Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҧхыӡ иаҳбар иҳазхамҵоз

Адунеи иқәынхо ажәлар, егьа ашәышықәсақәа, азқьышықәсақәа царгьы рхатәы ҭоурых еиқәырханы ирымоуп. Уи аҳратәра аныҟаз аамҭа, амчра змаз аҳ икәша-мыкәша, иара дызхагылоу аҳәынҭқарра иқәынхо иуаажәлар ҭаҷкәымҵас еилаҵәаны иҟалартә дрызныҟәон. Османтәи аимпериа аагозар, заҟа шықәса Абжьаратәи Азиа, Мраҭашәаратәи Европа уҳәа иаҵанакуаз, Кавказ иалаҵаны, адгьылқәа инапаҿы иҟаз? Убарҭ зегьы еидызкылоз, еидызҳәалоз аҧҟарақәа амилаҭ иқәынхоз еилымхӡақәа, даҽа формак ала рызнеишьа иақәшәон.

Хәыҷы-хәыҷла уи аҳратәра аформа ииаӡаауа ианалага, анхаҩы изинқәа,иара дызқәиҭу уҳәа рыҽдырҭбаауа ианыҟала, ахархәара аиуит «Свобода» ҳәа ззырҳәо аҭагылазаашьа, ажәакала, иркуа-иршьҭуа иақәиҭны рхы иахәо иҟалеит. Ажәлар ииасуа иалагеит аколлективтә бзазаратә нхарахь. Еиҿыркаауа иалагеит аколнхарақәа, асовнхарақәа, ицәырҵуеит маҷ-маҷла ахеидкыларақәа.

Аха убри аамҭаз иҟан аҳәынҭқарра дуқәа, зызхара ҟамлоз, адунеи зегьы знапаҟны иаазгарц зҭахыз. Убарҭ иреиуоуп Америка, Англиа, Германиа. Ҭоурыхла Германиатәи афашизм инанагӡоз ахҭыс бааҧсқәа уи уажәы ашкол иҭоу ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа иаадыруа хҭыс хлымӡаахуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 1941-1945 шш. иаҳнарбеит изакәытә гәаҟраз, рыцҳараз иҟаз, миллионҩыла заҟаҩ ҭахаз адунеи ажәларқәа. Асоветтә ҳәынҭқарра ареспубликақәа, аӡәк еиҧш инеидгылан, рыжәҩахыр неибыҭан, аҕа хәымга дықәцҟьаа дыргеит, аиааира рнапаҿы иааргеит.

15 республика ахьыҟаз, зегьы ирҳәо-ируа рыцааиуа, аҳәоуеиқәшәара рыманы, изықәныҟәо амҩа акы акәны иҟалеит.

Европатәи атәылақәа ракәзар, уахьгьы аешьаратә дыргақәа, ажәакала иуҳәозар, аимадарақәа рыбжьарҵан, ҭаацәашәала еибабо иалагеит. Уа ицәырҵит ахырхарҭақәа ирацәаны. Акультуратә, аспорттә, аҵарадырратә, абзазаратә формақәа, иҵегьы ухы наздукылаша ахеидкыларақәа.

Абарҭ еиҿкааз ахырхарҭақәа ҟазшьа ҷыдас ирымаз усҟантәи аамҭаз, гәык-ҧсык ала еибабаларцаз, рыжәҩахыр еибыҭаны иҟаларцаз, ҧынгыла рмоуа рдоуҳатә культура иаздырҳаларцаз, ирыхьчарцаз акәын.

Сара ҷыдала сазааҭгыларц сҭахуп Украинатәи ақалақь ду Харков сышнанагаз атәы.

Ашкол-интернет ҳаналга, зегьы иҳаман аҭагылазаашьа, дасу иахьҳалшоз аҭалара. Ҳара дҳаман адиректор Леила Николаи-иҧҳа Ачба, ҳуааханы, амилаҭеилыхра захьӡу ҳаламааӡаӡакәа ҳзааӡаз. Ҳашкол иҭан амилаҭ рацәа иаҵанакуаз ахәыҷқәа, урҭ зегьы анык леиҧш дырхылаҧшуан. Ааӡаратә процесс даҽакала иахәаҧшуан усҟантәи аамҭаз, аидеологиа ҳаракын.

Аинститут аҭаларазы аҧышәарақәа рыҭира сықәшәеит Қарҭ. Усҟан са сеиҧш даҽа хәҩык ыҟан лимитла иҭалақәоз. Сара сақәшәеит Харковтәи акоммуналтә ргыларатә институт. Раҧхьаӡа ашьцылара хәыҷык исцәыуадаҩын, сахьҿыцыз азыҳәан. Аукраин бызшәа егьырҭ абызшәақәа иаарылукаартә аҧхьагылара иаҳа иаман.

Азеиҧшнхаратә ҩны аҟны захьынхоз, ирацәаҩын амилаҭқәа. Аха еиҳараӡак аукраинцәа ракәын иҟаз. Сумы, Николаев, Херсон, Днепропетровск уҳәа абарҭ ақалақьқәа рҟынтәи иааз аҷкәынцәа дареи сареи ҳаицынхон уадак аҿы. Ҳакрыфара, ҳтәарҭа, ҳгыларҭа, ҳаицныҟәара, ажәакала, ҩнаҭак иааӡаз аҭаацәара аиҧш ҳаибабон. Хәыҷы-хәыҷла абызшәагьы сыцааиуа, ажәа ахы ахьцо еилыскаауа салагеит. Ахәылҧазқәа еиҿаҳкаауан, аукраин бызшәа злоу ашәақәа ҳҳәон. Сара сыбжьы ргәаҧхан, аҭыҧантәи ахор саларҵеит. Уаҟа еиҳарак иаҳҳәоз аукраин ашәақәа ракәын.

Ҳанҭалаз инаркны еиҿкаан астуденттә ргыларатә отриадқәа ҳәа изышьҭаз, есҧхынра ҳаргон аргыларатә обиектқәа рахь. Уи адагьы аарыхрақәа ианырхьымӡоз цхыраара ҳасабла акартош аҵхра, ашәыреингалара уҳәа ирацәан инаҳагӡоз аусхкқәа.

Абас хәышықәса инеиҧынкыланы аус ҳдыруан, ҳаргьы апрактика ҳнаҭон, ҳҧышәа иазҳауан.

Аџьџьаҳәа ашәа ҳәо, амашьына ҳақәтәан ҳахьцоз, инаҧшуа ргәы ҟанаҵон. Аҭыҧантәи администрациагьы пату ҳақәҵаны иалкаахоз адыргатә ҳамҭақәа ҳарҭон, арҽхәаҧхьыӡқәа нацҵаны. Аныҳәақәа анааигәахалак еиҿаҳкаауан ацныҟәарақәа, ажәакала, ҳаибабон гәык-ҧсыкала.

Шықәсык зны Волгоград (усҟан Сталинград ҳәа иашьҭан) ҳаргеит Харковтәи аобласт аҿы аҧхьагылара ахьаҳгаз азын. Абас иҟаз акультура-массатә еиҿкаарақәа ирацәаны срылахәын.

Аклассикатә қәҧара ҳәа изышьҭоу аспорт ҳалан Даҕьысҭантәыки сареи. Ҩбаҟа шықәса сныҟәон, нас аҵара сахьымӡозшәа анызба саҟәыҵит.

Азеиҧшнхарҭа ҩнаҿы ахылаҧшра ҳарҭон иаҳараӡак ареспублика маҷқәа рҟынтәи иааз астудентцәа.

Асабшала рыҩныҟақәа рахь ицон ааигәа-сигәа инхоз ҳҩызцәа. Раҧхьаӡа акәны убра исҿарҵеит аҳәажьы (сало со смальцем ҳәа ззырҳәо). Ҳанааидтәалалак шәаҳәаран, кәашаран… Аҧышәарақәа рыҭираан аӡәи-аӡәи ҳаицхырааны, аҵыхәтәанынӡа инхоз ҳаизыҧшны, досу ҳанхарҭақәа рахь ҳаауан.

Уа Харков инхоз астудентцәа рацәан, хыхь зыӡбахә сҳәахьоу рнаҩс. Урҭ рыҩнқәа рҿгьы ҳнеихьан, пату ҳақәҵаны ҳрышьҭхьан.

Исымҳәакәа сызрывсуам хҭысқәак.

Ҳара Аҧснытәи инеиқәаз усҟантәи аамҭаз, 1967-1972 шш. раан, еиуеиҧшымкәа аҵараиурҭақәа ирҭаз, иаҳзеиҧшыз аамҭак алхны ақ. Веселое ҳәа изышьҭоу, еицырдыруа Аҧсны Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа дахьҭахаз аҭыҧ ҳаҭаауан. Ара ихьӡ ахын, ақыҭантәи ашкол аҿы иҟоу акласстә уадақәа руак. Уи апионерра аныҟаз аамҭа ауп. Ҳаҧхьа игыланы, аҳаҭгәын аҿаҧхьа афырхаҵаратә жәабжьқәа, ажәеинраалақәа, афырхаҵаратә ашәақәа ҳәо иаҳҧылон. Уатәи администрациа ҳаҭырла, патула иазныҟәон ари арыцхә иазку амш. Хәышықәса инеиҧынкыланы иара дани амш иақәыршәаны, ма Аиааира амш аҽны ҳаизалон.

Абар иҵит шьҭа џҭ шықәса инареиҳаны. Аҧснытәи Харков иҟаз сҩызцәа ҧыҭҩык рыҧсҭазаара иалҵхьеит. Урҭ иреиуоуп Данил, акыр шықәса Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩс иамаз, ауаажәларратә усзуҩы, Ҟәруа Рауф, Аҧсны аҳәынҭқарра апрокурор Хадас иҟаз, Ҳашба Валерии, Аҟәа ақалақь архитектуратә ҟәша еиҳабыс иамаз. Иҟалап, иҵегьы зынарцәымҩа иқәлахьоу ӡәыр дыҟазаргьы, ҳара ҳрацәаҩын аҟынтәи зегьы рыҧсҭазаашьа сыздырам.

Егьырҭ иахьа Аҧсны еиуеиҧшымкәа ауснагӡатәқәа рнапы рылакуп. Атәым ҳәынҭқаррахь, ма Урыстәыла иҟоуп.

Сара сыззаиуа, абанҭ ахҩык, хыхь зыӡбахә сҳәаз, зыҧсҭазаара иалҵхьоу, џьанаҭ имцеи, абарҭ рҩызцәа ахлымӡаахқәа Украина аҩныҵҟа имбаӡакәа, иахаанымхакәа рызқәа ҭыҧ ахьылырхыз.

Убарҭгьы са сеиҧш харков 5-6 шықәса рыҩнуҵҟала аҩызцәа бзиақәа зырҳаз ракәымзи. Ирҳәаран иҟаз иахьа рыҧсы ҭазҭгьы?

Еиҳараӡак исызхымго, ҩ-жәларык аурысцәеи аукраинцәеи, цәашьык иаҵагыло, уахәамак иамҵаныҳәо, зиашьареи, зиаҳәшьареи еилаҵәо иҟаз иахьа еиҕацәахан, аӡәи-аӡәи ақәибахра иаҿуп.

Уи ашҳам рылазҵо Америкеи, егьырҭ Европа иҟоу аҳәынҭқарра дуқәеи шракәу шырдыруагьы, Украина уажәтәи иҟоу аиҳабыреи, уаанӡа иҟази рхы рнапаҿы ирзаамгеит. Руаажәлар шьаҭанкыла рнырҵәара иаҿуп, ирыхьчарц иахьыҟаз ахаҭыҧан.

Сҩызцәеи сареи ҳрықәӡбоит, абри аҩыза агеноцид, афашизмра зҵаҵаны иаадырҧшыз Украина ахаҭарнакцәа. Ҧхыӡ иаҳбар иҳазхаҵозма, убри аҩыза ахлымӡаах ҳахаанхоит ҳәа, урҭ ҳастудентра шықәсқәа анаҳхаҳгоз Харков.


Илларион Гьерхьелиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me