Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аамҭа ауаҩы дцәырнагоит

Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, аԥсуа жәлар рҵеицәа иашақәа ируаӡәку Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба 70 шықәса ихыҵуеит. Уи диит август 26, 1953 шықәсазы Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан.

Аиубилиар иԥсҭазааратә мҩа аҟнытә: 1969 шықәсазы Бзыԥҭатәи актәи абжьаратә школ даналга ԥыҭраамҭак Бзыԥҭатәи амҿы-аусадуларатә наплакаҿы аус иуан. 1976 шықәсазы Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә қыҭанхамҩатә институт (иахьа Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә аграртә университет) аҟны иҵара қәҿиарала ианхиркәша, 1978-нӡа Чечентәыла ақ. Аргун асовнхара «Гардалинтәи» аҟны аус иуан.

1978-1979 ш.ш. рзы Гагратәи анагӡком ақыҭанхамҩа аусбарҭа аграномс дыҟан; 1979-1982 ш.ш. – Гагра акомҿареидгыла ақалақьтә хеилак аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩс;

1989 ш. – Цандрыԥшьтәи аҭаҭын-ферментациатә зауад адиректорс аус иуан, иара уи ашықәсан диаган Гагратәи агро-ааглыхратә еидҵара ахантәаҩыс.

1991 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак (I ааԥхьара) ашҟа депутатс далхын. Валери Рамшьыхә-иԥа дызхаҭарнакыз аԥсуа депутатцәа, анаҩс ҳҭоурых аҿы «ахьтәы парламент» ҳәа ахьӡ зауз, зыӡбара рылшаз азҵаарақәа рацәоуп Аԥсны хаз ҳәынҭқарраны ашьақәыргыларазы. Ауаҩы аамҭа дцәырнагоит ҳәа шырҳәо еиԥш, арҭ аамҭақәа роуп Валери Бганба иполитикатә мҩа ақәлараҿы раԥхьа дызӡрыжәыз. Убри инаркны иахьанӡа, азҵаара аӡбара ижәлар ирыхәоит ҳәа идыруаны, егьа ԥынгыла цәырҵуазаргьы даҩымсыцт.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 ш.ш.) аан Валери Бганба атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы далахәын, ҳтәыла мраҭашәаратәи ахәҭа ахақәиҭтәра иазықәԥоз дреиуан Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭаҿы.

1998-2002 ш.ш. раан Гагра араион жәлар реизара дахантәаҩын.

2002-2006 ш.ш. рзы Гагра араион Ахадара аиҳабыс дыҟан.

2006-2007 ш.ш. – аԥсшьарҭа ҩны «Амра-интернешнл» адиректор хадас аус иуан.

2007-2012 ш.ш. рзы Аԥсны Жәлар Реизара (IV ааԥхьара) далахәылан.

2012-2017 ш.ш. раан Жәлар Реизара – Апарламент деиҳабын. Уи аамҭа иалагӡаны ҳтәылаҿы аполитикатә аиҭеиҭашәарақәа раан, 2014 ш. маи 31 инаркны август 24-нӡа атәыла Ахада инапынҵақәа наигӡон.

2018-2020 ш.ш. раан Аԥсны Аԥыза-министрс аус иуан. 2020 шықәсазы атәылаҿы аҩнуҵҟатәи аполитикатә еибарххарақәа инарымаданы ианвар 13 инаркны апрель 23-нӡа атәыла Ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дыҟан.

Абарҭ аҭакԥхықәра ҳаракы зцу аусқәа рҿы Валери Бганба иааирԥшит ахачҳара, апринципра, аҟәыӷара ҵаула. Уи еилых имамызт анхацәеи, аителлигенциеи, анапхгаҩцәеи, мамзаргьы еиҳа ибыргу, иқәыԥшу ҳәа. Еснагь ишицәаҩоу еиԥш, иаԥсшәа аҳәашьа ҭбаауп, ихы-иҿы ихаччо игәыҭбаара, ицәажәара иаҵубаауеит. Дызнысхьоу амҩа уазхәыцуа уҿааухар, убла иаахгылоит аамҭа изцәырнагаз, акыр агәыԥжәарақәа ириааины иаауа, аха гәаӷ згәыҵакым ауаҩы лаша ихаҿсахьа.

Апрель 24, 2020 ш. инаркны ԥхьатәара дцеит.

Аԥсабара ссиршәа зсахьа ҭнахыз ақыҭа ԥшӡа иалиааз, дацла-ԥашәла, ԥсабарала иаԥсыуоу, уи шьаҭас анаҩстәи зыбзазара зегьы иаиуз Валери Бганба дреиуоуп ҳажәлар милаҭк раҳасабала рхеиқәырхареи, рхьыԥшымреи, рхақәиҭреи разықәԥара ҽышәала иалахәу Аԥсны аҵеицәа. Уи ианакәызаалак ижәлар рҿы ҳаҭыр иқәуп, игәра ргоит. Маҵурас дызхагылазаалакгьы аҟны ижәлар ргәырҩеи, ргәырӷьареи рыцеиҩишон, рыгәҭа дыҟан. Ахааназгьы зҭыԥ ааныжьра иацәшәаны, зажәа еижьоз дреиуамызт, насгьы ҳаамҭазтәи ҳәынҭмаҵзуҩцәақәак ишырцәаҩоу еиԥш, «сара салышәх, сара снажәга» ҳәа ажәлар дрылам. «Уаҭахуп, абраҟа амаҵ ҳазу» ҳәа ахьиарҳәаз илша деигӡом.

Валери Рамшьыхә-иԥа Аԥсны иашьагәыҭу аԥсуа жәлар рыбзазашьеи рԥеиԥши реиӷьтәразы ихы аџьа арбара дацәымаашьакәа, аҳәынҭқарратә маҵурақәа рҿы дахьынӡаҟазгьы, иахьагьы илшареи идырреи рзикуеит амилаҭ рҵасқьабзқәа реиқәырхара, аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәаны аихаҳара, изызҳауа абиԥарақәа цәаҩа бзиала рааӡара.

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иреиӷьӡоу иажәабжьқәа руак аҟны иаҳԥылоит ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара иаформулоуп ззуҳәаша анаҩстәи ацәаҳәақәа:

Уцалароуп, уаалароуп,

Уаалароуп, уцалароуп.

Ааи, арҭ ацәаҳәақәа аԥсҭазаара ахаҭа иагәылхуп, уи иашьаҭоуп. Урҭ рыхшыҩҵак иҳаилдыркаауеит ҳҳәынҭқарра аргылараҿы ҳажә­лар рыбзазашьа есымшааира еиӷьхаларц ихандеиуа Валери Бганба иԥсҭазаара.

Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рҿаԥхьа илшамҭақәа рзы ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аордени Аахыҵ-Уаԥстәыла анапхгара рҟнытә «Аиҩызара» аордени.

Ишдыру еиԥш, ауаҩы ԥсыцқьала, мцҳәарыда иус наигӡозар, иуаажәлар ирыхәоит хымԥада, иаргьы ижәлар рыгәҭа ҳаҭыр ду иқәны дҟалоит. Иҳәынҭқарратәи иԥсҭазааратә ԥышәеи ирыбзоураны Валери Бганба иахьагьы ҽышәала далахәуп ауаажәларратә ԥсҭазаара.

70 – шықәс дуӡам аԥсуа инҵыраҿы, апоет иажәақәа рыла иаҳҳәозар, «шәаршлаӡаргьы уаҳа акгьы амчым».

Аԥсуа иқәра наӡа Анцәа ишәанеишьааит!


Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me