыхәԥсеи анышьақәдыргылалак ашьҭахь.


Еицәажәеит ажәалагалақәа наргарц

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ауаажәларратә гәыҳалалратә еиҿкаарақәа – Аԥсны Ахәыҷтәы фонд, «Панорама», «Кьараз» рхаҭарнакцәа дырԥылеит. Арҭ аиҿкаарақәа зыԥсҭазаара уадаҩу ахәыҷқәеи ахбыџцәеи, насгьы аҭаацәа рганахьала ахылаԥшра змам ацхыраара рырҭоит.

Аԥсны Ахәыҷтәы фонд анапхгаҩы Асида Ломиа ахәыҷқәеи ахбыџцәеи рҭагылазаашьа аганахьала еиҳабыратәым аиҿкаарақәа еицҿакны агәҭынчымра шаадырԥшуа лҳәеит, избанзар урҭ рҭаацәа рыԥсҭазаара иалҵхьеит, мамзаргь азинқәа ирылхәдоуп, ахьырхәра рхыргоит ахақәиҭра ахьрымырхуа аҭыԥқәа рҟны, мамзаргь рхымҩаԥгашьа бааԥсуп.

Аиԥылара иалахәыз ргәаанагарала, проблеманы иҟоу убри ауп, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, асоциалтә маҵзурақәа, аҵарадырра аусҳәарҭақәа рыбжьара аҳәоуеиқәшәара ыҟам. Абри инаваргыланы, аҳәынҭқарраҿы иҟаӡам абасеиԥш иҟоу ахәыҷқәеи ахбыџцәеи ирхылаԥшыша аҳәынҭқарратә усҳәарҭа ҷыда.

Аԥыза-министр ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аганахьала иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рыгәҭынчымра рыцеиҩишоит. Алеқсандр Анқәаб игәаанагарала, уи аҽарҵаулоит азакәанԥҵараҿы азинтә гхаԥхақәа рыла, хлаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа аус рыдуларазы иазыҟаҵоу аспециалистцәа рыҟамзаарала.

Аԥыза-министр дадгылеит хықәкыла ацентр аԥҵаразы ахәыҷтәы уаажәларратә еиҿкаарақәа ридеиа, анаҩс – иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа аусҳәарҭа ҷыда.

Аиԥылара иалахәыз еицәажәеит Аиҳабыра рахь хықәкыла ажәалагалақәа наргарц аԥхьаҟатәи русқәа рҳәаақәҵаразы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me