Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урҭ ршьа рыҧхьеит

Урҭ ршьа рыҧхьеит Дыгов Мухамед Ауес-иҧа | Канукоев-Трунов Руслан Геннади-иҧа

Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы аҧсуа жәлар ашәарҭара иҭагылеит. Аҧсуаа ргәырҽанӡамкәа ақырҭқәа рыжәлеит. Ҭоурыхла ибеиоу ҳаҧсадгьыл Аҧсны ақырҭуа инапаҟны иааигарц иақәикит. Аха ҳашьцәа гәкажьрак ҟамҵакәан, рҽааидкылан еихеит ҧхьаҟа.

Аибашьраан аҧсуа жәлар иҕәҕәаны адгылара роуит Нхыҵ Кавказынтәи.

Нанҳәамза 15, 1992 шықәсазы аҧсуа жәлар ирыцхраарц хатәгәыҧхарала аибашьцәа раҧхьа дгыланы Аҧсныҟа дааит Сулҭан Сосналиев. Урҭ рхыҧхьаӡара ҩ-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит.

Аҧсны рхы ақәырҵеит 260-ҩык. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Ҟабарда-Балкариантәи иааз Дыгов Мухамед Ауес-иҧеи Канукоев-Трунов Руслан Геннади-иҧеи. Рыҧсҭазаара ианалҵуаз Мухамед 20 шықәса ракәын ихыҵуаз, Руслан 19 шықәса. Иахьа рыҧсы ҭаны рыуаажәлар ирылагылазҭгьы 50 шықәса рхыҵуазаарын.

Дыгов Мухамед Ауес-иҧа диит ажьырныҳәамза 4, 1973 шықәсазы Ҟабарда Бақсан ақалақь аҟны. Уаҟа далгеит абжьратә школ №2. Анаҩс аҳасабеилыргара акурсқәа дырхысуан. Уи ашьҭахь аҵара иҵон атехникатә абжьаратә ҵараиурҭа аҟны. Иҵара аныхиркәша арратә уалҧшьа наигӡон Москва.

Ауес Тоукан-иҧа иҧшәма­ҧҳәыс Светланеи иареи ҧшьҩык ахшара рааӡон. Мухамед зегьы дреиҳабын, анаҩс ҩыџьа иаҳәшьцәа Замиреи Халимати, иашьеиҵбы Муаед.

Аибашьра ианалага, Мухамед Аҧсныҟа дааит цәыббрамзазы. Иара далан Гена Карданов икоманда. Деибашьуан Мрагылареи Гәымсҭатәи афронтқәа рҟны.

Ҭагалан инаркны Аҧсны аҭагы­лазаашьа еиҳа-еиҳа ицәгьахон. Убысҟан Гена 13-ҩык ауааҧсыра ицны Мрагыларахь рхы дырхеит. Урҭ рхыҧхьаӡара аҟны дыҟан Мухамедгьы.

Абҵарамза 30 рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан иҭа­хаз итәылауаа: Абаев Руслан, Хагабанов Арсен, Харунов Леонид аҵыхәтәантәи рымҩахь ианынаскьаргоз аҽны ауп Мухамед аибашьрахь дыҟазижьҭеи иҭаацәа рыбла аҭаҧшра аниаӡаз.     Иааигәахон 1993-тәи ашықәс ҿыц. Аҧшьбатәи амш аҽны иара ихыҵит 20 шықәса. Аамҭала Аҧсны иҭынчран. Убри азы дхынҳәуеит иҩныҟа, иҭаацәеи иареи имш иира еицазгәарҭарц азы. Светеи Ауиеси ргәырҕьара ҳәаа амамызт. Ргәы иаанагон рыҷкәын шьҭа раҧхьа дыҟазаауеит ҳәа, аха иара дшыхынҳәуаз атәы реиҳәеит. Иҳәон даангыларц азы, аха даанымгылеит.

Ажьырныҳәамза, 1993 шықәсазы Карданов игәыҧ Тҟәарчалҟа идәықәҵан.

Жәабранмза 19 аҽны ҳаибашьцәа аҧшыхәра ицеит. Ианыхынҳәуаз рымҩа аҕацәа акәшаны иркит. Аиҿахысра ҕәҕәа ҟалеит. Араҟа дҭахоит Мухамед Дыгов. Хәымш иҧсыбаҩ рырҭаӡомызт, анаҩс еиҭнырыҧсахлеит итҟәаны ирымаз ақырҭқәеи иареи. Дыгов Мухамед Ауес-иҧа ианашьоуп «Леон» иорден.

Канукоев – Трунов Руслан Геннади-иҧа диит жьҭаарамза 5, 1973 шықсазы. Далгеит Лечинкаитәи абжьаратә школ. Анаҩс Нальчик ақалақь аҟны дҭалоит абжьаратә техникатә ҵараиурҭа. 1990 шықәсазы дҭалоит Ҟабардатәи аҳәынҭқарратә университет ақыҭанхамҩатә механизациа ахырхарҭала.

Нанҳәамза 16, 1992 шықәсазы аибашьара ахалархәразы хатәгәыҧхарала Ҟабардантәи Аҧсныҟа дааит. Деибашьуан Гәымсҭа афронт аҟны. Жьҭаарамза 2, 1992 шықәсазы Гагра ахақәиҭтәра азы аҕацәа дырҿагылан. Анаҩс иара диасуеит Мрагыларатәи афронт ахь. Ихы дамеигӡакәа аибашьцәа рыгәҭа дыҟан еснагь.

Жьҭаарамза 26, 1992 шықәсазы уи дызлаз агәыҧ Очамчыра ақалақь рнапахьы иааргарц рыӡбеит. Араҟа аиҿахысра ҕәҕәақәа руак аан иҩызцәа шихьчоз, ихаҭа фырхаҵарыла дҭахоит.

Канукоев – Трунов Руслан Генади-иҧа дҭахеит жьҭаарамза 26, 1992 шықәсазы. Ианашьоуп «Леон» иорден.

Ҳара иахьа иҳамоуп аҭынчра. Уи аҭынчра зыбзоуроу абас еиҧш иҟаз, ҳәатәеиқәшәарыла ҧхьаҟа ицоз, афырхацәа гәымшәақәа роуп.


 Саида Ҳаразиаҧҳа,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша 1-тәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me