Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҕба шкәакәа»

Август 23 рзы Аҧснытәи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын еицырдыруа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа. Уи иаҭааит аҧсуа ҵарауаа, аинтеллегенциа, аҟазара абзиабаҩцәа, аҿар.

Ацәыргақәҵа «Аҕба шкәакәа» захьӡу аартуа ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит. Лара иазгәалҭеит ари ашықәс даара аҵак ду шамаз иара изы, избанзар сынтәа 60 шықәса ихыҵит. Ихҵан Аҧсны жәлар рсахьаҭыхҩы ҳәа ахьӡ. Урҭ ахҭысқәа ирымадоуп ацәыргақәҵа аартрагьы. Уи илҳәеит, инапы злаку аҟазара алацәажәара минуҭқәак рыла ахцәажәара шыцәгьоу, аус здиуло ахырхарҭақәа шырацәоу, урҭ рахь ишаҵанакуа аҿыханҵа, аграфика, асценографиа, аиуллистрациа уҳәа ирацәаны. Илагала дууп Аҧсны акультура арҿиараҿы.

Иазгәалҭеит ицәыргақәҵоу аусумҭақәа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа аус здиулоз шракәу. Аграфика асериаҿы ианыҧшуеит аҧсуаа рҭоурыхтә мифологиа, иара убас иматериалтәым атемақәа, ахаҿсахьақәа. Ицәыргақәҵоу асериақәа руак аҟны иҟоуп акварельтә ҿыханҵа иазааигәоу аусумҭақәа. Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, Баҭал Џьапуа еснагь дазхьаҧшуеит аҿыханҵа.

Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны зынӡаск ицәыргақәҵан 81 усумҭа.

Абраҟа иазгәаҭатәуп шықәсыбжак аҧхьа инарҭбаан ишазгәарҭаз Аҧсны еицырдыруа асахьаҭыхҩы, Адыгеиа зҽаҧсазтәыз асахьаҭыхҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат 60-шықәса ихыҵра аиубилеи.

Асхьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ашықәсқәа рзы, иҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла хеигӡарак ҟамҵакәа Аҧсны Мрагыларатәи афронт аҟны деибашьуан. Уаҟа иааирҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы ианашьоуп Леон иорден. Мрагыларатәи афронт иазкны иҭижьыз ашәҟәы иахьӡуп «Фронт Восходящего Солнца».

Иазгәаҭатәуп иара раҧхьаӡакәны Аҧсны аҭоурых аҟны ишаҧиҵаз адырга «Аҧсуа хацәа рмилаҭтә костиум XVIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIX ашәышықәса алагамҭеи». Иара убас раҧхьаӡакәны Баҭал Џьапуа иескизқәа рыла иҭыжьын Аҧсны аҳәынҭқарратә дыргақәа рсериа, урҭ ахьи аџьази ирылхуп.

Баҭал Џьапуа илшамҭақәа, иҟазара иазкны ирыҩхьеит, ирдыруеит, сагәылаларц сҭахым. Аха иазгәаҭатәуп уи иусумҭақәа шыҵәаху Аҧснытәи акартинатә га­лереиа аҟны, иара убас хаҭалатәи аколлекциақәа змоу Урыстәыла, Англиа, Германиа, Голландиа, Турциа уҳәа рҟны.


С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me