Афестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс. Аԥхьанатә иара Аԥсны акәын иахьымҩаԥысуаз, аха нас уи аҳәаақәа рыҽдырҭбааит: Москва, Санкт-Петербург, Казан, Австриа, Монако, Швеицариа, Латвиа, Британиа Ду, Италиа уҳәа. Зыхьӡ ахара инаҩхьоу ари афестиваль Џьакомо Пуччини иопера «Тоска» анагӡарала ихацыркхоит. Ахацәа ӷьеҩқәа Марио Каварадоссии абарон Скарпиеи рпартиақәа нарыгӡоит еицырдыруа аопертә шәаҳәаҩцәа Арсен Согомониани Владислав Сулимскии. Флориа Тоска лроль – Хьыбла Гьерзмаа, уи уаанӡа изныкымкәа ари апартиа Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театри, иара убас Мариинтәи атеатри, атеатр Дуи рҿы изныкымкәа иналыгӡахьан. Абри азы адырра ҟаҵоуп афестиваль апресс-релиз аҿы.
Италиатәи арепертуар иналукааша анагӡаҩцәа ари ахәылԥаз аҿы ирыцлоит ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза 11 – 22 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз Хьыбла Гьерзмаа иаԥшьылгаз Актәи жәларбжьаратәи аконкурс алауретцәа: Алеқсеи Кулагин, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Дамир Садухасов, Мариа Лупариова, Ливеи Хоу. Амузыкатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр ацны, адирижиор – Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, атеатр Ду адирижиор Антон Гришанин. Амузыкантцәа рнаҩс, афестиваль аартра ихы алаирхәуеит еицырдыруа ателемҩаԥгаҩ Иулиан Макаров.
Иазгәаҭатәуп, ари С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахыбра аҿаԥхьа, уи азы ҷыдала идыргылаз ахыбраҿы имҩаԥысуеит. Афестиваль анаҩстәи аконцерт убасҵәҟьа иаарту аҭыԥ аҟны имҩаԥысуеит: нанҳәамза 28 рзы Пицундатәи ауахәама аҿаԥхьа аоператә сцена апримадонна Хьыбла Гьерзмаа иаԥшьылгаз авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи Актәи Жәларбжьаратәи рконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит. Алеқсеи Кулагин, Ольга Маслова, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Ливеи Хоу, Мариа Лупариова, Дамир Садуахасов, Жаргал Цырендагбаева, Гульдана Алдадосова Урыстәылатәи жәларбжьаратәи акомпозиторцәа роперақәеи рдуетқәеи нарыгӡоит. Аоператә шәаҳәаҩы иаԥшьылгаз аконкурс аҿы аиааира згаз, Урыстәыла, Китаи, Ҟазахсҭан рҟынтәи абаҩхатәра злоу авокалистцәа Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр иацны иқәгылоит, адирижиор — Антон Гришанин.
Хьыбла Гьерзмаа иаԥшьылгаз аконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит К.С.Станиславскии Вл.И.Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асолистка Полина Шаровароваи А.И.Ваганова лыхьӡ зху Аурыс Балет Академиа астудентка Кристина Ҷкотуеи. Аныҳәатә концерт амҩаԥгаҩ — Иулиан Макаров.
Аԥсны арҭ аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Апрезиденттә фонд иҟанаҵо адгыларала, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи, Аԥсны акультура Аминистрреи, Росконцерти рыцхыраарала. Аконцертә қәгыларақәа рнаҩс, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп артистцәеи еишьашәалоу амузыкатә ҵараиурҭақәа рҵаҩцәеи рырҿиаратә еиԥыларақәа рымҩаԥгара.
Ашәаҳәаҩ лзы игәакьоу Аԥсны анаҩс, афестиваль аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан уҳәа 20 қалақь рҿы. Убас ала, афестиваль есааира аҳәаақәа арҭбаауеит. Концертқәак рзы апроект аофициалтә социалтә ҳақәа рҿы зынагӡара алшо аонлаин-транслиациақәа мҩаԥгахоит.
Хьыбла Гьерзмаа — аоператә сцена апримадонна ҳәа дазхаҵоуп. Акы иаламҩашьо абжьы хаа змоу Хьыбла Гьерзмаа аклассикатә ариақәа рҿы аиԥш, аџьазтә импровизациақәа рҿгьы еиԥшны ибзиаӡаны дықәгылоит. Уи лзыӡырҩцәа акы иаламҩашьо лыбжьи зыҩаӡара ҳараку лынагӡара атехникеи, лактиортә ҟазареи рыла илтәылтәуеит. Аоператә нцәахәы Хьыбла Гьерзмаа —аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы реиҳа амузыка гәыла-ԥсыла иазыҟоу, иахьа адунеи аоператә сценақәа рҟны азҿлымҳара ду змоу шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылоит иреиӷьӡоу аконцерттә сцена дуқәа – Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавариатәи Римтәи атеатрқәа рҟны, Венатәи аопера аҟны. Ашәаҳәаҩ адунеи акыр џьара аконцерттә программақәа лыманы агастрольқәа мҩаԥылгоит. Аха уи анаҩс Хьыбла Гьерзмаа иара убас Москватәи аконсерваториа аҿы асолотә шәаҳәара акафедра дадоцентуп. Лара амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» аԥҵаҩыси анаԥхгаҩыси дыҟоуп, иара убас Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи рконкурс дашьаҭаркҩуп.
Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа