Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Саб иҩны сыҟоуп»

Елена Соколовскаиа еиҭалҳәеит Аҧсны ҵакыс иамоу лара лзы.

–Сара Елена сыхьӡуп, исыжә­лоуп Соколовскаиа. Исхыҵуеит 44-шықәса. Сиит, сааӡеит ақалақь Ростов. Уажәы сынхоит Москва, аҭаацәара салоуп, хҩык ахәыҷқәа срануп. Сыҧсҭазаараҿы избахьоу рацәоуп: ацәгьа, абзиа, аибашьра, иузааигәо ицәыӡра, ибзианы издыруа цәаныррақәоуп.

Схәыҷра ашықәсқәа инадыркны, сара саб исзеиҭеиҳәон иҧсҭазаара иалагаӡаны дахьыҟаз атәылақәа рҿы иибаз, иаҳаз, игәникылаз зегьы. Иара дыҟан Ермантәыла, Испаниа, Венесуелла, Урыстәыла иаҵанакуа ақалақьқәа акыр рҿы. Аха, изныкымкәа исзеиҭеиҳәахьан Аҧсынтәыла иазкыз ажәабажьқәа. Аҧсны аҭоурых зегьы идыруан. Аҧсуа гәыцқьа изҭан. «Страна души моя Апсны» – иҳәон иажәабжьқәа реиҭаҳәара хациркаанӡа. Аҧсны ахьаа, иара ихьаахеит 1992-шықәсазы аибашьра хлымӡаах аналага. Саб амашәыр ҕәҕәа дахьақәшәаз иахҟьаны ишьапқәа ицәыӡхьан. Аибашьра дцартә алшара шимам атәы идыруан.

Аҧсны инхон иҩызцәа гәакьақәа, иара ишиҳәоз ала иашьцәа. Зегьы еибашьуан, рыҧсадгьыли рыжәлари рыхьчон. Изныкымкәа, иҩынтәымкәа дцарц иақәиклон. Аха даанаҳкылон. Аҧсны иҟалаз атрагедиақәа: Лаҭатәи, Марттәи ажәылара уҳәа зынӡа ддырчмазыҩуан. «Схаҭа уа сыҟамзаргьы, сгәи сыҧси уаҟа иҟоуп», – ҳәа иажәа иалан еснагь.

Цәыббрамза 30-ныҳәа духеит ҳара ҳзы. Саб ицәаныррақәа рылацәажәара цәгьоуп. Хара имгакәа ҳаҭааит Аҧсны. Аҧсны ҧшӡа, усҟантәи акәӡамызт. Аҳәаа ҳанахыс «наконец-то я дома» – «сыҩны сыҟоуп» иҳәон инапы игәы иадҵаны.

Аҧсны ахәрақәа игәы идырхьуан, ддырҵәуон, ибон ашәы зшәыз аҳәсақәа, ргәырҩа ахьынӡаҵаулоу, рыблақәа ирхыубаалартә иҟан. Шаҟа ҧсҭазаара ҿахҵәеи? – агәҭахәыцрақәа нҵәашьа рымаӡам, аха аҭак ҟаҵашьагьы ыҟаӡам. Ауаҩы даныҷкәыноу еиҳа иҽацәигоит, аха зықәрахь инеихьоу изы ихьанҭоуп.

Аҧсны ҳанаҭаалакгьы раҧхьаӡа ҳаангылон Гагра ақалақь, амшын аҟәараҿы игылаз аҩнқәа руак аҟны. Аҧшәмаҧҳәыс Сусанна лыхьӡын. Амшын аҟәараҿы амра агылара ианалагалак саб дцаны ахаҳә аҟны дтәон. Саргьы снаиватәон, ҳҩыџьагьы ҳхәыцрақәа ҳаашьҭырхуан.

Аҧсны ҳахьынӡыҟаз, саб есиааира иажәа иалаҵаны иҳәон, «исҭахӡам Ростовҟа сцар, уаҳа сшымаауа здыруеит, араҟа саанхар сҭахуп». Мап ицәаҳкуан хымҧада, ара дааныжьны ҳашҧацоз.

Аҩныҟа ҳхынҳәырц ҽнак шагыз, ашьыжь сцәа ҧша хьшәашәак наласит, саанарҧшит, снаҧшит амшынахь, саб аҟәараҿы диан. Сыҩны сцеит, ажәҩан даҵаҧшуан, инапқәа игәы иқәын, дыхьшәашәахьан…

Саб иҧсҭазаара далҵит Аҧсны. Аҧсны ауп иҧсы ахьыҟоу. Есы­шықәса сизаауеит имаҭацәа сыманы. Аҧсны аҳәаа сахысны саналалалак, «я у папы дома»– сҳәоит еснагь. 


Сандра Бениаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша 2-тәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me