Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи афронтқәа ражәа еибыҭаны

1993 шықәса ииуль 27 азы Шәача анапы зҵаҩыз Аԥсны ахымца аанкылареи уи ахылаԥшышьеи рзы Аиқәышаҳаҭра иззыԥшыз аҭышәынтәалара аанамгеит, аха «аинышәара» раԥхьатәи амчыбжьқәа еилыхха иаҳдырбеит аӷа игәҭакқәаҵәҟьа.

Аԥсуа ган инанагӡеит аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа зегьы. Ахымца анаанкылаха ашьҭахь, ишьақәыргылаз аҿҳәарақәа инарҭагӡаны арбџьар мчқәа, акәалӡтехника, артиллериа хазы аҭыԥқәа рзалхны иԥхьакын. Артиллериатә системақәа ирымхын ақәырԥшыгақәа, аҭырҟьагақәа, насгьы урҭ аҵәахразы анаԥшыҩцәа ирыҭан. Аџьаԥҳаны џьарак ишьҭаҵан, амҳәыр раархан. Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирыцын аурыси, аԥсуеи, ақырҭуеи ганқәа рнапы зҵарыҩуаз изыхәҭоу ақьаадқәа.

Иара убри аамҭазы ақырҭуа ган иааиԥмырҟьаӡакәа еиланагон Шәачатәи аиқәышаҳаҭра аҟны иарбаз апланқәеи аҿҳәарақәеи. Убраҟа ихадараз гәыцәны иҟан Аԥсны ақырҭуа архәҭақәа ралгаразы аиқәышаҳаҭра. Аха 10 мшы ззышьақәыргылаз аҿҳәара еиԥҟьан. Аиқәышаҳаҭра хьаас имкыкәа, ақырҭуа ган ацәхьаҵуан шаҟа цыра акәалӡтехникеи артиллериеи рымоу азы аинформациа аҭара. Атехника ахәҭак ҵәахны ирыман.

Аԥсны анапхгара ирыӡбеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны ралцаразы ажәыларақәа рхацыркра.

Сентиабр 16 ашьжьымҭан, Аԥсны Арбџьар Мчқәа хазы игоу рырхәҭақәа Гәымсҭа аӡиас аладахьҟала ацҳа иқәсит, иаарласынгьы Аҟәа, Алашарбага иахьаҵанакуа аҟынӡа инаӡеит.

Аамҭакала аԥсуа ар рымч хадақәа ииуль азы рнапаҿы иааргахьаз, стратегиала акырӡа зҵазкуаз аҳаракырақәа рҟнытә Аҟәаҟа рхы рханы ажәылара ӷәӷәа иалагеит.

Аӷа ааха ӷәӷәа иҭауа, Витали Смыр напхгара зиҭоз 1-тәи Амотохысратә бригадеи Гарри Саманба инапхгарала 2-тәи Амотохысратә бригадеи, аӷа иҿагылара ӷәӷәа хәаҽны, ихырӷәӷәарҭақәа рнапаҿы иааргеит, ақырҭуа архәҭақәа Аҟәатәи ргәыԥ иакәшеит.

Иара убри аамҭазы Ареспубликатә стадиони аџьармыкьа хадеи рганахьала ақалақь агәахьы ажәылара иаҿын 1-тәи абригада архәҭақәа, Апрокуратура хада ахыбра аганахьала аиҳабыра Рыҩны ашҟа ажәылара иаҿын аҟабардақәа ргәыԥ (акомандир М.Шоров), аерманцәа рбаталион (акомандир В.Косиан).

Аҩадахьала аиҳабыра Рыҩны ашҟа албаара иаҿын 2-тәи абригада архәҭақәа. Убри аамҭазы уахь амҩа иқәын 1-тәи, 2-тәи абригадақәа егьырҭ рырхәҭақәагьы. 13:30 азы аиҳабыра Рыҩны аҿаԥхьа аибашьра ӷәӷәа цон. Ҩ-сааҭк ааҵуаны ахыбра ахы иақәиҭтәын, уи иахаргылан аиааира абираҟ.

Аҟәаҟа ажәылара аан ҳархәҭақәа иԥыххаа иқәырҵеит аӷа 2-тәи ир ркорпус, иргеит ирацәаны аибашьыгатә техника: атанкқәа, БМП, артиллериатә шьақәгылақәа.

Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәыларақәа мҩаԥысуан 11 мшы.

Мрагыларатәи афронт аҟны ажәыларақәа ирылагеит сентиабр 16 ауха, аполковник М.Б.Қьышьмариа инапхгарала. Ашьжьымҭан Мрагыларатәи афронт аполкқәа рыхԥагьы ажәыларахь ииасит. Актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аполкқәа командирцәас ирыман Владимир Ануа, Заур Ҳаџьымба, амаиор Лаврик Амқәаб.

Ҳархәҭақәа дҵас ирыман Кәыдрытәи ацҳа аанкылара, Аӡҩыбжьа, Ахалдаба, Аракьыҽы, Цагера, араду, Ануаа рхәы рхы рақәиҭтәра, анаҩсан Кындыӷ Ҿыцҟа ажәылара иацҵаны, Мықә аӡиас инаркны Кәыдры аӡиас аҟынӡа рнапаҿы аагара. Абри инаваргыланы, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ахылаԥшра.

Ажәылара аплан шьақәыргылауа, Мрагыларатәи афронт анапхгаҩцәа ирыӡбеит раԥхьаӡа иргыланы Ахалдаба ақыҭан аӷа игәыԥ ду ацҟьа-шәҟьара. Ҳар рҿаԥхьа иқәгылан иуадаҩыз аус: аӷа ихырӷәӷәарҭақәа рықәгара, Мықәтәи инаркны Кәыдрытәи ацҳақәа рҟынӡа ахылаԥшра, насгьы мраҭашәаратәи афронт аҟнытә амч хадақәа ааиаанӡа урҭ рынкылара.

Уаанӡа 1993 шықәса сентиабр 15 ауха Гәдоуҭантәи иаашьҭыз абаржақәа ҩба кьыс рымамкәа иманшәаланы Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Ашьжьымҭан мраҭашәаратәи афронт архәҭақәа, аџьаԥҳани абџьари анроу, азеиԥш план хада инақәыршәаны, Арадуи, Цагьереи, Ахалдабеи рқыҭақәа рҟны, Кәыдрытәи ацҳа иахьаҵанакуаз аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ирыжәлеит.

1993 шықәса сентиабр 16 ашьжьымҭан Аҭаратәи абаталион Ахалдаба ақыҭа ахақәиҭтәразы ажәыларақәа ирылагеит. Уи иалахәын Тҟәарчали Аӡҩыбжьеи рҟнытә абаталионқәа, хатәгәаԥхарала аибашьцәа.

Мрагыларатәи афронт аҟны ирымаз атехника зегьы – атанкқәа, ахыршәгақәа, «Град» Аҭараҟа ииаган. Ироуз арратә техника Ахалдаба ақыҭа акәша-мыкәша аҭыԥ азылхын.

Иқәыргылаз адҵа иара убри аҽны сентиабр 16 азы инагӡан. Аидыслара ӷәӷәақәа раан иалыршахеит аӷа иҿагылара аҵыхәа аԥҵәара, Ахалдаба ахы ахақәиҭтәра. Абарҭқәа ирыбзоураны Дача аҳабла инаркны Кәыдрытәи ацҳа аҟынӡа ҳар рнапаҿы иҟалеит.

Аԥсны Арбџьар Мчқәа афронт зегьы аҟны ажәыларақәа ирыцырҵон. Ақырҭуа архәҭақәа ршьамхы рҽадыргон. Сентиабр 29 азы ҳархәҭақәа Гәылрыԥшь араиони Очам­чыра араион ахәҭа дуки рхы иақәиҭыртәит. Аԥсны Мрагыларатәи ақыҭақәа рблокада аҵыхәа ԥҵәан.


Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me