Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥхасҭа зауз ирыхәҭоу рыҭаразы

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳазну ашықәс аԥхынразы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Арезервтә фонд аҟнытә иҟоу ахыхь амалқәа роушьҭразы адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, сынтәа аԥхынраз иҟалаз ахҭысқәа дрыхцәажәауа, иҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа иҵоурам аԥсабаратә рыцҳарақәа зхылҿиааз рахьтә ихадақәоу ишыруаку ауаҩытәыҩсатә фактор.

«Раԥхьаӡа иргыланы, ари зыдҳәалоу атәылаҿы амшын иаԥну адгьылҵакырақәа рҟны дасу ишиҭаху, ихы ишааҭашәо аргыларақәа ахьымҩаԥырго ауп. Акурорт иаҵанакуа, зыргылара иаҿу ахыбрақәа реиҳарак ахархәарахь ирырҭоит иҟоу аԥҟарақәа ираҩсны», – иазгәеиҭеит аминистр. Иагьациҵеит аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа абри ахылаԥшразы иаку системак алагалара шаҭаху.

Гагра араион ахадара аиҳабы Иури Ҳагәышь атәыла Ахада иеиҳәеит ииуль 9 азы араион аҟны иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ирыдыркылаз аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Уи иргәалаиршәеит, аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны Гагра араион аҟны ааха роуит ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Колхида, Бзыԥ аҳабла, ахәҭакахьала ақалақь ахаҭагьы. 1200 инареиҳаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра иалахәын аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аусзуҩцәа. Урҭ уахи-ҽни аус руан, иара убас араион аҟны иҟоу атехника зегьы.

Ҳагәышь иажәақәа рыла, иара убри аҽныҵәҟьа еиҿкаан ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аоперативтә штаб, иара убас ауааԥсыра ироуз аԥхасҭа ашьақәыргыларазы акомиссиа. Уи иалалеит араион ахада ихаҭыԥуаа, ақыҭақәа рнапхгаҩцәа, араионтә Еизара адепутатцәа.

Акомиссиа ҭӡы-ҭӡыла ирылсны, адырраҭарақәа зегьы ашәҟәы иадырбеит, насгьы аматериалтә цхыраара аҩаӡара шьақәдыргылеит, иара убас шаҟа аҭаху аԥара. Ахадарақәа рҟны ихацыркын атәылауаа рарзаҳалқәа рыдкылара. Убас, ахәаԥшразы ирыдыркылеит арзаҳалқәа 467, убарҭ рахьтә 447 амҩа рыҭан. Арзаҳалқәа 20 хаҵгылара рмоуит, избанзар акомиссиа иалоу урҭ ршьеит акоммерциатә усура знапы алаку сасааирҭа ҩынқәаны. Иара убас Аԥсны атәылауаҩра змам рыхьӡала иҟан арзаҳалқәа 16, урҭ хазы амалқәа рзоушьҭхоит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ацхыраара ӷәӷәа шыҟарҵаз араион анападкылаҩцәа, ааха зауз ақыҭақәа рахыԥхьаӡаларҭа ҷыдақәа рахь инарышьҭит 15 миллион мааҭ. Абарҭ, егьырҭ абиуџьеттә малқәа дәықәҵан ааха зауз аҭаацәарақәа аматериалтә цхыраара рыҭаразы.

Иааидкыланы ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟала ирзыршәеит 8,5 миллион мааҭ.

Ахада зыӡбахә иҳәаз ауснагӡатәқәа рхыԥхьаӡара иналаҵаны, араион ахада иҿаԥхьа зҵаараны иқәыргылоуп аԥхасҭа зауз зегьы ацхыраара рыҭара.

«Ҭаацәаракгьы нымхароуп дгыларада, цхыраарада», – иаҵишьит иара.

Аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра атема иацҵауа, акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит, иахьазы Гагра араион аҟны аусурақәа зегьы шынагӡоу. Убас, аҳәынҭеилахәыра «Аԥсныҟәарахьчара» 9 миллиони 48 нызқьмааҭ рыхә аусмҩаԥгатәқәа ԥшьба нанагӡеит. Урҭ ԥарала еиқәыршәан Ахада Ирезервтә фонд амалқәа рыла. Абри инаваргыланы, ҳазну ашықәс азы инагӡан аусмҩаԥгатәқәа 17, убрахь иналаҵаны: Аҟәа, Гәматәи амҩа, ВИЕМ иахьаҵанакуа, аӡхыҵра ашьҭахь ахырӷәӷәарҭа ҭӡы бгеит, аҩнқәа еилабгар ауеит ҳәа ашәарҭара ыҟан. Аҭӡы еиҭашьақәыргылан Ахада Ирезервтә фонд амалқәа рыла – 3,5 миллион мааҭ; Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан еиҭашьақәыргылан ақәоурақәа иҵрыӡәааз ацҳа ду–ахәԥса 15 миллион мааҭ; Лабра ақыҭан ҩ-цҳак ҟарҵеит; Очамчыра иагыз-иабзаз ҟаҵан амшын сқьалахьы уназго амҩа – 2,5 миллион мааҭ. Убас, 2023 шықәсазы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Ахада Ирезервтә фонд аҟнытә Очамчыра араион иазоушьҭын 20 миллион мааҭ.

Очамчыра ақалақь уахьналалауа аӡышьҭраҿы аусурақәа ирҿуп. Ргәы иҭоуп хымчыбжьа рыҩнуҵҟала уаҟа аусурақәа рхыркәшара. Иара убас, Мықә ақыҭан ацҳа шьақәыргылатәуп, асметатә хәыԥса иартәоит 3 миллионк мааҭ раҟара.

Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа далацәажәеит араион ахадара ашҟа Маҷара ақыҭа ауааԥсыра коллективла ашәҟәы шырҩыз. Урҭ аҳәара ҟарҵон Заречнаиа амҩан ааԥын аӡхыҵрақәа ахьыҟало аҟнытә уи аҿықәқәа дырӷәӷәарц, избанзар аԥхасҭа роуеит ашкол, ақыҭа ахадара ахыбра, амҩа иаԥну ахатәыҩнқәа.

«Акомиссиа еиҿаҳкааит, аҭагылазаашьа ҭаҳҵааит, атәыла анапхгара рышҟа аҳәара ҟаҳҵеит ааԥынтәи аӡхыҵрақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥырҟәҟәааразы ацхыраара ҳарҭарц», – иҳәеит Ҳаразиа. Иагьациҵеит Маҷара аӡиас аҿықәқәа шырӷәӷәатәу.

Гәылрыԥшь араион аҟны мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩаԥысуеит, урҭ идыртәоит 103 миллион мааҭ. Хадаратәла аусурақәа ахьымҩаԥыргауа Очамчыра араион аганахьала аиԥш, иара убас Гәылрыԥшь араион аганахьалагьы Кәыдры аӡиас аҟны ауп. Ахада Ирезервтә фонд аҟнытә ԥарала еиқәдыршәауа ф-ҵакырадгьылк рахьтә, ԥшьба рҟны аусурақәа нагӡоуп, даҽа ҩыџьара аусурақәа ирыцҵатәуп. Урҭ иреиуоуп Гәылрыԥшь араион аҟны акалмаҳааӡарҭеи аӡахәаҭрақәа иахьрыҵаркуеи.

«Ҳара иаҳҭахуп 220 кВ змоу афымцацәаҳәақәа хԥа рыхьчара. Урҭ роуп Аԥсны зегьы фымцала еиқәзыршәауа. Иааиԥмырҟьаӡакәа аусурақәа мҩаԥысуеит Кәыдры. Ҳара ҳазхәаԥшуаз аӡышьҭра иабзоураны Аӡҩыбжьеи Уарчеи ақыҭақәа аӡы рыҵамлаӡеит. Ҳҿаԥхьа ишьҭоуп Маҷара аӡиас аҟынгьы аусурақәа рымҩаԥгара. 6,5 миллион мааҭ рыхә асметатә қьаадқәа мазеины иҳамоуп. Уажәы акомиссиа иалоу ирыӡбеит абарҭ аусурақәа рымҩаԥгара шаҭаху, аподриадтә наплакгьы жәамш рыҩнуҵҟала урҭ рынагӡара иалагоит. Аусурақәа ирыдхалоит хымчыбжьа», – иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Абри анаҩсангьы, уи иажәақәа рыла, Кациқыҭ ахархәарахь ирыҭоуп ацҳа ҿыц. Шәқәырча маҷ аӡиас аҿы Ахада Ирезервтә фонд амалқәа рыла «Аԥсныҟәарахьчара» ишьақәнаргылоит аҳаир баӷәазахь уназго амҩаҿы даҽа цҳакгьы. Хымчыбжьа – мызкы аҩнуҵҟала иара убас араҟа аусурақәа хыркәшахоит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба адырра ҟаиҵеит иахьазы Арезервтә фонд ахархәара шазу 358 миллион мааҭ рыла, ашықәс анҵәамҭазынӡа иаанхо иартәоит 142 миллион мааҭ.

«Аԥсабаратә рыцҳарақәа ргәырҽанҵареи рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи рзы ихарџьын 211 миллион мааҭ, ари иартәоит Арезервтә фонд аҟнытә 60 процент», – иаҵишьит иара.

Ахада Ирезервтә фонд амалқәа реиҳарак асоциалтә проблемақәа – аҵареи, ахәшәтәреи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхреи рахь иахьцо аҟнытә, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит Ахада Ирезервтә фонд акырӡа ишазырҳатәу, ианеиҵаха 100-150 миллион мааҭ рыла.

Аилацәажәара хыркәшауа, Аслан Бжьаниа дара рнапы иану ахырхарҭақәа рыла анапынҵақәа жәпакы риҭеит, иара убас ҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥыргаз аусуразы.

«Шәареи ҳареи ҳус – ҳтәылауаа рымаҵ аура ауп, ҷыдала абасеиԥш иҟоу иуадаҩу аамҭақәа раан. Ари знеишьа иашоуп. Ҭабуп ҳәа сызрашәҳә Гагра араион ахадара аколлектив, анхацәа рпроблемақәа рҭыԥ рықәҵара хықәкыла знапы алакыз зегьы», – иҳәеит Ахада.

Аилацәажәара рхы аладырхәит Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, уи ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба, араионтә хадарақәа реиҳабацәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me