Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адемографиатә ҭагылазаашьа акәша-мыкәша

Мышқәак раҧхьа асоциал-економикатә ҭҵаарадыррақәа Рцентр аҟны имҩаҧган Аҧсны адемографиатә шәарҭадара иазкыз аилацәажәара. Уи ааиртит Ацентр анапхгаҩы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Олег Дамениа.

«Иахьа ҳазҭагылоу – имариоу аамҭаӡам. Адунеи зегьы аҟны ицоит ахынҭаҩынҭарақәа. Ҳарҭ – аҧсуаа имариам амҩа ҳанылеит, аха даҽа мҩакгьы ҳамаӡам. Ихьҧшым аҳәынҭқарра аҧҵаны ҳхы ныҟәаҳго, ҳхы анапхгара аҭо, ҳхы ҳзеиқәырхозар ҳәа. Иахьа хықәкы хадас иҳамоу ахеиқәырхара ауп. Аха абраҟа имаҷымкәа ашәарҭарақәа ыҟоуп. Адәахьтәи ашәарҭара, иара убасгьы аҩнуҵҟатәи. Иҟоуп ҳамч зықәхо, изқәымхогьы. Абарҭқәа зегьы еихшьалатәуп. Убарҭқәа зегьы ирыцкны иҟалеит Аҧсны иахьатәи адемографиатә ҭагылазаашьа»,–иҳәеит Олег Дамениа. Уи иазгәеиҭеит Аҧсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәеи аҧсуааи ҳәа еилых шыҟарымҵо, аха аҧсуа Аҧсны ада хеиқәырхашьас имоу даҽак шыҟам. «Аҧсуаа Аҧсны иананыӡаа усҟан Аҧсынгьы ҟалашьа амаӡам», – иҳәеит иара.

Аҧсны адемографиатә шәарҭадара азҵаара алацәажәара ашҟа ааҧхьара рыман шамахамзар Аҧсны ақыҭақәа зегьы рхаҭарнакцәа. Урҭ анапынҵа рыман жәашықәса рыҩнуҵҟала доусы рқыҭақәа рҿы заҟаҩы ииз, заҟаҩы рыдунеи рыҧсахыз ашьақәыргылара. Иара убасгьы иазгәарҭар акәын қыҭацыҧхьаӡа шаҟаҩы аҭаацәара аҧырымҵац. Иаагаз аҿырҧштәқәа рҟны шамахамзар қыҭацыҧхьаӡа рҟны ииз рхыҧхьаӡара акыр еиҵоуп, зыдунеи зыҧсахыз раасҭа. Иара убасгьы аҭаацәара аҧызымҵац арҧарцәа рхыҧхьаӡара 60-ҩык инадыркны 90-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҭыҧҳацәа рсиа уахь иаламҵакәа.

Аизара иалахәыз Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭа анапхгаҩы Баҭал Кациа иазгәеиҭеит адемографиа азҵаара изныкымкәа ишалацәажәахьоу. Ари апроблема зыхҟьо ахырхарҭақәа шырацәоу. «Хәышықәса рыҩнуҵҟа иҟаҳҵаз аҭҵаарақәа иаҳдырбоит ииуа ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара акыр ишагхаз егьырҭ ашықәсқәа раан аасҭа» – иҳәоит уи. Убриаан иазгәеиҭеит уи зыхҟьо агәабзиарахьчара аусура аиҿкаара шакәым. Иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы амедицина аганахьала ахшара дзауа аҳәса ирҭаху ацхыраара зегьы шроуа. Иара убасгьы аира аан зыҧсҭазаара иалҵызи, ахшараура иахыҧсаази шыҟам. «Аҵыхәтәантәи ҳаиҧылараҟны ҳрылацәажәон даҽа хыҧхьаӡарақәак, иахьатәи, усҟантәи еиҿырҧшны уахәаҧшуазар, аиҧшымзаарақәа ыҟоуп, аха уи зыхҟьо Аҧсны анҭыҵ ахшара зауа рхыҧхьаӡарагьы маҷым.  Аҧсны анҭыҵ иизгьы аҭыҧан иизгьы рхыҧхьаӡара еицаҳҵаргьы, иаҳбоит аҵыхәтәантәи аамҭазы ииуа ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара шмаҷхаз», – иҳәоит Баҭал Кациа. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит аҭаацәара иалалаз, аха ахшара змауа аҭаацәарақәагьы рхыҧхьаӡара рацәахо ишалагаз. Иахьа иҟоуп алшара, уи азҵаара аӡбаразы акыр амҩақәа. Убраҟагьы ацхыраара шрырҭо атәы дазааҭгылеит.

Адемографиа иазкыз аилатәара иалахәыз Жәандәрыҧшьтәи абжьаратә школ арҵаҩы Џьума Габуниа иазгәеиҭеит быжьшықәса рыҩнуҵҟа Жәандәрыҧшь ақыҭан иишиз 32-ҩык ахәыҷқәа. Убри аан рыҧсҭазаара иалҵит 60-ҩык. Аҭаацәара иаламлац арҧарацәа 25 шықәса инаркны 60 шықәса зхыҵуа рҟынӡа 60-ҩык ыҟоуп. Ақыҭаҟны инхоит 240 ҭӡы, хыҧхьаӡарала 1500-ҩык рҟынӡа. Рыҩнқәа ааныжьны ақалақь ахь нхара ииасит 27 ҭӡы.

Џьума Габуниа иажәақәа рыла, иахьа Жәандәрыҧшьтәи ашкол аҟны актәи аҩбатәи аклассқәа ыҟаӡам, иара убасгьы афбатәи. «Абызшәа макьаназ ақыҭаҿ ауп иахьыҟоу, ҳбызшәа еиқәҳархарц ҳҭахызар, ақыҭақәа ирыцхраатәуп. Ауаа хатәрақәа, аҵара змоу, ҳинтеллигенциа ҳқыҭақәа хаҭала шәырҭаа, аҭыҧаҟны ижәба ҳазҵаарақәа, ацхыраара ҳҭахуп», – иҳәеит арҵаҩы.

Аиҧылараҟны иқәгылоз ақыҭақәа рхаҭарнакцәа рызегьы ирҳәоз, излацәажәоз рпроблема акакәын. Ақыҭақәа рҟны иҟоу апроблемақәа иреиуоуп амҩақәа, аусурҭа ҭыҧқәа рыҟамзаара, арҵаҩцәа разымхара уҳәа убас егьырҭгьы. Аха зегьы реиҳа ипроблема хаданы иқәгылоу акы акәны иҟоуп амамзаара. Иахьа аҭаацәара аҧызҵарц зҭаххаз арҧыс иаагарҭа анмаҷхалак, аҭаацәара алалара азҵаара анасҭхара далагоит. Избанзар, аҭаацәара уаналалалак уҭаацәа ныҟәугароуп, уи иахьатәи аамҭазы еиҳа-еиҳа ицәгьахоит. Насгьы, аҧсуаа ҳҵасҳқьабз ишаҧу еиҧш, аҭаацәара иалаларц зҭаххо иуыр ауп ачара, уи азы иахьатәи аамҭазы бжьаратәла ҩба-хҧа миллион аҭахуп. Абарҭқәа зегьы данрызхәыцлак, аҭаацәара алалара иҭаххаӡом.

Ақыҭақәа рҟны иҟоу ҳҿар, аҭаацәара иаламлац, рҿы-рнапы еиқәыҧсаны итәам, аха иаадрыхуа аҧгала рымаӡам. Ма аарҩара, мамзаргьы аӡысаамҭа иқәнагоит. Мамзаргьы ицәырҵыз уажәы зеиуахкы уҭаху ахәаҷақәа. Нас ауаҩы иаагарҭа аныҟамлалак, аҭаацәара аҧҵара агәаҳәара имазаргьы, алшара иоуӡом.

Абарҭқәа зегьы ирылацәажәан адемографиа иазкыз аиҧылараҿы. Уаҟа хықәкыс ирыман иахьа иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа аарҧшра, анаҩсан ари апроблема аӡбара амҩақәа разыҧшаара.

Абраҟа иацысҵарц сҭахуп схатә гәаанагарагьы, аиҧылараҟны изламцәажәаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ииуа раасҭа зыҧсҭазаара иалҵыз рхыҧхьаӡара аиҳахара зыхҟьо, сгәанала адунеи зегьы зымҽхакны измаз аҿкы чымазара ауп. Уи зыхьны зыҧсҭазаара иалҵыз рацәаҩхеит. Ианрыхь ашьҭахьгьы, ирзыннажьыз агәамбзиара иахҟьаны, иахьагьы рыдунеи рыҧсахуеит. Иҩбахаз, абас еиҧш ачымазара ҿкы аднеи «ианалагьежьуа» ахшараура згәаҕьуа анацәагьы маҷхоит. Дарбан ану зхәыҷы иҧсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me