Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Август 15 – Аԥсны Арбџьар Мчқәа ртанкист Имш

 

Аԥсуа ар ркәалӡтанктә архәҭақәа реиҿкаара иалагамҭаны иԥхьаӡоуп август 14 – аибашьра ианалагаз раԥхьатәи амш.

Убасҟан Аҩнуҵҟатәи архәҭақәа Хазтәи рполк аибашьцәа ақырҭуа архәҭақәа танкла ианжәыла аԥхьа игылаз, аномер «150» змаз атанк хада рымпыҵырҟьеит. Анаҩсан, Гәымсҭа аӷа танкла дырны дандәықәла, ҳаибашьцәа ҩаԥхьа иҭадырхеит аӷа итанкқәа хԥа. Урҭ руак аганахь иԥхьакны, еиҭашьақәдыргылеит. Гагратәи ажәылара ашьҭахь, атанкқәа рхыԥхьаӡара хаҭәааит. Иара убас атанкқәа рыла ихаҭәаауан Мрагыларатәи афронтгьы.

Аԥсуа кәалӡтехника шьақәгылан атанкқәа рыла мацара акәымкәа, уахь ирылан БМП-1, БМП-2, БТР, МТЛБ уҳәа егьырҭгьы. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра анаԥҵаха, иаақәгылеит акәалӡтанктә архәҭа аиҿкаара азҵаарагьы. Ноиабр 20 азы иҭыжьын хазы игоу атанктә баталион аиҿкааразы адҵа. Хадаратәла кәалӡтехникала ирӷәӷәан Гәымсҭа апозициақәа рҿы игылаз ҳархәҭақәа.

Иахьа Аԥсны Арбџьар Мчқәа атанктә архәҭақәа, егьырҭ архәҭақәа рыхкқәа зегь реиԥш, жәыларатә мчы хаданы иҟоу. Урҭ азкуп аибашьрақәа раан иаҳа кырӡа зҵазкуа аусқәа рҭыԥ рықәҵара.

Атанктә архәҭақәа реибашьратә мчхара шьҭыҵуеит автоматизациа ахархәагақәа, асистема ҿыцӡақәа, егьырҭ ҳаамҭазтәи атехнологиатә усумҭақәа ахрархәарала. Аха атанктә архәҭақәа рбеиара хада – ауаа, урҭ рдырра ҳаракы, рхачҳара, ргәымшәара ауп.

Атанкист Имш аҽны Аԥсны атанктә архәҭақәа рҟны имҩаԥыргеит аныҳәа иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me