Август 27 – Аԥсны Арра-Ҳаиртә Мчқәа Рымш

Аԥсуа авиациа аира иамшны уаҩы иԥхьаӡар ауеит 1992 шықәса август 27. Убасҟан Гәдоуҭа азааигәара адәаҿтәи аҳаир баӷәаза «Лыхнашҭа» итәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәыз, аибашьратә ҵакы змаз аидарақәа аазгаз аҳаирпланқәа АН-2 ҩба.

Убасҟан арратә ԥырҩы Олег Ҷанба, гәыԥҩык адельтапланеристцәа гәыԥҩык иманы, аҳаирпланқәа ахьтәаз аҭыԥ аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигон. Иаарласны уи дҟаҵан Аԥсны Арра-Ҳаиртә Мчқәа ркомандаҟаҵаҩыс.

Ҳџьынџьтәылатәи арратә авиациа аҭоурых аԥырҵон ирацәаҩны аԥырҩцәа, аԥышәаҩцәа. Урҭ рхамеигӡарала, рџьабаала алагаламҭа ду ҟарҵеит атәыла ашәарҭадара алыршараҿы, уи арратә мчхара арӷәӷәараҿы.

Наунагӡа ҳџьынџьтәыла аҭоурых иагәылаҩуп Аԥсны ажәҩан зыхьчоз, Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан амацәаз иҭакыз Тҟәарчал «аҳаир цҳа» бжьазҵоз аԥырҩцәа рыхьӡқәа. Аԥсны авиаторцәа ахаҵареи агәаӷьреи аадырԥшит, алагаламҭа ду ҟарҵеит Аԥсны жәлар иргаз Аиааираҿы.

Ҳаамҭазтәи Арра-Ҳаиртә Мчқәа азкуп аҳаир аҟны агрессиа аԥырҟәҟәаара, аҳәынҭқарратә, арратә напхгараҭара аҭыԥқәа, административ-политикатә центрқәа, ааглыхра-економикатә раионқәа, атәыла аекономикеи аинфраструктуреи акырӡа зҵазкуа робиектқәа, архәҭақәа ргәыԥқәа аҳаир аҟнытә ааха рыҭара рацәыхьчара, аӷа ирхәҭақәеи иобиектқәеи рҭархара.

Аԥсны Арра-Ҳаиртә Мчқәа ирыхьчоит аҳаиртә қәыԥшылараҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа, иалдыршоит ҳаирла адесант рыртәара, архәҭақәа, абџьар, арратә техника рымҩангара.

Абарҭқәа инарываргыланы, Аԥсны Арра-Ҳаиртә Мчқәа рекипажқәеи Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрреи лассы-лассы ауснагӡатә ҷыдақәа еицымҩаԥыргоит Уахь иаҵанакуеит аҳаир ахылаԥшра, амцакрақәа рырцәара, еиуеиԥшым аԥсабаратә рыцҳарақәа ааха зырҭаз даҽа ҭыԥқәак рахь риагара уҳәа егьырҭгьы. 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me