Ақыҭа ауааҧсыра иаадырҧшыз агәаҳәарала иазыӡбан акыр шықәсәа раҧхьа иҧшааз аӡыхь аҟынтәи ақыҭа ауааҧсыра аӡы роуа аҟаҵара. Ари аӡы ахаҭабзиара даара иҳаракуп ҳәа ишьақәырҕәҕәан. Иахьатәи аамҭазы Тамшь ақыҭан ирымоу аӡыржәтә, астандартқәа зегьы ирықәшәом. Убри аҟынтә иазыӡбоуп, ахатә харџь ала аӡымҩангагақәа рышьҭаҵара, ақыҭауаа рыҩнаҭақәа рышҟа аӡы неиуа аҟаҵаразы.
Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа Атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит аусурақәа рымҩаҧысшьа. «Ақыҭа ауааҧсыра иаҭаху аусурақәа зегьы рнапала иҟарҵоит. Аӡымҩангагақәа 15 километрак иазхаша аахәоуп, уи иартәеит 9 миллион мааҭк аҧара. Адгьыл кылҵәаны иаҭаху амаруга ҭаргылоуп, ишьақәыргылоуп аӡеизгарҭа», – иҳәеит адепутат. Иахьатәи аамҭазы аӡы роурц азы идҵаалахьеит 150-ҭӡы инареиҳаны ақыҭауаа. Аӡы мҩангага иамоуп алшара 300 ҭӡы рҟынӡа рымаҵ ауртә еиҧш. Резо Занҭариа иажәақәа рыла аусурақәа хыркәшахоит сентиабр мза анҵәамҭазы.
Ш. Торчуа