Аҟәа, август 14

Абри аҽны Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟақәеи рнышәынҭрақәеи рҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. 30 шықәса уажәаҧхьа, 1992 шықәса август 14 аҽны Аҧсны иақәлеит Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа.

Иара уби аҽны Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы В.Арӡынба ажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит еидгыланы аҕа иҿагыларц. Аибашьа цон 413 мшы.

Аҟәа, Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны имҩаҧысит аибашьра аан иҭахаз рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара. Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ахақәиҭреи зхы рықәызҵаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәарц уахь инеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аҧсны иҟоу Придневстровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба, Аҧсны Арбџьар Мчқәа рыррамаҵзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ауажәларра ахаҭарнакцәа.

Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш аҽны Аҧсны Раҧхьатәи Ахада анышә дахьамадоу Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Уахь инеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аҧсны иҟоу Придневстровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба, Аҧсны Арбџьар Мчқәа рыррамаҵзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ауажәларра ахаҭарнакцәа.


Иара убра еиҿкаан Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага инаркны 30 шықәса аҵра иазкыз афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Уи еиҿыркааит Ешыра ақыҭан Аибашьра Ахьӡ-Аҧша амузеи аусзуҩцәа. «Иахьа 30 шықәса ҵит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс, иҳаӡбеит абраҟа афотоцәыргақәҵа мҩаҧаҳгарц. Араҟа ицәыргоуп Ешыра ақыҭантәи иҭахаз аибашьцәа, хатәгәаҧхарала еибашьра иааз рфотоҭыхымҭақәа, иара убас аибашьра ахроника, архивтә материалқәа, аибашьра иазку ашәҟәқәа», – еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Марина Тәанба. Лгәы иаланы илҳәеит амузеи ахатәы хыбра ахьамам. «2012 шықәсазы амузеи ахыбра ықәыргеит аҿыц дыргыларц азы. Аха иахьа уажәраанӡагьы ус иҟоуп, ҳара ҳаҩноуп Ешыратәи ашкол», – лҳәеит лара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me