Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳаԥсадгьыл имӷьаӡо ахәрақәа азынзыжьыз, аҟазаареи аҟамзаареи рхықә аҟны ҳназгаз, 1992 шықәсазтәи амш хлымӡаахқәа ируаку август 14 рзы Аԥсни аԥсуа жәлари зҭашәаз агәаҟ-ажәабжь наҩит адунеи акәакьҭақәа иахьабалак.

Уи заҳауаз зегьы еиԥшны иаурыдыркылахуаз. Аха, иҟан аԥсуаа ҳазҭашәаз арыцҳара ду хатә рыцҳарас иԥхьаӡаны згәы амца ацралаз. Зшьам дгьыл иахырбаауаз аԥсуаа ацхыраара ҳаҭаразы зҽазҵәылхны игылаз. Зегь раԥхьаӡагьы урҭ Нхыҵ-Кавказ иқәынхоз ҳаешьаратә жәларқәеи мшын нырцә иҟоу ҳџьынџьуааи ракәын. 

Август 15 рзы, Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа ахыхьчара ахеилак ахантәаҩыс иҟаз, арратә зыҟаҵареи аԥышәа дуи змаз аполковник гәымшәа Сулҭан Сосналиев ԥызара ззиуаз, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа раԥхьатәи ргәыԥ - Ҟабардаа рарԥарцәа «шәгәы кашәмыжьын, ара ҳаҟоуп» ҳәа иааит Гәдоуҭа. Анаҩс, есымшааира еиуеиԥшым амилаҭқәа еидызкылоз Аахыҵ-Уаԥстәыла, Алада Урыстәыла, Приднестровиа, Москва, Санкт-Петербург уҳәа рҟнытә хатәгәаԥхарала иааны иҳацеибашьуаз рхыԥхьаӡара иацлон. Ҵабыргыхаҭаны, азныказы ауаҩы ихаҿы аагара ицәыуадаҩуп урҭ арԥарцәа арахь ирыхоз амч закәыз аилкаара?! Аха, хаҭала ршьа-рда иалаз аиаша азықәԥареи, ҳажәларқәа рдоуҳа акзаара агәаӷь иахылҵуаз агәеизыбылреи агәаӷьреи ракәын уи, ҳәарада. Уи ҳҵеицәа гәымшәақәа ргәашьамх арҵаруан, рымч-рылша ҩбанатәуан.

Зхыԥхьаӡара ҩ-нызқь иреиҵам хатәгәаԥхарала ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчоз рахьтә рыԥсы цқьақәа ҳахҭнырҵеит 260-ҩык инареиҳаны, 18 жәлары рхаҭарнакцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәылаа рҵеицәа 13-ҩык.

Ҳџьынџьхеиқәырхаратә еибашьра иалахәын ауаԥсаа еидызкылоз, дара рҟны – Аахыҵ Уаԥстәыла аҭагылазаашьа шҭышәынтәаламызгьы, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы мраҭашәаратәи мрагыларатәи ахырхарҭақәа рҟны еибашьуаз агәыԥқәа хәба. Раԥхьа иааз иреиуоуп 57-ҩык зхыԥхьаӡара наӡоз, Валери Хубулов командаҟаҵаҩыс дызмаз, Гагреи Гәымсҭеи ахыхьчаратә цәаҳәақәа рҿы зхы аазырԥшыз агәыԥ. Анаҩс, 120-ҩык еидызкылоз, Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭаҿы еибашьуаз Алан Џьиоев ԥызара ззиуаз. Ахԥатәи – Марттәи ажәылараҿы иҭахаз Лев Наниев игәыԥ, 31-ҩык рыла ишьақәгылаз. 1993 шықәса ииультәи ажәылара аламҭалаз иааит Аԥсныҟа 150-ҩык аршьаҟауаа рыла ишьақәгылаз, «Цхинвалтәи», «Владикавказтәи» ҳәа ҩ-хәҭа хадакны еихшаз, Бибо Ӡуцуев ԥызас дызмаз агәыԥ. Ахәбатәи – «Алан» ҳәа ахьӡ змаз, 22-ҩык еидызкылоз Иракли Хубулов дзыԥхьагылаз агәыԥ Тҟәарчалтәи аполк аилазаара иаҵанакуан.

Арҭ аибашьцәа рахьтә ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз дыруаӡәкуп, 20 шықәса зхыҵуаз (сынтәа диижьҭеи 50 шықәса ҵуеит) Робин Хазби-иԥа Козаев. 

Диит Робин Аахыҵ-Уаԥстәыла Цхьынвал ақалақь аҟны, ауаԥс милаҭтә интеллигенциа рхаҭарнакцәа рҭаацәараҿы февраль 21, 1973 шықәсазы. Цхьынвалтәи ахԥатәи абжьаратә школ аҟны 1988 ш. иҵара хыркәшаны, қәҿиарала аԥышәарақәа дырхысны, Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, аурыси атәым бызшәақәеи рыҟәшаҿы идыррарҳара иациҵоит. 

Робин дхәыҷаахыс иҩызцәа рыгәрагара ицын, уи ианакәызаалак аус лашақәа дрызиашан, аҟәыӷареи хара анаԥшреи иман, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан иҟазшьамызт баҩ злам ацәажәарақәа аҽрыҭара, ԥыжәара зиҭоз ахшыҩ ҵаула акәын. Убри аҟнытә ауп, иҵара анагӡаха имаӡакәа иԥсадгьыл ақырҭуа қәылаҩцәа рҟнытә ашәарҭа ианҭагыла, ахәыцра иҽадмырхалакәа иаразнакы абџьар дзаҵагылагьы.

Ишдырру еиԥш, Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра иалагаанӡагьы, 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭа инаркны аҭагылазаашьа уадаҩын. Аполитикатә еибашьра цон Қыҭтәылеи дареи Иреиҳаӡоу рхеилакқәа ирылахәыз рыбжьара, аимак-аиҿак еиҳа-еиҳа аҽарҵаулон. Робингьы истудентра ашықәсқәа инадыркны агәра игахьан, дук мырҵыкәа идгьыл гәакьа, уи аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахьчаразы, ижәлар хьаҵшьа рымамкәа аԥсреи абзареи инарыбжьамгылар ада ԥсыхәа шыҟамлоз.

Усҟантәи аамҭаз зегьы ирылшомызт, Робин иеиԥш иқәыԥшыз ракәым, иҵегьы иеиҳабацәазгьы, амилаҭтә қәԥараҿы изықәныҟәатәу апринцип хадақәа инарҵауланы реилкаара.

Зыхшыҩ ҵарыз Робин идыруан Кавказ ажәларқәа реидгыларала ишыӡбахо Кавказ зегьы аҟны аҭынчреи, ажәлар маҷқәа рхақәиҭреи рхьыԥшымреи аус, иныруан уи азы ихадоу, аус аӡбаразы иарбан мҩақәоу иалхтәу.

Уи иҭышәынтәалахьаз арԥыск иаҳасабала ижәлари Кавказ иқәынхо ажәлар маҷқәеи реиқәырхаразы дазыхиан иарбан усзаалак ҳаҳәхьачарада анагӡара. Убри азы акәхап 1993 ш. ииультәи ажәылара аламҭалазы иашьеиҳаб Артур дицны дзааз Аԥсныҟа.

Робин иабшьҭра Аԥсны ибзиаӡаны зыӡбахә рдыруа роуп. Иаб иашьа – Козаев Исидор – еицырдыруа ауаԥс поет, Аахыҵ-Уаԥстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла кыр шықәса аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс аус зуаз, аӡәырҩы аԥсуа поетцәа рҩымҭақәа ауаԥс бызшәахьы еиҭазгахьаз, Аԥсны жәлар рпоет Нели Ҭарԥҳаи Кәымф Ломиеи акырынтә ирҭаахьаз рҩыза бзиа. Аҩбатәи иаб иашьа – Козаев Петр – кыр шықәса раахыс Аԥсны, Гәдоуҭа ақалақь аҟны инхоз, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирывагылаз аҵыхәтәанынӡа. Иаб – Козаев Хазби – ауаԥс литературатә критик, алитература-критикатә статиақәеи ажәабжьқәеи реизгақәа акыр равтор. Аамҭала Москва, Алитературатә институт аҟны Аԥсны жәлар рпоет Платон Бебиеи иареи аҵара еицырҵон. Иан – Габараева Иулиа – Москватәи ахимиатә институт даушьҭымҭоуп, кыр шықәса раахыс Аахыҵ- Уаԥстәылатәи аҳәынҭуниверситет аҟны аус луан. Иашьа Артури, иаҳәшьа Изабеллеи аҭыԥантәи еиҳау аҵараиурҭа иастудентцәан.

Зхәыҷра шықәсқәа инадыркны Аԥсни аԥсуа жәлари рыӡбахә зыҩнаҭаҿы изаҳауаз, урҭ рдоуҳа иалааӡаз Робин «сара саџьал Аԥсноуп иахьыҟоу» иҳәалон лассы-лассы аҵыхәтәантәи аамҭазы, - рҳәоит иҭынхаҵәа. Илахьынҵа заа иныруазар акәхарын…

Дҭахеит Робин Козаев август 7, 1993 шықәсазы.

Ауаԥс Робин иеиԥш шәҩыла зыԥсҭазаара ақәҵаны ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчаз, Кавказ шла аҵеицәа-афырхацәа ргәалашәара, ҳажәлар рҭоурых аҿы хашҭра рықәӡамкәа наунагӡа иаанхоит. Урҭ реилҟьареи рыгәаӷьреи шәышықәсала абиԥарақәа еимырдалоит аиашьареи, ахаҵареи, ахамеигӡареи ирҿырԥшыганы.

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me