Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Рныҟәарақәа ирыцырҵоит

Мышқәак раҧхьа Аҧсны иаҭааз ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа есҽны еиуеиҧшым аҭыҧқәа ирҭаауеит.

«Ахьышьҭрахь» ҳәа хьӡыс измоу аҧхынтәи алагер аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа ирыман алшара Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҭаара. Абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа хаҭала ахәыҷқәа рзы аекскурсиа мҩаҧигеит ашәҟәыҧхьарҭа аҩнуҵҟа. Уи ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит абиблиотека аҭоурых, идирбеит акыр шықәса зхыҵуа, 1840 шықәса рзы Франциа иҟаҵаз, аҵыхәтәантәи аҳ ишьқаҧ.

Ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа иара убасгьы идырбан раҧхьаӡа акьыҧхь збаз «Алафқәеи ахьӡыртәрақәеи» зыхьӡу Дырмит Гәлиа ишәҟәы, раҧхьатәи анбан. Ахәыҷқәа ракәзар, иҟоу ашоуреи, рааҧсареи акыр ишырныҧшуазгьы, зҿлымҳара дула ирзеиҭарҳәоз иазыӡырҩуан, аинтерес рыман. Ашәҟәыҧхьарҭа аҩнуҵҟа имҩаҧгаз аекскурсиа анаҩс, аҩбатәи аихагылаҿы еиҿкаан ахәыҷқәа официалла рҧылара ахәҭа. Уи иалахәын аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа. Аиҧылараҟны дықәгылеит, хаҭала ахәыҷқәа ирызкны ииҩыз ажәеинраалагьы даҧхьеит апоет, апрозаик Анатоли Лагәлаа. Уи иажәеинраала ацыҧҵәаха ааҳгоит.

Ҳара ҳашьхақәа гәырҕьоит ианырбауа рҵеицәа,

Амҵәыжәҩақәа аиуеит Аҧсны!

Ажәытәтәи афырхацәа, агәымшәақәа, аҕьеиҩцәа,

Рхылҵшьҭрақәа ҳзааит игәыкны!..

Ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа рҧы­лара хадырҭәаауан Аҧснытәи ашколхәыҷқәа рықәгылара. Урҭ аҧсышәала ажәеинраалақәа ирыҧхьон. Аибашьраан иҭахаз апоетесса Саида Делҧҳа лашәа налыгӡеит ашәаҳәаҩ қәыҧш, «Ты Супер» аҟны аҧхьахә згаз Валериа Адлеиба.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me