Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Шьышь-нани» – иапон бызшәала

Иапониатәи аоператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи (Masashi Tsuji) Иапониа аконцерт аҟны аҧсуа гарашәа «Шьышь-нани» наигӡеит. Аҧсышәала ашәа атекст аҵараҿы дицхрааит Германиа иҟоу Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба. «Ари ашәа Иапониатәи азыӡырҩцәа аршанхеит», – абас сзиҩит Масаши… Уи Берлин сиҧшааит Англиатәи апрофессор-кавказҭҵааҩ, акыр иаҳзаҧсоу Џьорџь Хиуитт ибзоурала. Масаши аҳәара ҟаиҵон Германиа ашәа аҧсуа текст аҵараҿы ацхыраара изҭаша аӡәы иҧшаара.

Ҳаҭыр зқәу Џьорџь уи сышҟа дааишьҭит, Масашигьы, саргьы атекст ҳҵеит, ажәақәа рҳәашьа дақәсыршәон. Исҭахын абри ашәа аҭоурых изеиҭасҳәарц, аха Масаши убас дламысуаҩуп, иара дахьӡахьан иапон бызшәала Баграт Шьынқәба ироман «Ацынҵәарах» аҧхьара. Аҭоурых дагәыланахалеит, амҳаџьырра зхызгаз ажәлар рхьаа инырит», – абас лҳәеит Феисбук аҟны лдаҟьаҿы Хьыбла Амҷба.

Масаши Тсуӡи даара ақәҿиара змоу оператә шәаҳәаҩуп, дықәгылоит Германиа, Иапониа уҳәа егьырҭ атәылақәа рсценақәа рҿы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me