Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥснытәи аделегациа – Аахыҵ-Уаԥстәылан

Аԥсны аделегациа рылахәын Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла азхаҵара 15 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьарақәа. Аԥсны аделегациа иалан Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ерик Рштуни, Баҭал Џьопуа, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

«Ҳара Урыстәыла ашҟа ҭабуп ҳәа ҳҳәоит иуадаҩыз аамҭақәа раан Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни рыжәларқәа иахьрывагылаз азы иҳәеит Анри Барцыц, Цхинвал агәырӷьаратә еизараҿы данықәгылоз – Иҭабуп Урыстәыла, ҳсуверенитет ахьазханаҵаз азы. Аешьаратә тәылаҿы ҳаиҩызара ҳахӡыӡаауеит. Иахьа ауаԥс жәлари аԥсуа жәлари рҵеицәа гәымшәақәа, Урыстәылатәи рашьцәа инарылагыланы арратә операциа ҷыда иалахәуп. Иара убри алагьы Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа аиҩызара аадырԥшуеит», – иазгәеиҭеит Барцыц.

Аахыҵ-Уаԥстәылаҟа рныҟәара инақәыршәаны, имҩаԥысит Жәлар Реизара адепутатцәа Ерик Рштуни, Баҭал Џьопуеи, Аахыҵ-Уаԥстәыла Апарламент ахантәаҩы Алан Алборови реиԥылара. Ерик Рштуни даԥхьеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аԥсны Жәлар Реизара ахьӡала Аахыҵ-Уаԥстәыла Апарламент Аиҳабы агәалашәаратә ҳамҭақәа иҭан.


Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев дырԥылеит Аԥсни, Донецктәи Жәлар Республикеи, Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҟнытә аибашьра аветеранцәа, иаанацҳауеит Аахыҵ-Уаԥстәыла аинформациатә маҵзура «РЕС».

Аҳәынҭқарра Ахада ҭабуп ҳәа реиҳәеит аветеранцәа, иагьазгәеиҭеит Аахыҵ-Уаԥстәылан еснагь ишеигәырӷьауа урҭ рбара.

Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы илагаламҭазы, Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла азхаҵара 15 шықәса ахыҵра инамаданы Аиҩызара аорден ианеишьеит Аслан Сангәлиа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Аԥсни, Донецки, Лугански рҟнытә аибашьра иалахәыз Алан Гаглоев иҟаиҵаз ахшыҩзышьҭразы ҭабуп ҳәа иарҳәеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me