Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гәдоуҭа, август 15

Ақалақь-Фырхаҵа Гәдоуҭа аибашьра иалҵыз ашәақәа шьыжьнаҵы иалыҩуан. Аконфедерациа аштаб ахьыҟаз ашәҭқәа ргәыдкыланы ажәлар неиуан. Нанҳәамза 15,  1992 шықәсазы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра аҩбатәи амш азы акәын. Усҟан Ҧсоу аҳәаа 18-ҩык зхатәгәаҧхарала цхырара иаауаз Сулҭан Сосналиев дрыҧгыланы иааит. Уи амш аҭоурых аҿы арыцхә хадақәа ируакны иаанхоит. Аҧсны аҧсреи абзареи ианрыбжьагыла, бџьаршьҭыхла ахьчара анаҭахха иарҕьажәҩаны иааҳавагылеит зхатәгәаҧхарала аибашьра иааз жәҩахыр ҕәҕәала иааҳавагылаз егьырҭ амилаҭқәагьы. Аконфедерациа аштаб хада Гәдоуҭа ишьақәдыргылт.

2012 ш. раахыс нанҳәамза 15 аҽны Леонид Иван-иҧа Лакербаиа ибзоурала, иаҧшьгарала хатәгәаҧхарала еибашьра иааз рымшоуп. Ари аиҧылара иалагеит дара ирызкны игылоу абаҟаҿы ашәҭшьыҵәрақәа рықәҵарала. Уи ашьҭахь ақалақь Гәдоуҭа абыкь абжьы алыҩуан. 

С.П. Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи ахыбраҿы еиҿкаан зхатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа. Еиҳараӡак зусумҭақәа цәыргақәҵаз: Витали Қьецба, Марина Барцыц, Ибрагим Ҷкадуа, Нанеи Мананеи Лакашьиаа рархив, 233 ҭыхымҭақәа ыҟан. Раҧхьаӡа акәны ицәыргоуп Ҭырқәтәылантәи Аҧсны иааны еибашьуаз ҳџьынџьуаа рпатреҭқәа, ирҩыз ауасиаҭ аоригинал. Уи Џьазми Кәыџба инапала иҳаиҭаз ауп.

Ацәыргақәҵа «Ахьаа» зыхьӡыз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бжьаниа Аслан Гьаргь-иҧа даҭааит. Амузеи зегьы дахәаҧшит. Аҵыхәтәан, иаазгәеиҭеит амузеи азалқәа раартра дшацхраауа. Абри амчыбжь иалагӡаны аилацәажәарақәа шымҩаҧырго.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Шургалин Алеқсандр Михаил-иҧа иазгәеиҭеит, Урыстәыла Афедерациа аҟнытә иҭахаз аибашьцәа рпатреҭқәеи  рнысымҩақәеи реизгараҿы ацхыраара дшазхиоу.

Амузеи иацхраауа, зџьабаа рацәоу Ермитаж ареставратор Марина Суботина зхатәгәаҧхарала иааны Аҧсны еибашьуаз ирзылкыз ажәеинраала даҧхьеит. Иара убас иҭахаз ирызку аинформациа аизгараҿы ацхыраара ҟазҵо Нхыҵ-Кавказ рхаҭарнакцәа еиқәылыҧхьаӡеит. Аибашьцәа ирызкыз ажәеинраалақәа Иланда Џьыкырба ҟазарала даҧхьеит. Ацәыргақәа ашьҭахь, Р.Дасаниа ихьӡ зху акультуратә хан аҟны имҩаҧган хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа иҭахаз ргәалашәареи, абџьар зкыз аибашьцәеи рҧылара. Зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа цхыраара иааз, баагәараны ҳаибашьцәа ирывагылаз даара ирацәан. Урҭ ргәалашәарақәа ирыцын ахьаа. Аха уи ахьаа иахыҳәҳәон афырхаҵеи агәымшәареи. 30 шықәса ҵит, уи арыцхә иагәыҵаҳәҳәоу аҭоурыхи ахьааи уанагәылаҧшуа инымҵәаӡоу ахәыцрақәа рахь уагоит. Ҳашьцәа, Нхыҵ-Кавказаа ҭаҷкәымкны еилаҵәеит, рыҧсҭазаара иамеигӡеит, жәҩахыркны Аҧсны жәлар рҿахәҳәаҩы Владислав Арӡынба идгылеит. Аиааира агараҿы ирылшоз зегьы ҟарҵеит.

Рҽеидкыланы иаҳзымҩахыҵуеит аделегациақәа еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәи, иргәаладыршәон уи ишьаарҵәыраз амш. Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны аиҧылара ааиртит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иҧа. Еизаз ирыдиныҳәалеит аиубилеитә рыцхә, игәалаиршәеит урҭ зхатәгәаҧхарала иааз, еибашьыз рфырхаҵара.

Ажәа лыман агәалашәаратә фонд «Помним» захьӡу аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Лиалиа Чамагәуа. уи дырзааҭгылеит Аҧсны ицоз аибашьраҿы зыхәҭа ду алагалаз Нхыҵ-Кавказаа. Иара убас дарбанзаалак аҧсуаа рыҧсадгьыл аиқәырхареи ахақәиҭтәреи рзы зыҧсҭазаара ақәызҵаз ахааназ хашҭра шрықәымзаауа. Урҭ рфырхаҵара абиҧара ишеимырдауа.

Аҵарауаҩ Гәарамиа Алеко Алықьса-иҧа иқәгылараҿы иаликааит – ААУ аҟны Кавказ ажәларқәа зегьы иргәадураз, еицырдыруаз апатриот Мусса Шанибов ихьӡ зху акабинет шааиртуа.

Аҧснытәи аветеранцәа рхеилак «Нарҭ» аиҳабы Санакоев Морис иазгәеиҭеит аимадареи аиҭанеиааиреи аибашьцәа рыбжьара ишыҟоу. Аҧсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев иҧшәма Лиубов Соснолиева лықәгылараҿы илҳәеит Кавказ ажәларқәа разкаареи реидгылареи атәы. «Аҧсны ашәарҭа ианҭагылаз Кавказтәи ашьха ҳаракқәа реиҧш ҳаҕәҕәара ҳхамышҭроуп. Адунеи аҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа ҳрыламӡроуп. Ҳара ҳаидгылара, уи еснагьтәи ҳиааироуп», – лҳәеит лара.

Чечентәылатәи зхатәгәаҧхарала Аҧсны иааны еибашьуаз Киримов Вахид иқәгылараан иҳәеит, Аҧсны ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз Сулҭан Дакаев иҧсы анҭаз, ииҳәаз ауасиаҭ: « – Сара сҭахар, иску абџьар сҧа ишәҭ». Аҧсны Ахада Аслан Гьаргь-иҧа Иусҧҟала Сулҭан-иҧа ианашьан атапанча.

Ватаев Зелимхан Магарби-иҧа иазгәеиҭеит, Аахыҵ-Уаҧстәыла 1992 ш. ишҭрыжьыз рхатәы медал, уи сынтәа 30 ш. ахыҵит. «Уаҧстәыла Ахьӡ – Аҧшазы» ахьӡуп. Уи ахьыӡҳәала иранашьан: Арӡынба В.Г. (иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь), Бжьаниа А.Гь., Ашәба Л., Ануа В., Ҵәыџьба Б., Ашәба А., Чамагәуа Л.

Анаҩс аиҧылара хыркәшан аконцерт ала.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me