Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Сулҭан Сосналиев: «Сгәы сыԥхьеит Аԥсныҟа»

Аинрал Сулҭан Сосналиев изкыз ате­атртә ҟазшьа змаз ақәгылара «Ахьӡшьара 12» мҩаԥысит хатәгәаԥхарала аибашьҩы Имш азгәаҭара инақәыршәаны Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә фи­лармониаҿы. Уи азнархиеит Аҟәа Ахадара акультура Аусбарҭа.

Арбара иалагаанӡа иҟан официалтә хәҭа. Уаҟа иқәгылеит Аԥыза-министр актәи ихаҭуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, атәылахьчара аминистр иабжьгаҩ Илиа Гамисониа, атәылахьчара аминистрс иҟаз Виачеслав Ешба. Зегьы инаҵшьны иазгәарҭон Аиааира агараҿы хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҵакы даара ишдуу.

– Ажәытә аамҭақәа раахыс, ҳаиашьаратә жәларқәа адәныҟатәи ашәарҭара ианҭагылалак, урҭ рыжәҩахыр еидырҵон, еивагылон, баагәарак иаҩызаны иаақәгылон. Абас иҟалеит 1992 шықәса август азгьы. Амза 15 азы Асовет ар аполковник Сулҭан Сосналиев Аԥсны дааит Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа раԥхьатәи ргәыԥ иманы. Ари акырӡа иарӷәӷәеит ҳара ҳгәамч, ҳдоуҳа. ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхарауаа ҳаибашьцәа рыжәҩахыр нарыдҵаны, рхы мшаҭа еибашьуан. 260-ҩык инарыцны ҳаԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит, – иҳәеит уаҟа иқәгылаз Беслан Џьопуа.

Иазгәаҭатәуп, Владислав Арӡынба ҷыдала хшыҩзышьҭра ду шырзиуаз еиуеиԥшым амҩақәа ԥшааны иҳацхраарц иаауаз ахатәгәаԥхарауаа, насгьы урҭ рхымшаҭара, ргәымшәара ҳаҭыр ақәиҵон, иагьеиликаауан.

Илиа Гамисониа иазгәеиҭеит ахатәгәаԥхарауаа рыҩнуҵҟа ишыҟаз еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Урҭ раара, ҳара ҳалагылара аԥсуа еибашьцәа ргәы шышьҭнахуаз, ршьамхы шарӷәӷәоз. Урҭ реиҳараҩык Аԥсныҟа рхы дырхон рҭаацәа ирамҳәаӡакәа. Урҭ ргәы рыԥхьон, ршьа рыԥхьон, ҳреспублика ахақәиҭразы ахақәҵара иазхиан. Хьыӡҳәала, урҭ иҟарҵаз аешьаратә цхыраара иабзоураны агрессор илымшеит аԥсуа жәлар ргеноцид амҩаԥгара», – иҳәеит иара.

Виачеслав Ешба иаҵишьит ахатәгәаԥхарауаа рхымҩаԥгашьа ҳаҭырла, ламысла ишеибаркыз.

«Ахатәгәаԥхарауаа раҳаҭыр лазырҟәыша шьаҿакгьы еихырымгеит. Урҭ рашьцәа рыцхраара мацара акәымкәа, дара аиаша иадгылеит, ҳрыхьчеит. Наунагӡа ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит иҭахаз», – иҳәеит иара.

Ешба игәалаиршәеит иара дшалахәыз аибашьра аан иҭахоз рыԥсыбаҩқәа Нхыҵ-Кавказҟа рышьҭра.

«Знызаҵәык иадамхаргьы урҭ рҭаацәа ҳахьӡала ҽыԥныҳәак ҟарымҵеит. Урҭ еилыркаауан дара рхәыҷқәа, рабацәа, рашьцәа ҳажәлар ззықәԥоз аус», – иазгәеиҭеит уи.

Аофициалтә хәҭа ашьҭахь иалагеит атеатртә ҟазшьа змаз ақәгылара. Уи рхы аладырхәит атеатрқәа рартистцәа, ателемҩаԥгаҩцәа, Аԥсны жәлар рыкәашарақәа рҳәынҭқарратә ансамбльқәа: К.Ҭарба ихьӡ зху «Кавказ, Е.Бебиа ихьӡ зху «Шьараҭын».

Ақәыргыламҭа арҿиаратә коллектив иаԥырҵеит Сулҭан Сосналиев иԥсҭазаара аҟнытә ахҭыс хадақәа, иандырԥшит уи изанааҭдырра, ихачҳара шышьақәгылоз. Абарҭ аҟазшьақәа аҭыԥ дуӡӡа ааныркылеит аибашьра анцоз, иара убри аамҭазы уи уаҩык иаҳасабала иԥсыцқьара, арнаԥхгаҩык иаҳасабала ихӡырымгара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me