Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Еснагь ахәаҧшцәа ззыҧшу

Апресс-конференциа аартуа аурыс театр аиҳабы Иракли Хынҭәба иҳәеит аҟазара знапы алаку зегьы иааиҧмырҟьаӡакәа аусуратә процесс арежим рҽақәыршәаны  бжь-шықәса шыҵуа аус руеижьҭеи.

Уи арежим алҵшәа бзиаӡақәа аанарҧшит ахәа­ҧшцәа рзы, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы. Уажәшьҭа есааира атеатр аҩаӡара ҳаракымхозар, ахаангьы илаҟәхаӡом ҳәа игәы иаанагоит. Избанзар убриаҟара актиорцәа рпрофессионализм ҳаракхеит, асценаҿ ианықәгыло игәаумҭарц залшом дара рхаҭақәа иаадырҧшуа ахаҿсахьақәа ирылаҵәаны, убри аангьы рхатәы хақәиҭра рыманы ишыҟоу, уи зегьы аколлектив рпрофессионолизм ауп. Иазгәеиҭеит ес-ҽны аус шыруа, аспектакль аус шадыруло, аха иҟалалоит убасгьы спектакльк ҩынтә-хынтә мышкы аус анадырулогьы, убасҟангьы иара данахәаҧшуа игәы ҧҵәаӡом, еиҳагьы иҿыцны дахәаҧшуеит ихатәы блала. Убриаҟара русура иашьцылеит, иуҳәоазар атехникатә мыругақәа знапы иану, шықәсқәак раҧхьа жәасааҭк инарзынаҧшуа иусура дадхалозҭгьы, иахьа ҩ-сааҭк роуп аус ахьазиуа. Уигьы аизҳара иатәуп, аҿиара иатәуп. Иара игәаанагарала, атеатр – ари аҧсадгьыл ахаҿра аазырҧшуа ауп. Атеатр апрофессионализм шаҳаракхаз умбарц залшом, еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рахь ироуа ааҧхьарақәа рыла, агастрольқәа рымҩаҧгарала.

Иара иҳәеит ари асезон шхыркәшахо ноиабр мзазы, 209 спектакль ишыхәмархьоу, иара убри амш аҽны ихәмаруаз аспекталь алоуҵозар 210 спектакль уҳәар алшоит. Уи амш аҽны ирыхәмаруаз аспектакль «Иажәу Хабыгә» захьӡу 27-нтә ихәмархьеит, есымшааира абилеҭқәа рызхаӡом ахәаҧшра зҭаху аахәаҩцәа, убасҟак аинтерес аҵоуп. Убасҵәҟьа иҟоуп ирыхәмаруаз аспектакль «Мама». Шықәсык иҭагӡаны 18-нтә ихәмархьеит ари аспектакль, убасҵәҟьа абилеҭқәа рызхаӡом. Аспектакль «Примадонна» ихәмархьеит 52-нтә, аспектакль «Ацынҵәарах» ҩышықәса роуп иқәдыргылеижьҭеи иҵуа, аха ихәмархьеит 44-нтә. «Ҳара зегьы ҳҧацәоуп» – 41-нтә, «Электро» – 37-нтә, «Метод» – 35-нтә, аспектакль шықәсык ауп иахыҵуа. Иазгәеиҭеит август анҵәамҭазы ҧшьынтә ишыхәмаруа аспектакль «Метод». Абилеҭқәа раахәара аамҭа ақәшәара еснагь ицәгьоуп, избанзар иаразнак инҵәоит.

И. Хынҭәба иҳәеит ари ашықәс азы ишыҟаз Москва, уаҟа иааиҧмырҟьаӡакәа ишыхәмарыз 5-спектакльк. Агастрольқәа ацхыраара ду рырҭеит аҧсуеи аурыси диаспорақәа, зегь раҧхьа днаргыланы Беслан Агрба. Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит Аҧсны акультура, аҟазара адгыларазы даара ацхыраара шриҭаз, уи иҭабуп ҳәан ахиҳәааит.

Анаҩс ицоит Санкт-Петербургҟа, уаҟа ихәмаруеит х-спектакльк – имҩаҧысуаз афестиваль «Балтииски дом» атеатр аҟны. Уаҟа ахаангьы спектакльк ада аӡәгьы дмыхәмарцызт, аха дара хәмарит: «Красавец мужчина», «Софичка», «Радость вопреки всему». Арҭ агастрольқәа мҩаҧысуан апрель мзазы. Маи мзазы ицеит Архангельскҟа. Ломоносов ихьӡ зху атеатр аҿы ихәмарит аспектакль «Солярис». Ииун мзазы ирҭааит х-қалақьк: Горный Алтай, Новокузнецк, Набережные Челны. Арҭ ақалақьқәа рҟны ирыхәмарит аспектакльқәа: «Кровавая свадьба», «Красавец мужчина».

Атеатр анапхгаҩы дазааҭгылеит раҧхьаҟатәи аусмҩаҧгатәқәа. Октиабр аказы ицараны иҟоуп Москваҟа, уаҟа ихәмаруеит «Спектакль в лучах».

Сентиабр 22 рзы ицоит Иркутскҟа, ихәмаруеит аспектакль «Солярис». Иазгәеиҭеит абилеҭқәа шаархәахьоу, уажәнатә аҭиирҭаҿы ишыҟам.

Ноиабр 15-16 рзы ицоит Санкт-Петербургҟа, ахәаҧшцәа иддырбоит аспекталь «Радость во преки всему». Иазгәеиҭеит арҭ агострольқәа зегьы аҳәынҭарратә биуџьет ала ишымцо, уигьы даара гәахәара дууп иҳәеит иара. Ааҧхьара ахьроуз зегьынџьара афинанстә харџьқәа, ааҧхьара рызҭо иршәоит.

Еиқәыҧхьаӡоу рнаҩс, даара ирацәоуп ааҧхьарақәа ахьрымоу, аха иахьымӡар ҳәа ишәоит. Иахьцозаалак азал дуқәа рҟны, ахәаҧшцәа гәахәарыла, иааиҧмырҟьаӡакәа напеинҟьарыла ирыдыркылоит.


С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me