Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Зыжәлар рҵарадырра иазааҧсо

 

Ааигәа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз  Аусҧҟа инақәыршәаны еицырдыруа Кавказҭҵааҩцәа ируаӡәку, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Х.М. Бербеков  ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аурыс бызшәеи азеиҧш бызшәадырреи ркафедра апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵааратә Академиеи ракадемик,  Жәларбжьаратәи  Кавказтәи алингвистикатә еилазаара алахәыла Зинаида Михаил-иҧҳа Габуниа лыҭҵаарадырратә лшамҭақәеи урҭ аҧсҭазаараҿы қәҿиарала рхархәареи рзы илыхҵоуп «Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Аҧсуа гуманитартә дырра­қәа рырҿиара аамҭахаз ХХ ашәышықәса, ишдыру еиҧш, ицәырнагеит ҳбызшәеи, ҳҭоурыхи, ҳдоуҳатә культуреи адунеи иазырдыршаз аҵарауаа нагақәа маҷҩымкәа. Урҭ дыруаӡәкуп аҧсуа филологиа д-Саҭанеи Гәашьоуп ҳәа мҩашьарада иззуҳәаша Зинаида Габуниа. Уи ҭакҧхықәра ҳаракыла кыр шықәса ааҧсарада лусура иадырганы аҳаҭыртә хьыӡқәа (Ҟабарда-Балкариеи Ингушеҭиеи аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩ) акыр лыхҵахахьеит, иара убас дрыҧсахахьеит хыҧхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи. 2005 шықәса рзы Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Иусҧҟала илаҭәа­шьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Кавказтәи абызшәадырра аҭоурыхи, аҧсуа-адыга бызшәадырра алагалеи, асоциолингвистикеи алингвокультурологиеи рыз­ҟаза Зинаида Габуниа 1970 шықәса инаркны аус луеит Х.М. Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны. Лыҭҵаарадырра инаваргыланы аџьабаа рацәа лбахьеит аҿар реиҵааӡараҿы, лнапы иҵлыжьхьоу астудентцәа рхыҧхьаӡара ҵҩа амаӡам.

Апрофессор, академик Зинаида Михаил-иҧҳа лнапхгарала акандидаттә диссертациа рыхьчахьеит 24-ҩык, адоктортә диссертациа – 8-ҩык, иахьагьы аӡәырҩы русумҭақәа напхгара рылҭоит. Урҭ ирҷыданы аҧсуа ҵарауаа русумҭақәа шамахамзар зегьы рҿы лыцхыраара рацәоуп, арецензиақәеи еиуеиҧшым азгәаҭарақәеи рзыҟалҵоит. Уи дреиуоуп ҳҵарауаа мҩақәызҵо Урыстәылеи Нхыҵ-Кавкази еицырдыруа аҭҵааҩцәа хатәрақәеи аҧсуа ҵарауааи еимаздо.

Атеориатә ҟазшьа змоу азҵаатәқәа рыӡбара мацарала ихыркәшам аҵарауаҩ хатәра лусура. Уи еснагь ҽышәала далахәуп апрактикатә ҵакы змоу ауснагӡатә дуқәа аҧсҭазаараҿы ралыршара. Иаҳҳәозар, Урыстәылеиҧш уи анҭыҵгьы еиуеиҧшым аусбарҭақәа жәларбжьаратәи аҩаӡарала имҩаҧырго абызшәаҭҵаара иазку аҭҵаарадырратә усмҩаҧгатәқәа, аконференциақәа уҳәа.

Ҩышәи ҩажәижәаба инареиҳаны лнапы иҵыҵхьоу аҧсуаҭҵаареи Кавказҭҵаареи рҟны илагала дуу лыҭҵаарадырратә усумҭақәа ируакуп 2002 ш. рзы еицырдыруа аиспан ҵарауаҩ Рафаель Гусман Тирадои лареи еицаҧырҵаз «Минаритарные языки в современном мире. Кавказские языки» ҳәа хьӡыс измоу. Ари аусумҭа Кавказтәи абызшәақәа ртипологиатә классификациа ҟанаҵоит. Иара убас иаанарҧшуеит урҭ хаттәи хуриттәи абызшәақәа иахьынӡарымадоу ҭоурыхтә шьаҭала.

Аҵыхәтәантәи жәашықәсеи бжаки ирылагӡаны Зинаида Михаил-иҧҳа «инаҧхьоу профессорк» лаҳасабала, Испаниа-Гранадатәи ауниверситет аҟны Кавказтәи абызшәақәа ирызкны алекциақәа дрыҧхьон.

Зинаида Габуниа дахьыҟазаалак, лнапы злакызаалак зегьы ирхадоуп, еснагь илыгәҭыхоуп лыҧсадгьыли лыуаажәлари, урҭ ирдацу аҧсуа бызшәеи рҭагылазаашьа.

Адунеи зыхьӡ адыруа Фазиль Искандер ихшыҩҵак: «Базисом человеческого общества является совесть, а экономика – одна из важнейших надстроек. Экономика без базиса совести – это зверинец с открытыми клетками, что мы видим сегодня у нас» ҳәа ииҳәахьаз, Зинаида Михаил-иҧҳа лықәгыларақәа руак аҟны иацылҵоит, ҳазну аамҭазы, аҳәынҭмаҵурауаа раҧхьа инаргыланы дарбанызаалак дзызхәыцша аҳәамҭа: «…если не будет нравственности, а будет лишь экономика, пусть даже процветающая, то этот дисбаланс все равно приведет к разрушению общества и государства. Особо актуально это для Кавказа, ведь наши этносы всегда отличало великая духовность. Сплав нравственности и экономики, в котором приоритет будет отдан хабзэ – это и есть формула спасения».

Аҳаракырахь амҩа анылара зҽазызкуа маҷҩым, аха акаҵәара аҟнынӡа анеира зегьы ирылшом, ирлахьынҵам. Уи зразҟхо ари амҩа уадаҩ аҟны ицәырҵуа аҧынгылақәа дрыцәхьамҵкәа, Зи­наида Михаил-иҧҳа леиҧш зыжәлар рҧеиҧш лаша гәыҩбарада иазааҧсо иоуп.


Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me