Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳҵеицәа ршьала икәабоу аҭыҧ

Аҧхынра ишаҧу еиҧш, ашоура даара ицәгьоуп. Насгьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы адунеи зегьы аҟны аҳауа аҽаҧсахт.

Еига убас акәзаргьы Аҧсны иҟоу аҧсабара, аҳауа зҩыда, амшын, ашьхарантә илбаҽҽо ҳӡиасқәа уҳәа аҧсеивгара ҳарҭоит. Аха рыцҳарас иҟалаз, иахьа ари Анцәа идгьыл иқәынхо ҳарҭ ҳҭыҧ ҧшӡарақәа, ҳҭыҧ ҧшьақәа пату рықәҳамҵо ҳалагеит.

Аҧсуа нхаҩы ахаангьы иашҭа-игәара дацклаҧшуан. Аҧшәмаҧҳәыс ашьыжь дҩагыланы, лааҵра,лашҭагәара зҳәаз еиҧш лрыцқьаанӡа, шьыжьхьа лфаӡомызт.

Ишаҳҳәаз еиҧш, ашоура бааҧсуп. Ҧсшьара ҳәа иаауа ауааҧсыра, шамахамзар, амшын аҟны рҽыркәабоит. Ҳауаажәлар ракәзар, еиҳа хшыҩзышьҭра рырҭоит ҳашьхантә илбаауа ҳӡиас хазынақәа. Ҳауаажәлар ҧыҭҩык реиҧш, сҭаацәагьы саргьы зны-зынла Гәымсҭа аӡиас ашҟа ҳнеилоит, ашоура  аҟынтә маҷк аҧсеивгаразы. Хыхь ишазгәасҭаз еиҧш, араҟа зыҧсы зшьо аҭыҧантәи ауааҧсыра роуп, ҧсшьаҩык улаҧш дыҵашәом.

Гәымсҭа аӡиас аҟәара снылагылацыҧхьаӡа марттәи ажәылараан иҭахаз ҳаҷкәынцәа рыбжьы сгәы иқәыҩуашәа сааҟалоит. Ахаҳәқәа ршьала ишәушәа сыла иаахгылоит. Иҧшьоу ҭыҧны сахәаҧшуеит. Аха шьоукы-шьоукы рзы, ари аҭыҧ гәамкаҧсарҭахеит. Ана-ара амца ахьеиқәырҵоз аҭыҧқәа рҟны иаакәыршаны икажьуп зеиуа хкы уҭаху агәам. Сыла иабоз, ҩныҵҟала ҕәаҕла сеиланаршуан. Аха иказыжьыз дсыздыруамызт аҟнытә, сгәаҕ зхызгоз дызбомызт.

Мышқәак раҧхьа аӡиас аҟны ҳаҟазааран, ауааҧсыра даара ирацәан. Амца ана-ара еиқәҵаны итәан. Сыкәша-мыкәша избоз агәам-сам сыхшыҩ сахнахуан. Ус, ҳнаҩсан, инасҭхашәа итәаз аҧсуа ҭаацәара, рхәыҷқәа рыманы акрыфара хдыртит. Ахәыҷқәа ирфоз, ирцәынхоз аҧырҳәа иршәны Гәымсҭа иналарыжьуан, аӡыхаақәа зҭоу апластикатә паҭлыкақәа ирууаӡа идыршәуан. Убриаан ахәыҷқәа ран знызаҵәыкгьы иҟашәымҵан ҳәа ралымҳәеит.

Ҟазшьас исымаӡам «сус злам, сымҳаҵә алаҵара», ауаагьы сырзыҵҟьо сыҟаӡам. Аха абри избаз ахымҩаҧгашьа сычҳара ҧнашәеит. Исылмшеит аҽынкылара. «Ахәыҷқәа иҟарҵо бымбаӡо? Абас аума ишыбааӡо? Арҭ аҧхьаҟа ишҧаҟалои?» – ҳәа ласҳәеит. Аха аҧсуаа ҳҟны ишырҳәо еиҧш, «ала шуан, аҽы ҳәуан». Исҳәаз хьаасгьы илымкит.

Ҳарҭ ауаажәлар ҳахдырра ҟамлакәа, ҳахьынхо ҳаҧсадгьыл аҟны ахаан ацқьара ҟалаӡом. Акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа аӡәаӡәа ҳадургыларгьы, ацқьара ҳзеиҿкааӡом. Сара икасыжьлап, уара иҧссалаҳәа доусы ҳалагар, агәам ҳхыҵәоит.

Ахәыҷы дшыхәыҷӡоу илааӡатәуп ахымҩаҧгашьа. Уи зегьы раҧхьаӡа иргылан изылшо ан лоуп. Ан лхәыҷы илырбо аҿырҧштәы гәнимкыларц залшом. Зыӡбахә сҳәаз ан леиҧш ахәыҷқәа зааӡо, ахаангьы ирзеилкаараны иҟаӡам ахымҩаҧгашьа иаҵанакуа.

Шәнеила аӡхықәахь, шәыҧсы шәшьала. Аха убри аан ишәхашәмыршҭын Гәымсҭа аӡиас аҭоурых. Ишәхашәмыршҭын уаҟатәи ахаҳәқәа, ҳашьцәа ршьала ишкәабоу. Насгьы даҽакы. Иахьа Аҟәа абжеиҳарак ӡыржәтәла еиқәзыршәо Гәымсҭа аӡиас ауп. Ус анакәха, аӡы зыҭганы ишәжәуа аҵеџь шәымҟьалан. 


Ш. Торчуа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me