«Аԥсны ахьыԥшымра – сара сыԥсҭазаара аҵакы хада ауп»

«Аԥсны ахьыԥшымра – сара сыԥсҭазаара  аҵакы хада ауп»

В.Г. Арӡынба

Ари аҽны ажәлар уск-уск ирҿын, аҭагылазаашьа иага еибархханы иҟазаргьы. Аха ашьыбжьышьҭахь ираҳаит ажәабжь бзиа, ажәабжь гәышьҭыхга: аҿацаҿацаҳәа ателехәаԥшра иҭыҩҩуан Урыстәыла усҟантәи Апрезидент Дмитри Медведев иажәақәа: «Ауаԥс жәлари аԥсуа жәлари хақәиҭрала ргәаҳәара ҳасаб азуа, ООН Аԥҟаԥҵа арбарақәа, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациа, 1975 шықәсазы СБСЕ Хьельсинктәи ахыркәшаратә нҵамҭа, егьырҭ жәларбжьаратәи адокументқәа напхгарас иҟаҵаны, сара снапы рыҵазҩит Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟақәа».

Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара қәҵәиааратә аамҭаны иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҟны.

Абри аҽны Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭаҿы еизаз зықьҩыла ауаа еигәырӷьаҵәа ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Дмитри Медведев Иусԥҟа.

Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь Аԥсны ажәлар Ахьыԥшымра аиура, ажәлар риааира рыдиныҳәалеит. Ҳажәлар ргәырӷьара ҳәаак амаӡамызт: иахьабалак игон амузыка, ишәаҳәон, икәашон, аӡәырҩы ирзынкыломызт ргәырӷьара лаӷырӡқәа.

Шәҩыла Владислав Григори-иԥа Арӡынба иҩныҟа имҩахыҵит, ҳтәыла аҭоурых аҿы ахҭыс ду Аԥсны Раԥхьатәи Ахада идырныҳәаларц. «Аԥсны Ахьыԥшымра – сара сыԥсҭазаара аҵакы хада ауп», – зныкымкәа иҳәахьан В.Г. Арӡынба. Абар, 2008 ш. август 26 азы уи игәҭакы наӡеит, Аԥсны иаиуит жәларбжьаратәи азхаҵара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me