Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абчараҳ – Ҳасан

Ахырҵәарақәа, аибашьрақәа ишдыру еиҧш, еиҳа ирныруеит ажәлар маҷқәа. Аха, хыҧхьаӡарала рмаҷра Ҳазшаз иациҵаз адоуҳа хеиқәырхагак  ахь ихьанарҧшуеит урҭ ианакәызаалак.

Кавказ ашьхаруа жәларқәагьы ус шаҟантә  иақәшәахьеи?! Аха, ргәы камыжькәа еиҭахгьы рхьышьҭрақәа инархылоит, рылҩаҵә зхылҵша акәицқәа неихәлаҵо, дара-дара ргәы еибарҕәҕәо, ршьапы ақәгыларазы рыжәҩахыр неибыҭо. Ааи, уи рмилаҭтә хаҿра  амырӡра, ахеиқәырхара амч ауп ирылзыршо.

Убри азы акәхап, август 14, 1992 шықәса рзы Аҧсны агәаҟра ианҭагыла аҽны инаркны рхатә гәаҧхарала арахь рыҿзаархаз  Нхыҵ-Кавказ инхо ашьхаруа жәларқәа раҧхьа инаргыланы еиуеиҧшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аҟабардақәа, абазақәа, аедыгьқәа, ачерқьесқәа, ачеченцәа, ауаҧсқәа, ашаҧсыҕқәа, аурысқәа, аказакцәа… Шьхала ихыҵны ҳаҧсадгьыл ҳацрыхьчарцаз хеигӡарак ҟамҵакәа иаауан ақәыҧшӡақәа инадыркны зықәра акыр инықәсхьазгьы.

 Убарҭ дыруаӡәкын усҟан зполитикатә ҭагылазаашьа рацәак иҭышәынтәаламыз Чечентәылантә август 21 рзы Аҧсныҟа амҩа иқәлаз, зхыҧхьаӡара 60-ҩык инареиҳаз, имаҷымкәа абџьари аџьаҧҳани иаҵаз, алегендартә фырхаҵа  Шамиль Басаев дызҧызаз «аиаша шьаҭас иззышьҭоу ахақәиҭразы» ҳәа гәҭакыс измаз раҧхьатәи агәыҧ иалаз, 80 шықәса ирзааигәахахьаз Ҳасан Хасухаџьиев. Уи Чечентәыла Шалитәи араион Авбури ақыҭа деиуан шьҭрала. Зхатәы ҧхӡашала ихандеиуаз, ишырҳәо еиҧш, зхәы иаҭәҳәаны зҭаацәа ныҟәызгоз дреиуан. Иҧсҭазаара зегьы  иқыҭаҿтәи  аколнхараҿы даарыхуан. Заа здунеи зыҧсаххьаз иашьа гәакьа ихәыҷқәа ҧшьҩык назлоу, жә-ҩык ахшара ааӡаны ршьапы иқәиргылеит. Досу рдырреи рылшареи иаҵанакуаз ала азанааҭқәа ҵаны рхы иахәартә еиуеиҧшым анаплакқәа рҟны аусқәа руан, Аҧсны аибашьра аӡбахә анраҳауаз.

Аҧсны уи ажәлари реиқәырхаразы амҩа иқәлаз иаб, ишьҭахь мышқәак рнаҩс арахь дааит Ҳасан иҧа 22 шықәсхыҵра ҧшьымш агхаз, аргылаҩ изанааҭ змаз Сеидыҟ (Мусса) Хасухаџьиевгьы. Деибашьуан уи Ешыратәи ахырҕәҕәарҭаҿы. Август 31, 1992 ш. рзы арратә дҵа анагӡараан дҭахеит фырхаҵарыла.

Ирҳәом баша, зыхшыҩҵак аҧсҭазаара иҧнашәахьоу ажәақәа: «уанхаҵаха, узықәшәазаалак аҟны угәы каумыжьроуп. Уаиааироуп узықәшәаз. Ауаҩы ицәа иҭамӡо ҳәа акагьы ыҟам. Иухоумыршҭлароуп амца аҟны аиха шыӡрыжәхо еиҧш, ауаҩы ихдырреи иҕәҕәареи ахьеизҳауа агәаҟраҿы шакәу» – ҳәа.

Ҳасан иҧа, ишаҧу еиҧш,  инырцәымҩа дықәҵаны деиҭахынҳәит Аҧсныҟа, дызцыз  агәыҧ рахь. Амцаҧшь иаҩызаз зхатәгәаҧхарала еибашьуаз арҧарцәа ирхылаҧштәын, имҩақәҵатәын рхымҩаҧгара ибааҧсу ахылымҵырц, Ҳазшаз илаҧш хара ирҟәыгамхарц, урҭ зегь рзы уи иашьапкреи  имҵаматанеиреи мҩаҧгалатәын. Зыуаажәлар рхәыцра зцәеижьаҿы изылаҧызшәахьаз абырг шлара шкәакәа, зааӡаратә ҵакы ҳаракыз иажәа шәан-изан вбак узамҭо, дцәажәон ицқьаны, иҧсыҧ абжьыҵәҟьа умаҳауа ираӡаны, аха ахҭа иҭарҧшны. Иажәа ҧхылдан, иҟәыҕан, ажәакала хәарҭа дуун.

«Аҧсны зықәшәаз арыцҳара, Чечентәылазы ихьаа дууп. Еиҵагыло абиҧарақәа аамсҭашәала рааӡаразы, Кавказ ианакәызаалак абыргцәа рхаҭара акырӡа аҵанакуан. Убри азоуп сара арҭ арҧарцәа сызрылагылоу» – иҳәеит Ҳасан иҿцәажәарақәа руак аан.

– Аҧсуаа рхақәиҭразы ақәҧара аҧхьагылаҩ, ажәлар маҷқәа рзинқәа рыхьчаҩ, Кавказ аҵеи лаша Владислав Арӡынба дахьиз Ешыра ақыҭа ҧшӡоуп даара. Аамҭала уи аҵара ахьиҵоз абжьаратә школ ашҭаҿоуп сара сҧа Сеидыҟ дахьҭахаз, – инациҵан иажәа, дааҭгылеит маҷк. Анаҩс, инапаҿы ирҽны иикыз агазеҭ «Республика Абхазия» ааиҵихын, Лев Лиубченко иеицырдыруа ицәаҳәақәа, аҵыхәтәантәи ацәаҳәа еиҳа  иналкааны днаҧхьеит:

Абхазы, абхазы, вас мало,

Нечестный, неправедный бой!

Но танк не страшнее кинжала,

Когда твои братья с тобой!..

Ааи, аҵыхәтәантәи ацәаҳәа ала иҳәеит абырг гәаҭа лаша иҳәарц иҭахыз зегьы, хаҭала ихымҩаҧгашьала ирҵабыргуа уи аҵакы.

30 шықәса раҧхьа Аиааира наӡа ҳзаазгаз, зыхьӡқәа ахааназгьы еиҵагыло абиҧарақәа икамыршәкәа, ашәышықәсақәа иргәылганы еимырдало Чечентәыла аҵеицәа иреиуоуп: Хамзат Ханкаров, Иса Арсаликов, Куреиш Алаудинов, Лом-Али Чачаев, Алхазур Сулеиманов, Ҭемирбулат Ахмадов, Абуазид Ахьиадов, Умулат Дашаев, Адам Саипулаев, Сулҭан Дакаев, Магомед Абубакаров, Турпал-Али Атгериев уҳәа убас аӡәырҩы.


М. Амзацба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me